АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Ахантәаҩы Мураҭ Махариа ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

 

Адышшылараҟны иҳәоуп: 

 

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла ауааԥсыра зегьы реиԥш гәалсра дула ирыдыркылеит иахьа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟалаз адгьылҵысра ду ахҟьа-ԥҟьақәа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ауаа аӡәырҩы ҭахеит, зықьҩыла ахәрақәа роуит, нхарҭада инхеит, рыцҳарас иҟалаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳџьынџьуаа – аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Имҩаԥгахаз акомплекстә реидтәи апрофилактикатәи аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшын 1 973 рҟынӡа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагарақәа, ҳәа иаанацҳауеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Урыстәыла атехникатә ҭышәынтәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаев диԥылеит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии ахылаԥшра азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.

Астандартизациа азы Аԥсни Урыстәылеи рхылаԥшырҭақәа рхадацәа Алеқсандр Анқәаб  анапхгарабжьаратәи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥыргаз, насгьы аусеицура аҳәаақәа рырҭбааразы азԥхьагәаҭарақәа шыҟарҵаз азы адырра ирҭеит.

Аиԥылара ахықәкы хаданы иҟан – астандартизациеи аметрологиеи аишьашәалареи рганахьала ахылаԥшырҭабжьаратәи аусеицура аҿиара. Аҩ-тәылак рхылаԥшырҭақәа ааигәатәи аусура аплан аҿы иҟоуп: аԥсуа ган урыстәылатәи аҳәынҭқарратә стандартқәа рбаза (амилаҭтә стандартқәа реизакхьӡынҵа) ахархәара алыршара, асасдкылара аиндустриа аганахьала аҳәынҭқарратә стандартқәа рхархәара азы аконсультациақәа рымҩаԥгара, Урыстәыла аҳәынҭқарратә стандарт аметрологиа Академиа аҟны аԥснытәи аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа реиҿкаара.

Алеқсандр Анқәаб Антон Шалаеви Урыстәыла Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи русуратә визит азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи ахылаԥшрабжьаратәи аизыҟазаашьақәа хра злоу аҩ-ганк еицырзыфеидоу акакәны ишыҟоу азгәеиҭеит.  

«Ҳәоуеиқәшәарала ҳусеицура иабзоураны аҵыхәтәаны  Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еикәыршара еизҳароуп», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр. 

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә Штаб аԥҵоуп. Аштаб анагӡаратә мчра аусбарҭақәа иарбоу ахырхарҭа ала русура акоординациа аҭара хықәкыс иамоуп.

Аштаб аилазаара аҿы иҟоуп:   

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб – аштаб анапхгаҩы;

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы –Џьансыхә Нанба;

Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба;

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба;

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили;

Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган;

Астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәии ахылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиа;

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.     

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахылаԥшырҭа аппарат Хада, ақалақьтә усбарҭақәеи араионтә ҟәшақәеи русзуҩцәа есыҽны акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәеи урҭ рымчхара арӷәӷәара азы атрансформатқәеи изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа раҿакра аԥхьырҟәҟәаареи уаанӡа иаҿыхыз амаининг-фермақәа рхылаԥшреи иазкны ареидқәа мҩаԥыргоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, амилициа аусзуҩцәа иарбоу аппаратқәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны,  акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рсервистә маҵзуреи раагареи иазкны, асоциалтә каҭақәеи рыла  алаҳәарақәа рыҟаҵарала уахь иналаҵаны, аус зуа аиҿкаарақәа зегьы ргәаҭара мҩаԥыргоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра «еиԥырҟьам аимадаратә цәаҳәа» шыҟоу ауааԥсыра иргәаланаршәоит.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба атерриториалтәии аҷыдалкаатәи апрокурорцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

2022 шықәса аҩбатәи ашықәсбжа азы аусура аплан инақәыршәаны, апрокуратура Хада атәылауаҩра-ӡбаратә усбарҭа «Аԥсны атәылауаа разыҳәамҭақәа рыхәаԥшра аԥҟарақәа рзы» азакәани Аџьатә закәанеидкылеи «Анагӡаратә усеиҿкаареи» рзы азакәани рынагӡара аганахьала ареспублика апрокуратура аусбарҭақәа 2020 шықәса актәи ашықәсбжа азы русура агәаҭара мҩаԥнагеит.

Аилатәара аҿы апрокуратура аусбарҭақәа инарыгӡаз, аплан ала иазԥхьагәаҭаз  аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа,  иара убас еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рмаҵурауаа рыла аҭыԥаҿы хыхь иарбоу азинтә актқәа рынагӡара ахьынӡаалыршахаз азы 79 материал рыҭҵаара аихшьаалақәа ирыхәаԥшит.  

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Донбасс ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара аан иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥсарашьҭахь Агәымшәара амедал ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит:

  • Адлеиба Иракли Валериан-иԥа;
  • Андрусенко Олег Лев-иԥа;
  • Гадлиа Евгени Аполлон-иԥа;
  • Лысенко Валери Владимир-иԥа;
  • Тәанба Азамаҭ Виачеслав-иԥа. 

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Башар Хафез-аль Асад дидышшылеит.

Адышшыларатә шәҟәы атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шәаҳаракыра!

Гәалсра дула Аԥсны ирыдыркылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҩада-мраҭашәаратәи апровинциақәа рҿы иҟалаз арыцҳара ду зцу адгьылҵысра азы ажәабжь хьанҭа.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Афымцамч ала аиқәыршәареи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи ирызку азҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба ихантәаҩрала имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәара иалахәыз аекономика аминистр Аԥсны иҟоу арезервқәа рзы арбага хадақәеи афымцамч ахархәара адинамикеи рзы иҟалҵаз ажәахә иазыӡырҩит.

Ажәахә инақәыршәаны, ҳазҭагылоу аамҭазы афымцамч ахархәхара арбагақәа 10 млн кВт/с рҟынӡа инаӡоит, ас еиԥш иҟоу ахархәара анорма аан Урыстәылантәи иаауа афымцамч ала ишьақәгыло арезерв аӡын-ааԥынтәи аамҭахәҭа мацра акәым, 2023 шықәса ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭгьы иазымхар алшоит. Инамыцхәхны ахархәара ихадоу амзыс – акриптоваллиута арҳара азы ашьақәыргылагақәа изакәанымкәа раҿакра ауп.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили Аԥсны араионқәа рҿы инамацхәны афымцамч ахархәара аарԥшра азы иҟаиҵаз ажәахә алацәажәараан атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб араионтә фымцатә каҭақәа русура ахшыҩзышьҭа аҭара ахәҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит, избан акәзар араҟоуп изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа реиԥш урҭ русура азы ихымԥадатәиу амчхаратә трансформаторқәагьы раҿакра ахьзалыршахо.  

«Араионтә афымцамҩангагатә Станциақәа зегьы доусы рааигәа-сигәа, рраионқәа, рықалақьқәа рҿы имҩаԥысуа атәы шьахәлаҵәҟьа ирдыруеит. Ҳра иаҳҳәаӡом урҭ изакәанымкәа акриптовалиута арҳара апроцесс  ишашоу иалахәуп ҳәа.  Иҟалар ҟалоит уи ишашоу ишалаху шьақәырӷәӷәахаргьы.  Насгьы иҟоу дырны аус ахамыҵгыларагьы цәгьоуроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Аҳәынҭстандарти рыда ҳара акгьы ҳалшарым. Шәара афымцалашараԥхьаӡагақәа русушьа агәаҭареи урҭ рыҟазаареи рыҟамзаареи аилкаареи рзы анхарҭақәа рыҩналаразы анормативтә зин шәымоуп. Ҳара иаҳжьода? Ҳхала ҳхы ҳжьоит ауп иаанаго. Амаининг-фермақәа змоу  ирыхҟьаны ауааԥсыра зегьы гәаҟуеит! Уи шьҭа иаци иацжәацтәи амшқәа рыла зегьы еилыркаауеит. Инацҵаны афымцамч аашьҭра алыршахан, иаҳнаҭеи уи? Зегьы аалаган хыма-ԥсыма раппаратқәа аҿаркит», –  ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҭырқәа жәлар зегьы дрыдышшылеит:

«Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи апровинциақәа рҿы иҟалаз, акыр аԥсытәбареи ахыбрақәа реилыбгареи зцу адгьылҵысра ду азы ажәабжь хьанҭа.

Ари иуадаҩу аамҭа азы  иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, хыԥхьаӡара рацәала Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәеи  аҭырқәа жәлар зегьи гәк-ԥсыкала ҳрыдышшылоит.  Ахәрақәа зауз зегьы излауа ала ирласны ршьапы иқәгыларатәы алшара роуааит».

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.