
pressadmin-2
ДМИТРИ КЕТИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҞНЫ ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АБЖЬГАҨ-ЦҲАРАЖӘҲӘАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дмитри Кетиа Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Дмитри Кетиа иҭакԥхықәрахь иаҵанаклоит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа адипломатиатә хаҭарнакрақәеи Ацҳаражәҳәарҭеи реизыҟазаашьақәа акоординациа аҭара.
АԤСНЫҞА ИААИТ АФГАНИСҬАН АОФИЦИАЛТӘ ДЕЛЕГАЦИА.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аккредитациа змоу, Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳаражәҳәарҭа аделегациа арегионалтә шәарҭадара, Афганисҭан агуманитартә ҭагылазаашьа, иара убас Аԥсни Ааигәатәи Мрагылара атәылақәеи русеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы акутуалра злоу аспектқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара азы Аҟәаҟа иааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
«Еиду Америкатәи Аштатқәа шәҭоурых аҿы иҭархагоу ароль нанагӡеит, зегьы еилырбганы шәнеилажьны ицеит. Аԥсны, жәаҳәарада Урыстәыла алахәхарала аҩганк рганахьала аҳаҭыреиқәҵаратә диалог абжьаҵара иазхиоуп. Агәра ҳгоит шәтәыла аҿы аҭагылазаашьа хара имгакәа ишҭышәынтәалахо. Уи арегионалтә шәарҭадара асистема зегьы азы акырӡа аанагоит. Ҳара Ааигәатәи Мрагылара адиалог активизациа астратегиа наҳагӡоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.
АПАРТИА «АМЦАХАРА» АИЗАРА ДУ АМҨАԤГАРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатәи асоциал-економикатәи аҭагылазаашьеи араионтә конференциақәеи апартиа Аизара Дууи рымҩаԥгареи иазкын апартиа «Амцахара» апрезидиум аилатәара.
Апрезидиум аусура ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Апартиа аҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьеи араионтә конференциақәеи апартиа Аизара Дууи рымҩагара аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьеи рзы аинформациа ҟаҵо дықәгылеит апартиа «Амцахара» ахантәаҩы Алексеи Цыгәба.
Апартиа апрезидиум аилатәара аҿы иқәгылаз аенергетика, амҩа-транспортә амашәыр хҭысқәа, 1992-93шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рсоциалтә ҭагылазаашьеи анхарҭаҭыԥ ала аиқәыршәара апроблемеи ирыдҳәалаз атемақәа ирылацәажәон. Иазааҭгылеит иара убас аоппозициа имҩаԥнаго апропаганда атемагьы.
Аиҳарак аибашьра аветеранцәа рыла ишьақәгылоу апрезидиум алахәылацәа изеиԥшразаалак аофициалтә информациа аоппозициа ала анегативтә цәаҩа аҭаны аларҵәара аиуеит ҳәа иазгәарҭон.
АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АҞНЫ ИААТИТ ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИАХЬҞАНЫ ААХА ЗАУЗ РЗЫ АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА АИЗГАРА АПУНКТ.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟны иаатит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгара апункт.
Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла, аиҳарак иаҭахны ыҟоу афымцарԥхагақәа, амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, ашьҭаларҭатә ааҵәақәа, амшьамбақәа, аӡрыжәтә, ахатәы гигиена азы ахархәагақәа, лассы иԥхасҭамхо афатә аалыҵқәа (ашьақар, акәац, ма аԥсыӡ иалху аконсервқәа, еиуеиԥшым аиӷ).
АԤСНЫ АԤСАБАРАХЬЧАРАТӘ ПРОКУРАТУРА АЛА ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АҾЫ АӠРЫЖӘТӘ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА ИАЗКУ АОБИЕКТҚӘЕИ АЦРЫӠРЫЦҚЬАРАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАГАҚӘЕИ РУСУРА АГӘАҬАРА МҨАԤГАН.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура ала Гәылрыԥшь араион аҿы аӡрыжәтә ала аиқәыршәара иазку аобиектқәеи ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәеи русура асанитартә ԥҟарақәеи анормақәеи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи иахьынӡарықәшәо аилкааразы агәаҭарақәа мҩаԥган.
Агәаҭарақәа раан иаарԥшыз аилагарақәа асанитартә ԥҟарақәеи асанепидемиатә нормақәеи рықәымныҟәара иахҟьеит.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АЖУРНАЛИСТЦӘА АԤСНЫ АНАПХГАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РЫПРЕСС-МАҴЗУРАҚӘЕИ АМАССАТӘ ИНФОРМАЦИА АХАРХӘАГАҚӘА РХАҬАРНАКЦӘЕИ РЗЫ АСЕМИНАР МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгаратә усбарҭақәа рыпресс-мазурақәеи амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәеи рзы ҩымштәи асеминар аусура иалагеит ахаша, жәабранмза 8 рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы. Рдыррақәа аԥснытәи рколлегацәа ирыцеиҩыршарц азы арахь иааит ажәабжь ҿыцтәи ажурналистика апрограммақәа рҵара адиректор Иури Родионови арегионалтә жәабжьқәа Рредакциа анапхгаҩы Андреи Цицинови.
Асеминар аусура актәи амш аҽны урҭ астатиақәа рыҩра апринципқәеи аинформациатә хыҵхырҭақәеи рҵакы ахадара аҩаӡара аилкаареи ртәы еиҭарҳәеит. Асеминар амҩаԥгаҩцәа ажәабжьтә цҳамҭақәа аинформациатә хыҵхарҭақәеи аформати аудиториеи ҳасаб азуны ралкаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит.
АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРА АЗЫ ИМҨАԤГАХО АУСНАГӠАТӘҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа ала иаԥҵаз, изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара иазку Ареспубликатә штаб аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара асаит.
Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала иаԥҵоу аштаб аилазаара иалалеит аекономика Аминистрра анапхгараҭара, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы, Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» уи ареигионалтә ҟәшеиҵақәеи рхаҭарнакцәа.
Аԥыза-министр аштаб алахәылацәа изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи уи азы иҷыдоу аиқәыршәагақәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаареи рҿагылара азы Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз анапынҵақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит.
Афымцаенергетикатә усхкы аҿы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, убри аҟнытә амаининг аҿагылареи егьырҭ ауснагӡатәқәеи аенергетикатә инфраструктура иамоу ақәыӷәӷәара акыр иланарҟәыроуп, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб. Уи ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи аиҭакреи рзы зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҭакԥхықәра зду афымцаенергетикатә наплакқәа рнапхгаҩцәа роуп ҳәа иазгәеиҭеит.
АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АИҚӘЫРХАҨЦӘА РГӘЫԤ ҬЫРҚӘТӘЫЛАҞА РЫШЬҬРА ИАЗХИОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Ҳара Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи инхо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зықәшәаз атрагедиа баны аганахь ҳазгылом, иҳалшо ала ацхыраара ҳазхиоуп», - ҳәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Сергеи Шамба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аԥсуа ган Ҭырқәтәыла аофициалтә мчрақәа рахь Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра аиқәырхаҩцәа ацхырааразы рынашьҭра азы ажәалагала ҟанаҵеит.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХАҬАРНАК ҶЫДА ЕВРАЗИА АЖӘЛАРҚӘА РАССАМБЛЕИА АХАДА ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Евразиатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыда Игорь Ахба Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа амаӡаныҟәгаҩ Хада Андреи Белианинов диԥылеит.
Аиԥылара аҿы евразиатә ҵакыра аҿы агуманитартә усеицуреи апартниорреи жәлар рдипломатиа аҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЫРҾИАМҬАҚӘА КАИР ИМҨАԤЫСУАЗ АЛИТЕРАТУРАТӘ ФЕСТИВАЛЬ АҾЫ ИЦӘЫРГАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Каир ихыркәшахеит «Арабтәи Ареспублика Египет Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа». Иарбоу аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит VI Евразиатәи алитературатә фестиваль «ЛиФФт-2023».
Афестиваль «ЛиФФт» Адунеи аҿы аԥсҭазаара аиқәырхара ахьӡала акультуреи апатуеиқәҵареи аҭынчрабзиабареи амилаҭрацәа ремабзиареи аилибакаареи иазку амодель ҿыц аԥҵара иадгыло ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи рдиалог ашьақәгылареи адунеи алитераторцәа рырҿиаратә усеицуреи рзы иаарту плошьадканы иҟоуп.
Атематикатә литературатә конкурсқәа рхы аладырхәит 52 тәыла – Евразиа, Африка, Лаҭынтәи Америка, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Австралиа рҟынтәи авторцәа. Жәаа делегациа рлитераторцәа Каир рыдгалара мҩаԥыргеит.
«Гәахәара дула иазгәасҭарц сҭахуп зыхьӡ нагоу алитературатә усмҩаԥгатәқәа ишрылахәхаз аԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы ицәыргахеит Енвер Ажьиба, Вахтанг Абхазоу, Владимир Делба, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлааи Даур Наҷҟьебиеи», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит афорум хаҭала зхы алазырхәыз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ Владимир Делба.
Афестивальтә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак Жәларбжьаратәи каиртә ашәҟәытә иармарка астендқәа рҿы имҩаԥысуан. Араҟа ицәыргақәҵахеит аԥснытәи авторцәа рышәҟәқәагьы. Иазгәаҭатәуп, ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа астенд аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволика ашьақәыргылара азин ҟарҵеит.