1988 шықәсазы ииз Киракосиан Гурген Арменак-иԥа Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 (Ауаҩшьра), иара убас ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахреи аныҟәгареи) инарықәыршәаны ахара идҵан. Уи ахьырхәра аҳасабала ирӷәӷәоу арежим змоу акалониа аҿы 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәҵан.
Иарбоу афакт ала амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥысуеит. Зус ӡбоу Киракосиан Гурген Арменак-иԥа иаанкыларазы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа иацҵахоит.