АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. 2022 шықәсазы Атәанчаҩратә фонд аганахьала атәанчахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа ршәара азы иазоужьхеит 1 млрд. 276  млн. 933,5 нызықь мааҭ, уи  2021 шықәса рзы иҟаз арбагақәа раасҭа 76 млн. 513,5 нызықь мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.  

«2022 шықәса азы Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахь абгаԥсатә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 1  млрд. 200 млн. 54,5 нызықь мааҭ, уи 2021 шықәса азы аасҭа 161 млн. 556,2 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа реицҵалыҵ 160 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ԥхынҷкәынмза,   2022 шықәса азы иҟаз адыррақәа рыла, атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәеи зауоз рхыԥхьаӡара 49 528-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи  2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 011-ҩык рыла еиҳауп», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.

Ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәса азы иҟаз адыррақәа рыла, атәанчахәы ахь ацҵақәа зауаз рхыԥхьаӡара 11 845-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи  2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1 617-ҩык рыла еиҳан.  

«2022 шықәсазы атәанчахәқәа рахь ацҵақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 307 млн. 682,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи  2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 99 млн. 670 нызықь мааҭ рыла еиҳауп», – ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.

Афонд анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ашәатәқәа рыцҵара жьҭаарамза 1, 2021 шықәса азы 10 категориак иаҵанакуа атәанчахәқәа рахь ацҵақәа рыцҵара ауп изыдҳәалоу.  

«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә фонд 2022 шықәса азы иазыԥҵәоу аҽҳәара иахымгакәа ианаамҭоу атәанчахәқәа ршәара алнаршеит», – ҳәа иҳәеит иара.  

«2021 шықәса алагамҭазы ашәатәқәа ршәара аганахьала мызкы еиҳаны аиҵахара ыҟан, 2021 шықәса ахь ииасыз ауал аицҵалыҵ - 97  млн. 50,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон. 2022 шықәса алагара азы ашәатәқәа ршәара аганахьала мызкы еиҳаны аиҵахара ыҟан, 2022 шықәса ахь ииасыз ауал азеиԥш еицҵалыҵ   –  47  млн. 570,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон», - ҳәа иазгәеиҭеит Денис Гәылариа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акульутура аминистр Даур Ақаҩба ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны акультура Аминистрра аколлегиа аилатәара.

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аколлегиа аилатәара аҿы иахәаԥшит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль зыхьӡ нагоу аколлектив 50 шықәса инареиҳаны напхгара азҭоз Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ихьӡ ахҵара азы иаашьҭыз азыҳәаратә шәҟәы.

Аколлегиа алахәылацәа зегьы еицҿакны «Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ихьӡ ахҵара азы рыбжьы рҭиит.  Иара убас Уасил Михаил-иԥа Царгәыш дахьынхоз  аҩны (01.02.1938 - 28.01.2021 шш.) аҿы агәалашәаратә ӷәы  ашьақәыргылара азы аҳҭнықалақь Ахадареи Аҟәа ақалақьтә Еизареи рахь азыҳәамҭа адәықәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аԥшьаша, ажьырныҳәамза 26 рзы, 2022 шықәсзы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылеит.

Аԥсны аҳҭнықалақь аҵакыра –  27 кв. км. рҟынӡа инаӡоит, амшынхықәтә цәаҳәа – 20 км. рҟынӡа инаӡоит.

2011 шықәсазы имҩаԥгаз ауааԥсыра ашәҟәы рынҵара  ала Аҟәа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара – 65 300 - ҩык рҟынӡа инаӡоит, фактла инхо  – 75 000-ҩык инарзынаԥшуеит.

Аҳәынҭстандарт адыррақәа рыла, аусура зылшо ауааԥсыра – 38 500 - ҩык.

Ашколхәыҷқәа  –  9 110 - ҩык, ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа – 2 178 - ҩык. 

Аҟәа ақалақь аҿы инхоит 11 435-ҩык атәанчаҩцәа,  урҭ рахьынтә 8 457-ҩык аԥснытәии урыстәылатәии атәанчахәы роуеит.   

Аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп 1 269 аиуристтә хаҿқәа, уаҟа аус руеит 8 130-ҩык аусзуҩцәа; хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа – 3 826-ҩык.

Зынӡа Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа рхыԥхьаӡара – 19 971-ҩык рҟынӡа инаӡоит, уи аусура зылшо ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи процентла ишьҭухуазар 52% рҟынӡа инаӡоит. Арҭ арбагақәа хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа рхыԥхьаӡара алагалаӡам. Хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа рхыԥхьаӡара алаҵаны уахәаԥшуазар, иааизакны аҳҭнықалақь аҿы аусура зылшо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 62 % рҟынӡа инаӡоит.  

Иҟоу адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь аҿы 2022 шықәсазы  ауааԥсыра ирызшәахоз абжьарамызтәи аулафахәы 17 932 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҳҭнықалақь абиуџьеҭ анагӡара.

2022 шықәсазы ирыдыркылаз Аҟәа ақалақь абиуџьет 1 млрд. 260 млн.700 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (уахь иаҵанакуеит: ахатәы хашәалахәқәа –  1 млрд 178  млн. 400 нызықь мааҭ; ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа – 10 млн. мааҭ; асоциалтә блок аулафахәы ашәара азы асубсидиа – 72,3 млн  мааҭ).

2022 шықәса иалагӡаны Аҟәа ақалақь абиуџьет аиҭакрақәа алагалахон:  абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 186,8 млн. мааҭ рыла иацҵан, уи 1  млрд. 447  млн. 500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  (уахь иаҵанакуеит:  ахатәы хашәалахәқәа – 1 млрд. 236 млн. 400 нызықь мааҭ; адотациа  – 13,5 млн. мааҭ; асубсидиақәа  – 92,3 млн. мааҭ; Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи алагалақәа –  103,3 млн. мааҭ, аминистрцәа Реилазаара арезервтә Фонд аҟынтәи –  2 млн. мааҭ).

Ажьырныҳәамза 1, 2022 шықәса рзы  117,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо   еиҭаҵуа ацәынха ала абиуџьет аныхтә хәҭа аизырҳара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

Убас ала, 2022 шықәсазы ақалақь абиуџьет ахашәалахәқәа рыла 1 млрд. 447 млн.  500 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аныхтәқәа рыла   – 1 млрд . 565  млн. 100 нызықь мааҭ.

Ашықәс аихшьаалақәа рыла абиуџьеҭ иалагалахеит 1 млрд. 619  млн. 700 нызықь мааҭ, урҭ рахьынтә ахатәы хашәлахәқәа  1 млрд. 408 млн.  600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, даҽакала иуҳәозар, иазԥхьагәаҭаз рҟынтәи   114%. Аулафахәы аицыфинанстәра азы асубсидиақәа раҳасабала ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иалагалаз абиуџьетбжьаратәи атрансферқәа 92 млн. 328,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, адотациақәа – 13  млн. 499 нызықь мааҭ. Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи иалагалахеит  103 млн.  300 нызықь мааҭ.  Уахь иаҵанакуеит:

Аԥхынра, 2021 шықәсазы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыхҟьаны зынхарҭақәа ааха зауз ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭара азы (420 ҭыӡҭыԥ) –  59 млн. 669,2 нызықь мааҭ;

Аԥсабаратә цәырҵра (ԥхынгәымза 4, 2021 шықәса рзы иҟалаз афырҭын) ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы  –  43 млн 586,8 нызықь мааҭ. Аминистрцәа Реилазаара арезервтә Фонд аҟынтәи Аҟәатәи Автотранспорттә Наплакы азы иаашьҭын миллион мааҭ.

Ашәахтәқәа.

Ашәахтәқәа рыхкқәа рыла аплантә рбагақәа рынагӡара:

Иҷыдоу ашәахтә – 114,1%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  71  млн 908,8 нызықь мааҭ;

Апатенттә шәахтә – 120,1%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 6  млн. 604 нызықь мааҭ;

Амазара азы ашәахтә – 129,5%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 45  млн. 324 нызықь мааҭ;

Ахашәалахәы азы ашәахтә – 112,9 %, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  524  млн. 542,8 нызықь мааҭ;.

Ахашәалахәытә шәахтә – 114,8%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  678 млн. 228,2 нызықь мааҭ;.

Адгьылтә шәахтә – 100,8%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 20 млн. 459,1 нызықь мааҭ;

акцизқәа – 151,7%, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 55 млн. 452,5 нызықь мааҭ. 

2022 шықәсазы абиуџьет аныхтә хәҭа анагӡара  99,3% рҟынӡа инаӡеит. 1 млрд. 565 млн. 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аплан аан 1 млрд. 553  млн. 800 нызықь мааҭ афинанстәра мҩаԥган:

Ахадара Аппарат – 99,3%. Аҟәатәи ақалақьтә Еизара – 99,7%.

Агәабзиарахьчара – 99,4%.

Аҵарадырра – 100,0%.

Акультура – 96,9%.

Асоциалтә еиқәыршәара – 99,0%.

Афинансқәа Русбарҭа– 99,5%.

Аконтрол-ревизиатә Усбарҭа (КРУ) – 83,5%.

Арезервтә фонд – 97,1%.

Аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа – 97,0%.

Аветеринариа – 98,7%.

Асанитар-епидемиологиатә Станциа – 96,1%.

Аҩнусбарҭақәа (№№ 1, 2, 3, 4 и 5) – 96,0%.

Атехникатә инвентаризациа Абиуро (БТИ) – 79,8%.

Ақалақьтә ргылара апроект Аусбарҭа – 99,6%.

Ақалақьтә маҵзура  – 100,0%.

Аинвестпрограмма.

2020 – 2022 шш.  Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы абарҭ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит:

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла  Аидгыла алахәыла,  агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист  Валери Амаршьан ииубилеи идырныҳәалоит.

***    «Акыр иаԥсоу Валери Џьота-иԥа!

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла гәык-ԥсыкала  ишәыдырныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра!

Шәара аԥсуа культура, лымкаала аԥсуа кьыԥхь, лҵшәабзиала амаҵ азыжәуеит. Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», нас «Аԥсны» аредактор ихаҭыԥуаҩыси, аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыси аус шәуеижьҭеи акыршықәса ҵуеит.

Шәара, шәџьабаа азгәаҭаны ишәанашьоуп «Ахьӡ-аԥша» аорден III –тәи аҩаӡара, иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист ҳәа Аҳаҭыртә хьӡы шәыхҵоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 27 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Валери Џьота-иԥа Амаршьан ихыҵит 80-шықәса. Уи иҳаҩсыз ашәышықәса хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы аусура далагеит. Хынҩажәа шықәса уи иԥсҭазаара агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», анаҩс агазеҭ «Аԥсны» аредакциақәа рҿы аус аура иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы Валери Амаршьан аредактор хада инапынҵақәа наигӡон, иахьа уи агазеҭ «Аԥсны» аредакциа  аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩыс аус иуеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа, М.В.Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет (МГУ) аректор иааԥхьарала, ажьырныҳәамза 25 Татиана Лымш ҳәа изышьҭоу амш аҽны иазгәарҭо Москватәи Ауниверситет аԥаҵара Амш инамаданы имҩԥгаз Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәхит.  Ари амш иара убас астудентцәа рныҳәамш ҳәа ирыԥхьаӡоит. 

Сынтәа Москватәи Ауниверситет 268 шықәса ахыҵит. 2005 шықәса инаркны ари арыцхә Урыстәыла официалла урыстәылатәи астудентра Амшныҳәны иԥхьаӡоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны аамҭала унеир ахьыҟамло аҳаиртә ҵакыра ашьақәыргылара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

«Арратәи, мамзаргьы атеррористә ҟазшьа змоу ашәарҭарақәа рцәыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  11 инақәыршәаны, аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәоит:

  1. Аԥсны аҳаиртә ҵакыра ахархәаразы Аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәара ҟалаанӡа аамҭала унеир ахьыҟамло аҳаиртә ҵакырақәаны ишьақәыргылазароуп :

- административтә хыбрақәа ркомплексқәа, адипломаттәии аконсульттәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхыбрақәа, иарбоу Ақәҵара Ацҵа инақәыршәаны аҳәынҭқаратә усбарҭақәеи аобиектқәеи рхаҿы иҟоу аҳаиртә ҵакыра. (анаҩс - аобиектқәа рсиа);

 - арратә инфраструктура аобиектқәа зегьы, арратә обиектқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара азкызаара змоу аобиктқәеи  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аобиектқәеи аҳәынҭқарратәи амобилизациатәи резерви аматериалтә мазарақәеи рышьҭаҵара ахыбрақәеи рхаҿы иҟоу аҳаиртә ҵакыра», - ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны.

  1. Аамҭала уахьнеир ҟамло аҳаиртә ҵакырақәа рхархәара, атәылауааи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо аԥырҩы дзықәтәам аԥырратә аппаратқәа рыла (акоптерқәа, адронқәа, уҳәа егьырҭ аппаратқәа) уахь иналаҵаны, хыхь иарбоу аобиктқәа рхыԥраара азы азин ыҟаӡам. Убри аан, ақәиҭымзаара иаҵанакӡом:

а) ас еиԥш азонақәа заԥҵаз аобиектқәа рыла иарбоу аҳаиртә ҵакырақәа рхархәара ҟалоит; Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра русура арманшәалара азы ахархәара ҟалоит;

б) аҳәаа еилазго аҳаирпланқәеи егьырҭ аԥырратә аппаратқәеи раанкылареи, иара убас аҳәанҭқарра аинтересқәа ирызку егьырҭ аоперативтә дҵақәа рынагӡара азы аԥыррақәа рымҩаԥгара;

в) аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ацхыраара аҟаҵареи рзы аԥыррақәа рымҩаԥгара;

г) Аԥсны Аҳәынҭарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыла аҳаиртә ӷбақәа рыла инагӡахо аԥыррақәеи аҵакырақәа рыхсаала-геодезиатә еиқәыршәара иазку аусурақәа рымҩаԥгареи иарбоу Ақәҵара инақәыршәаны аҳаиртә ҵакыра ахархәаразы заанаҵтәи ақәыршаҳаҭра аиурала адгьыл-мазаратә еизыҟазаашьақәа реиқәыршәареи рзы аусурақәа рынагӡараан аҳаиртә ҵакырақәа рхархәара.

  1. Атәылауааи аиҿкаарақәеи рхы иадырхәо пилотда иԥыруа аԥырратә аппаратқәа (акоптерқәа, адронқәа, уҳәа егьырҭ аппаратқәа) уахь иналаҵаны, рырԥырра азы азин ыҟаӡам В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза иаҵанакуа аҳаиртә ҵакыра аҿы», - ҳәа иарбоуп Ақәҵара атекст аҟны. https://km-ra.info/documents/11107

«Иарбоу Ақәҵара арратәии атеррористтәи ашәарҭарақәа рырмаҷра, Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә обиектқәеи арратә инфраструктура аобиектқәеи рыхьчара алыршара иазырхоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистрцәа Реилазаара Аппарат азинтә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы Андреи Гәыниа.

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Жәабранмза 10, 2023 шықәса рзы  Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Псоу» аконтрабати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ала аҳазылхратә гәаҭара азона, ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Импорт» аҿы дааныркылеит Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Цандрыԥшь аҳабла амилициа аҟәша аҟны иааныркылаз аԥҳәыс лнапылеидара агәаҭара аан, лхала аполиетилентә пакет цәырылгеит. Уи иҭан амаҭәашьар «Нейратин» 13 блистер,  амаҭәашьар «Габапентин Канон» 12 блистер, иара убас  ахәшәтә маҭәашьар «Лирика-300мг» 42 капсула зҭаз аполиетилентә еилаҳәара.

Аҟәа. Жәабранмза  11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 9, 2023 шықәса рзы  Аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Псоу» аконтрабати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ала аҳазылхратә гәаҭара азона, ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Импорт» аҿы иааныркылеит иагьгәарҭеит Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, амашьына асалон аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит зыхәԥса 40 537мааҭ рҟынӡа инаӡо ахәшәқәеи 1200 цыра рҟынӡа инаӡо асигаретқәеи 6 ԥаҭлыка  рҟынӡа Аԥсны акцизатә еизга адырга змамыз иџьбароу арыжәтәи.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвестициақәа ралагалара аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хаданы иҟалароуп. Абри атәы иахьа имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи абизнес-еилазаара ахаҭарнакцәеи реиԥылара аҿы илҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

«Иарбанызаалак аинвестициатә проект ақәҿиара аиураны иҟам аҳәынҭқарра уи анагӡара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шьақәнамыргылар. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы еилкаауп, уи мааҭк иадамзаргьы иадгалоу аԥаратә хархәагақәа зегьы аҵакы ду рымоуп ҳәа апринцип ала ишьаҭарку аҳәынҭқарратә мчреи абизнеси раизыҟазаашьақәа роуп.  Аԥсҭазаара ишаҳнарбо ала, аекономика аинвестициақәа ралагалара азы иҟоу азакәанԥҵара аиӷьтәра аҭахуп, уи административтә ԥынгылақәа реиҵатәра алнаршоит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Аҳәынҭқрра Ахада ила абарҭ ахырхарҭақәа рыла аинвестициатә политика ашьақәыргылара азы адҵа ҟаҵоуп:

Хазы игоу аекономика аусхкқәа, атуризм, ақыҭанхамҩа, ааглыхра уахь иналаҵаны, адгылара рыҭара. Ахықәкы хаданы иҟоу – атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи иарбоу аусхкы аҿы амаҵзурақәа рынагӡара аинфраструктура аҿиара ацхыраара аҭареи, атуристтә обиектқәа афатә аалыҵқәа рыла реиқәыршәареи, иааизакны ареспублика аекспорттә потенциал аизырҳареи.

Ауааԥсыра аусуратә ҭыԥла ала реиқәыршәара ,- ари аҳәанҭқарра асоциалтә политика афактор хада аҳасабала изнеитәу зҵаараоуп.

Атерриториалтә ҿиареи арегионқәа рсоциал-економикатәи ҿиареи рганахьала иҟаҵахо адгылара  аиҟарара.

Аинфраструктура (аенергетикатә, атранспорттә, анџьныртә) модернизациа.

Абжьаратә занааҭҵара змоу аспециалистцәа разыҟаҵара асистема ахь иҿыцу азнеишьақәа рхархәара. 

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр иҟаҵоу ауснгӡатәқәа рзы адырра ҟалҵеит.

2025 шықәсанӡа асоциал-економикатә ҿиара азы аҳәынҭқарратә программа шьақәырӷәӷәоуп. Уи анагӡара азы ихадоу арбагақәа алкаахеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аинвестициатә усура азы» азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагаларагьы уахь иналаҵаны, иааизакны аинвестициатә усура аиҿкаара шьақәзыргыло азакәан апроектқәа ахәаԥшразы Апарламент ахь инашьҭуп.

«Иарбоу аус аҿы ихадоу аиҭакрақәа Аԥсны, иаагозар, атранспорт, амшынтә баӷәазақәа, аҳаирбаӷәазақәа, аихамҩа, ӡыла аиқәыршәара, аӡымҩахгара, агазификациа, уҳәа реиԥш иҟоу,  астратегиатә ҵакы змоу аинфраструктуратә проектқәа рынагӡаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Аинвестициатә еидгыларақәа рзы азакәан апроект иаку аиуристтә хаҿы аԥҵарада апроектқәа реицынагӡараан алахәылацәа русеицура еиҿнакаауеит.

Аԥсны Атәылауаҩратә Закәанеидкылеи зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаарақәеи акционертә еилазаарақәеи рзы азакәанқәеи рахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи рыпроект акорпоративтә  еиқәшаҳаҭра еиԥш иҟоу аинструмент алагалара азԥхьагәанаҭоит.

Урыстәылатәи аган алархәны Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла аинвестициатә проектқәа рынагӡара азы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара мҩаԥган. Иарбоу апроектқәа иазԥхьагәанаҭо ахәԥса миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

«Аиқәшаҳаҭра, апроект аусура алагалара инаркны  8-шықәса рыбжьара ахашәалахәы азы ашәахтәи амазара азы ашәахтәи ршәара аганахьалагьы уахь иналаҵаны, апроект ашәахтә зинҷыдеи аԥыжәареи рыҭара аҳасабала иназыцҵоу аҳәынҭқарратә дгылара азԥхьагәанаҭоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кристина Озган.

Иарбоу апроектқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа аргыларатә маҭәахәқәа раагара азы ашәахтә зинҷыдақәеи аԥыжәарақәеи, иара убас иаԥҵоу аобиеткқәа рхатәра азы азини апроектқәа рынагӡараан адгьылтә ҵакырақәа рхархәаразы азини рыхьчара азԥхьагәаҭоуп. Аиԥш-зеиԥшу аҭагылазаашьақәа иара убас Аԥсны аиуристә хаҿқәа рызгьы иаԥҵахоит.

Ихыркәшоуп аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭахацыркреи рзы аинвестициатә проект анагӡара азы анапхгарабжьаратәи апроект аус адулара.  Уи инаваргыланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳаиртә Закәеидкылеи аҳаиртә ҵакыра амаҵзура азы анапхгарабжьаратәи еиқәшаҳаҭра апроекти  аус рыдулара мҩаԥысуеит. Авиациатә персонал разыҟаҵара иазку аусура мҩаԥысуеит. Аҳаирбаӷәазатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара иазку апроект-харџьырҵатә документациа аус адулара  аҳәынҭқарратә експертиза иахысуеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.