АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара аҿы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы «Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи еизакны раахәара азы»  атәыла анапхгаратә хықәкытә программа шьақәырӷәӷәахеит.  

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Апрограмма афинанстәра ареспубликатә биуџьет ахархәагақәа рыла имҩаԥысуеит. 2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы еизакны ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи раахәара азы иазоужьхоит 150 млн. мааҭ.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара аҿы атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы «1992–1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа азы» анапхгаратә хықәкытә программа шьақәырӷәӷәахеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Апрограмма афинанстәра иақәхарџьхоит 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 3,5 млн. мааҭ.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы анапхгаратә хықәкытә программа «Атәылауаа Аԥсны аҩныҵҟа еиԥш уи анҭыҵгьы рыхәышәтәра» шьақәнарӷәӷәеит.

Аусшәҟы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Апрограмма афинанстәра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет ахарџь ала. 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны анҭыҵ рыхәышәтәра иазоужьхоит 90 млн. мааҭ.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба Аҟәа ақалақьи араионқәеи аҷыдалкаатә зинмчы змоу апрокурорцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит.    Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Апрокурор Хада араионтә аҷыдалкаатә прокурорцәа ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Аилатәара иалахәыз арезонанстә ашьаусеилыргарақәеи апроцессуалтә гәаҭарақәеи рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.  

Аилатәара аҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа ртематика ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.

Аҟәа ақалақь апрокурорцәеи араионқәа рыпрокурорцәеи аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирыҵанакуа атерриториақәа рҿы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны аԥыԥшырҭатә усура аеффективра ашьҭыхра азы ақалақьқәа рымҩақәеи ареспубликатә мҩадуқәеи рҿы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы анапынҵақәа рыҭан.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  «Ареспублика Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ажьырныҳәамза  19, 2023 рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара ала 2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә мзар аиҭакрақәа алагалахеит.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 рзы аиашахаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа Анцәа Инаҭра Амш, мамзаргьы Анцәа Ицәырҵра (Ибара) ҳәа изышьҭоу аныҳәа азгәарҭоит.  

Ари амш аҽны Аҟәатәи акафедралтә Ныхабаа аҟны анцәамаҵзура мҩаԥигеит Аԥсуа Иашахаҵаратә уахәама ахада, аԥшьаҩеиҳабы Бассариан (Аԥлиаа).

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи Акафедралтә Ныхабааҟны анцәамаҵзура даҭааит.

Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Каман иҟоу Иоанн Ахьҿы иныхабаагьы даҭааит.

Анцәа Инаҭра Амш, мамзаргьы Анцәа Ицәырҵра (Ибара) ҳәа изышьҭоу аныҳәа – евангьелиатәи аҭоурых аҿы иҟалаз ахҭыс, Иоанн Анаҭҩы аӡиас Иордан аҿы  Иаса Қьырса аӡы данӡааих  амш аҳаҭыр азы иаԥҵахаз ақьырсиантә ныҳәа ауп. Аевангелиа ишарбоу ала, аӡы аӡаахра аан аҳәыҳә асахьа иманы ажәҩан аҟнытә дылбааит  Аԥаимбар; иара убри аамҭазы хыхьынтәи абас абжьы геит: «Ари сара сԥа иоуп, уи ицәырҵра ибзианы сышшәзыҟоу аанарԥшуеит» (Матфеи иҟынтәи Аевангелие.  3:17). Иоанн иҟынтәи  Аевангелие убасҵәҟьа Иордан аӡиас аӡқәа рҿы Иаса Қьырса инаҭреи Аԥааимбар ажәҩан аҟынтәи илбаареи атәы аҳәоит, аха уи ишиашоу акәымкәа, Иоанн Анаҭҩы иажәабжь аҳасабала ишьақәгылоуп. (Иоанн иҟынтәи Аевангелие. 1:29-33).     

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахаша, жәабранмза 15 рзы Алхас Барцыц ихантәаҩрала иацҵахеит жәларбжьартәии апарламенттәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара.  Аилатәара азкхеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара азҵаарақәа.

Апарламенттә еилатәара ахь ааԥхьара зауз анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа иахьатәи амш азы агуманитартә цхыраара аизгареи уи ашьҭра иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа рыӡбареи рзы иҟаҵоу азы адырра ҟарҵеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа адгьылҵысра аҿы ааха зауз рзы еиҳа ихымԥадатәиу амаҭәа-аҩыҭәеи афатә аалыҵқәеи рзы адырра ҟаиҵеит. Уи ачашыла, ашьақар, ахәыҷқәа рзы афатә, ахызаԥхақәа, атрансформаторқәа, уҳәа роуп.

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба аҭагылазаашьа ахшыҩзышьҭа азҭаз зегьы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа реиҳәеит.  

Уи адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала зегьы иахьынӡауа ала ирласны инарҭбааны ацхыраара ҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Апарламент аҿы азинмчы змоу Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц аилак аилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала атәыла анапхгара аҿы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара азы Аԥсны абиуџьеҭ аҟынтәи 300 нызықь доллар азоужьра азы аӡбамҭа рыдаркылеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы  55-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит ашьапылампыл азы Асовет Еидгыла аспорт азҟазарахь акандидат, Асовет Еидгыла еизгоу аҿартә команда ахәмарҩы, аҟәатәии қарҭтәии «Динамо» ахәмарҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ашьапылампыласҩы Саид Заур-иԥа Ҭарба.

Саид Заур-иԥа иԥсҭазаара аиҳарак иалихыз аус иазикит, аԥсуа шьапылампыл иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, уи ахьӡ аԥшеи аихьӡарақәеи реизырҳара.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәлар Реизара-Апарламент ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рколлегиа ахь ралхра азы» Ақәҵара апроект алацәажәара иазкын ахаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Жәабранмза  15 – 18 рзы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асыԥса алеира ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рынагӡареи» атема ала акомплекстә командаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.