АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҿы имҩаԥысит аноминациа  «Адгьылсахьа-парктә дизаин, ҳаамҭазтәи архитектуратә ӡбамҭақәеи апеизажтә ҿыханҵеи» ала апроект «Смотри сердцем» азы Жәларбжьаратәи аекологиатә премиа «ЭКОМИР-22» алуреат Асида Аҳәба адипломи амедали ранашьара ацеремониа мҩаԥысит. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент адырра иоуит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҿы.

Аусҩаԥгатә ихы алаирхәит акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Ԥхынҷкәынмза 7 рзы Москва ақалақь, Аҵарауаа Рыҩны Хада аҿы Жәларбжьаратәи аекологиатә конкурс  (апремиа) «ЭкоМир-2022» алахәылацәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит. Жәларбжьаратәи аекологиатә Премиа «ЭкоМир» иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи аекологиатә шәарҭадара ашьақәыргылареи , иара убас XXI ашәышықәа азы иҭышәынтәалоу аҿиара иазырхоу егьи ахырхарҭақәа рыла аекологиатә усура аҿы иналукааша аихьӡара дуқәа рзы иранашьахо ауаажәларратә ҳамҭаны иҟоуп. 

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа рыла комплексла ареидттәии апрофилактикатәии аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 1242 рҟынӡа амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 107 автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара азы, 108-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.   Амаҵуратә ргыларҭа аҿы иргылоуп аԥҟара еилазгаз равтомашьынақәа хәба. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа жәабранмза 20, 2023 шықәса рзы иҭижьыз Аусԥҟа № 63 инақәыршәаны, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Быҭәба Вальтер Сергеи-иԥа «амилициа аинрал-маиор» ҳәа  изаамҭанытәиу иҷыдоу арратә хьӡы ианашьоуп.   

Ашәахьа, 20 Жәабран 2023 14:58

БЗЫԤ АӠИАС АҨХАА АҾЫ АСЫԤСА ЛЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Бзыԥ аӡиас аҩхаахьы, Аӡиа Иаҵәа аганахьала илеиз асыԥса аӡиас аӡышьҭра анаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу  аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа изаамҭанытәиу арратә хьыӡқәа ранашьара азы Аусԥҟақәа инаны рыҵаиҩит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы, аполковник Киут Роберт Витали-иԥа «аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ианашьоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Аусбарҭа анапхгаҩы, аполковник Дбар Дмитри Сергеи-иԥа «аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ианашьоуп.  

 

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 25 рзы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи Аԥснытәи ар Мрагыларатәи афронт аҿы ахьчаратәии ажәыларатәии аибашьрақәа  30- шықәса ахыҵра иазкны Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан арра-ҭоурыхтә експедициа «Ахьӡ-Аԥша амҩақәа рыла» еиҿнакаауеит.

Аекспедициа апрограмма  аҿы иҟоуп:

1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи ақыҭеи араиони рактиви, Маркәылтәи абжьаратәи ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рԥылара;

Аԥсны ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟақәа рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара;

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ихыркәшахеит 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуаз Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023ш.»

Афестиваль Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы адгыларала имҩаԥысит. Аԥсны Амилаҭтә Банк Тамшь иалҵыз ԥшьҩык Аԥсны Афырхацәа –   Асҭан (Заза) Занҭариа, Аслан Занҭариа, Даур Занҭариеи  Сҭеԥан Занҭариеи ргәалашәара ахьӡала иҷыдоу аҳамҭақәа аԥнаҵеит. 

Атурнир хада рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа ашахматасыҩцәа.

Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алнаршеит. Ашахматасыҩцәа ахәмаррақәа мҩаԥыргон иҭбааҭыцәу, иманшәалоу, аԥхара зыҩноу ауадақәа рҿы. Асоура шыҟазгьы, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи даара  ибзианы рхы рбон, ргәалаҟазаарагьы бзиан.

Актәи аҭыԥ ааникылеит Павел Смирнов (ақ. Кисловодск), аҩбатәи – Арсени Несторов (ақ. Нижни Новгород), ахԥатәи – Давид Закариан (ақ. Шәача).

Амилаттә реитинг змоу ашахматасыцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Ҭемыр Шанаа (ақ. Очамчыра), аҩбатәи – Трисҭан Кәарацхьелиа  (ақ. Аҟәа), ахԥатәи  – Артиом Табариан (ақ. Аҟәа).

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳә́ынҭқарратә Дума адепутатцәеи рыбжьара ҩ-ҳәынҭқаррак ртәылуаҩра аиура иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбаразы Аԥсни Урыстәылаеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара атема ала аконсультациақәа мҩаԥысит.  

Хара имгакәа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы иарбоу Аиқәшаҳаҭра аратификациа мҩаԥысраны иҟоуп. Аԥсны ари Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит ԥхынҷкәынмза 30, 2022 шықәса рзы. Аиқәшаҳаҭра азинмчы аиуоит аратификациатә шәҟәқәа реимадара ашьҭахь.  

Аиқәшаҳаҭра азинмчы анаиулак ашьҭахь Урыстәыла атәылауаҩрахь рыдкылара аҭагылазаашьақәа ҳәаақәҵахоит Ур

Аҟәа. Жәабранмза 19,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.  

Аиԥылара аҿы ашәарҭадара аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аусеицуреи актуалра злоу амшхәаԥштәи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа аҵыхәтәантәи аамҭа азы еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи асоциалтә аҳақәеи рыла аларҵәара зауз, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа ицара ахықәкыс иамоу азы иҵабыргым аинформациа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. ***

Жәабранмза 14 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит.  Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҟны аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра уи азы аинформациа ианаамҭаз рыҭара Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саити егьырҭ аҳәынҭқарратә информациатә ресурсқәеи рыла иалыршахеит.

Аха уи инашьҭарххны, еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәеи аинтернет-ресурқәеи рҿы Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа алалара ҟалар алшоит, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны уи астатус алацәажәара мҩаԥысуеит ҳәа  иҵаҵӷәыдоу аинформациатә дыррақәа рыларҵәара ҟалеит. Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсныгьы, ауаажәларратә еиҿкаарақәагьы уахь иналаҵаны, џьоукы-џьоукы арҭ адыррақәа рыларҵәара иалагеит.

Иџьоумшьар залшом, хыхь иарбоу атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи аӡәгьы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа ахь Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа иусуратә визит ахықәкқәа рзы алаҵәара зауз аинформациа  азы изеиԥшразаалак аилыркаарақәа раиуразы иадымҵаалаӡеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.