
pressadmin-2
ИАХЬА АԤСНЫ ЖӘЛАР РАРТИСТ УАСИЛ ЦАРГӘЫШ ИԤСЫ ҬАЗҬГЬЫ 85 ШЫҚӘСА ИХЫҴУАН.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 - 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.
«Уасил Михаил-иԥа Царгәыш ахортәи акамер-вокалтә рҿиамҭақәеи акинофильмқәеи атеатралтә қәыргыларақәеи рзы амузыкеи дравторуп. Ирҿиамҭақәа рҿы иара илиршеит ҳажәлар рҭоурых – уи аҷыдаҟазшьа, амч, аидеиақәа, ахәыцрақәа зеиӷьаҟам ала раарԥшра. Уасил Михаил-иԥа аконтатақәа «Х-ҩык афырхацәа рзы» «Иҭахаз ргәалашәара азы», «Аԥсны Ан» рзы ианашьан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
50 шықәса инареиҳаны Уасил Михаил-иԥа аԥсуа ҟазара аӡыргара иазкыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль напхгара аиҭон. Уасил Михаил-иԥа инапхгара ашықәсқәа ирылагӡаны ансамбль жәларбжьаратәи ахьӡ-аԥша арҳаит, Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа иҟалеит, аконцертқәа рыла иаҭааит аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы: Европа атәылақәа, Африка, Аладатәи Америка, уҳәа убас ирацәаны., агастрольқәа рыла изныкымкәа Ҭырқәтәыла иаҭаахьан.
Уасил Царгәыш иналукааша абаҩхатәреи азанааҭдырреи злаз уаҩын. Уи зеиӷьаҟам ала илиршон Аԥсны амузыкатә ҭынхеи иреиӷьу акәашаратә традициақәеи рпапулиаризациа. Иусура ҭакԥхықәрала азнеишьа иабзоураны апрофессионалтә ҩаӡара аҿы ашәаҳәаҩцәеи акәашаҩцәеи рабиԥарақәа реиҵааӡара илиршеит», – ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аацҳамҭа аҿы.
АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ИХАҬЫԤУАҨ АГӘРАГАГАТӘ ШӘҞӘҚӘА ИИҬЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Михаил Галузин Алхас Кәыҵниа инапынҵақәа рынагӡара дахьалагаз идиныҳәалеит, иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит.
АԤСНЫ АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА АԤКРАҚӘА РАЛАГАЛАРА АЗЫ АГРАФИК ҾЫЦ ШЬАҚӘЫРГЫЛОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара азы аграфик аиҭакрақәа алагалоуп. «Аԥсны аенергосистема аҿы ақәыӷәӷәарақәа еиҟараны аихшара ахымԥадатәреи авариақәа рыԥхьырҟәҟәаареи инарымаданы, аԥкрақәа рыграфик аиҭакрақәа алагалахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч». сообщает РУП «Черноморэнерго».
ЕДУАРД БЫҬӘБА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСБАРҬА АНАПХГАҨЫ ИРМА ВОУБА «АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 АҾАГЫЛАРА АЗЫ» АМЕДАЛ ЛАНЕИШЬЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воуба анапхгаратә ҳамҭа «Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҿагылара азы» амедал ланеишьеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Ирма Џьумка-иԥҳаи Аусбарҭа аколлективи ҳәоуеиқәшәарала, активла аусеицура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
АТӘЫЛА АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА ААМҬА-АМҬАЛАТӘИ АФЫМЦАМЧ АҾЫХРА ИНАМАДАНЫ АДИЗЕЛЬ-ГЕНЕРАТОРҚӘА РЫЛА ЕИҚӘЫРШӘОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.
Амедицинатә усбарҭақәа рхадацәа афымцамч аамҭала аҿыхрақәа ишазыҟаҵоу атәы еиҭарҳәеит, убри аан араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа зегьы адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа иазгәаҭан.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АУСБАРҬА АУСЗУҨЦӘА АДМИНИСТРАТИВТӘ ЗИНЕИЛАГАРАҚӘА РЗЫ ЗЕИЦҴАЛЫҴ 71 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠО АХАРАԤСАҚӘА ЫЛЫРҨААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәса иалагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа рыла административтә зинеилагарақәа рзы зеицҵалыҵ 71 млн 389 нызықь 670 мааҭ рҟынӡа инаӡо ахараԥсақәа ылҩаахеит.
Зынӡа иааизакны ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 70 430 автотранспорттә хархәагақәа.
ЏЬОРЏЬ ХЬИУИТТ АԤСНЫ АМИЛАҬТӘ БИБЛИОТЕКА ҲАМҬАС ЕИҬЕИТ ЗЕИУА МАҶУ Ҩ-ТОМКНЫ ИҞОУ ДУГЛАС ФРЕШФИЛД ИШӘҞӘЫ «КАВКАЗ АҬҴААРА».
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас еиҭеит зеиуа маҷу ҩ-томкны иҟоу, англыз бызшәала иҩу Дуглас Фрешфилд ишәҟәы «Кавказ аҭҵаара».
Џьорџь Хьиуитт иааишьҭыз ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу абизнесмен, амиллионер, аҭоурыхҭҵааҩы, Аладатәи Кавказ аҭҵаара знапы алакыз, адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр Аленн ииҩыз астатиа аҟынтәи сара еилыскааит уи Шәантәыла данаҭаауаз Британиатәи амузеи Акралтә географиатә еилазаареи рыхьӡала Местииатәи амузеи ҳамҭас ишаиҭаз шамахамзар уаҳа џьара иуԥыло, раԥхьатәи аҭыжьымҭа «Кавказ аҭҵаара». Ашәҟәы 1896 шықәсазы ҩ-томкны иҭыжьын, уи авторс даман Дуглас Фрешфилд. Ари ауаҩ иоуп зегьы раԥхьаӡа кавказтәи аҳаракырақәа Ельбруси Ушбеи ахалара зылшаз. Сара Местиа аҩынтәраан санаҭаааз аамҭазы усҟан амузеи адиректорс иҟаз Циала Чартолиани арҭ ашәҟәқәа сыблала рбареи рыкреи рзы азин сылҭарц слыҳәеит. Сара усҟан гәаныла, мышкы зны абри еицырдыруа ашәҟәы ахкьыԥхьқәа раахәара хымԥада исылсыршароуп ҳәа исыӡбеит. Шықәсқәак рыҩныҵҟа сара зыхәԥса саиааиртә иҟоу ари аҭыжьымҭа лыԥшаах аекземплиар ахьырҭиуа сашьклаԥшуан. Аҵыхәтәаны сара арҭ ашәҟәқәа Дербишир ақалақь аҿы иҟоу, аиҳарак альпинизм атема ала аус зуа онлаин-адәқьын аҿы иаасхәеит. Исҭахыз ашәҟәқәа раахәара ахьсылшаз сгәырӷьара ҳәаа амамызт. Сыԥшәмаԥҳәыс Заиреи сареи даҽа екземплиарк аахәаны Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҳҭаразы иҳаӡбеит.
АТУРИСТТӘ ДӘЫӶБА «ШӘАЧА» МШАԤЫМЗА ИНАРКНЫ ҨАԤХЬА АԤСНЫҞА АРЕИСҚӘА РЫМҨАԤГАРА ИАЛАГОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Шәача» мшаԥымза 29 инаркны цәыббрамза 30, 2023 шықәса рҟынӡа ареисқәа нанагӡалоит.
«Ари адәыӷба аҷыдаҟазшьаны иамоу авагаонқәа ринтериер зегьы иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа рыстилистика иахьақәшәо ауп. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҳәаахьчаратәии аҳазылхратәии апроцедурақәа зегьы ауаҩы дмыргәамҵкәа ирмарианы имҩаԥысуеит, амҩазы иазԥхьагәаҭоу аамҭа иахымԥаӡакәа аныҟәарагьы маншәаланы имҩаԥысуеит», – ҳәа Урыстәылатәи Аихамҩақәа рыпресс-маҵзура ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра аланарҵәоит асаит https://sochinews.io.
Амҩан адәыӷба ҭыԥқәак рҿы аанкыларақәа азԥхьагәаҭоуп – Лазаревск, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, Имеретинтәи акурорт, Весиолое, Цандрыԥшь.
АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ НХЫҴ КАВКАЗ АРЕСПУБЛИКАҚӘЕИ РЕИЗЫҞАЗААШЬА АРҾИАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба афбатәи ааԥхьара адепутатцәа, аекспетрттә фонд «Аамҭа» ахаҭарнакцәа Натали Смыри Алхас Џьынџьали дырԥылеит.
Аиԥылара ихы аладырхәит Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Ҳагба, адепутат Инар Гыцба.
ТАСС АДИРЕКТОР ХАДА СЕРГЕИ МИХАИЛОВ АԤСНЫПРЕСС АԤҴАРА АМШ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура «ТАСС» адиректор хада Сергеи Михаилов аколлективи анапхгаҩы Манана Гәыргәылиеи Аԥсны аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.
«Иахьа Аԥсныпресс хыԥхьаӡара рацәала аԥхьаҩцәеи аколлегацәеи рзы авторитет ду змоу аинформациа ахыҵхырҭаны ишыҟац иаанхоит. Ажурналист иуалԥшьа анагӡара, аобиективра, аудиториа аҿаԥхьа аҭакԥхықәра, - есымша Шәара шәусура ихадоу ахырхарҭақәаны иҟан. Агәра ганы сыҟоуп, шәырҿиаратә коллектив аринахысгьы адунеизегьтәи аинформациатә ҵакыра аҿиара апроцесс ахатәы лагала алагалара ишацнаҵало. Исымоу алшара схы иархәаны, ҳаԥхьаҟа ҳмаҵзурақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара сганахьала адгылара шаҭахо азгәасҭарц сҭахуп.