
pressadmin-2
АԤСНЫ АҲӘЫНҬСТАНДАРТ УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ АСТАНДАРТҚӘЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАНДАРТҚӘЕИ РЗЫ АДЫРРАҚӘА НАГӠАНЫ ИАИУРАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахьа, жәабранмза 6 рзы Аԥсны Аҳәынстандарт аҿы Урыстәылатәи Афедерациа атехникатә ҭышәынртәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура ахаҭарнакцәа алархәны астандартизциеи аметрологиеи ашьашәалара ахәшьара аҭареи рганахьала анапхгарабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа рыла аусуратә еилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь Аԥсны астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәи ахылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи Урыстәылатәи Афедерациа атехникатә ҭышәынтәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаеви ажурналистцәа аиԥылара аилҵшәақәа ртәы рзеиҭерҳәеит.
Нарсоу Сангәлиа урыстәылатәи аделегациа ҭабуп ҳәа раҳәо аганқәа Аԥсны азы акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиара астандартқәа раԥҵара, Урыстәылатәи Афедерациа ахь рышьҭра еиԥш арахь урыстәылатәи аспециалистцәа раашьҭралагьы ҳусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра, иара убас егьырҭ акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәеит. Агәра сгоит иахьатәи ҳаиԥылара ҳаԥхьаҟа еффективла аусеицура ишацхраауа. Аԥсны азы ас еиԥш аизыҟазаашьақәа акыр аҵанакуеит, иазбан акәзар абизнес азҳауеит, аҭыжьра амҽхак иацлоит, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа дырҭбаауеит, атауареикәыршара иацлоит. Аамҭа ҳақәшәо ԥхьаҟа ҳцалароуп», – ҳәа иҳәеит Нарсоу Сангәлиа.
Антон Шалаев аԥсуа гани Аԥсны Аҳәынҭстандарти еиҿыркааз аиԥылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи атехникатә ҭышәынтәалара аганахьала 2011 шықәса раахыс аусеицура рыбжьоуп. Аиашазы, усҟангьы аусеицура ахырхарҭа хадақәа алкаан. Аха иарбоу аусеицура аинтенсивтәра асимвол хаданы иҟоу аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыбжьара, 2020-тәи ашықәс азы аҩ-ҳәынҭқррак Рхадацәа реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалаз аҩ-ҳәынҭқаррак рекономикатәии рсоциалтәии аҿиареи урҭ рзакәанԥҵарақәа реишьашәалареи рганахьала апрограмма адкылара. Иарбоу апрограмма аҿиара азы 2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭстандарти Урыстәыла Аҳәынҭстандарти рыбжьара аусеицуразы амеморандум анапаҵыҩра мҩаԥган. Ҳара иԥхықәраны иҳаду ганкахьала абизнес, аԥснытәи еиԥш урыстәылатәгьы ԥықәсларадатәи аимадареи аусеицуреи рзы аҭагылазаашьақәа рырҿиара, атуарқәа рагара аҭышәынтәалара, иара убас урҭ рхаҭабзиареи ршәарҭадареи иахәҭоу ахылаԥшра аманы иҟалартә, аха убри аан имыцхуны аԥынгылақәа ҟамларатәы аҟаҵара», - ҳәа иҳәхеит Антон Шалаев.
«СИСТЕМА» ЏЬВАРТӘИ АӠЕИЗАКЫРҬА АҾЫ АӠЫ АҨАӠАРА АЗЫ АИНФОРМАЦИА АМЫРЗАРА ИАЗЫӠБАНЫ ИҞАҴАН ҲӘА ИҞОУ АЦӘАЖӘАРАҚӘА ҴАҴӶӘЫДОУП ҲӘА АҲӘАМҬА АЛАНАРҴӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аинтернет-аҳамаҵдгалаҩ (апроваидер) «Система» Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аӡы аҩаӡара азы аинформациа амырзара хықәкыс иҟаҵаны онлаин-камера аҿыхын ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы аларҵәара зауз ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп, уи моу имцыркуп ҳәа адырра ҟанаҵоит.
«Жәабранмза 3 – 6, 2023 шықәса рзы Егрытәи Аӡфымцатә станциа иахьаҵанакуаз атехникатә усурақәа мҩаԥысуан. Уи иахҟьаны уаҟа ишьақәыргылоу онлаин-камерақәеи ҳара ҳресурси APSNY.CAMERA реимадара еиԥҟьеит. Убри аамҭазы асоциалтә ҳақәа ринформациатә ресурсқәа жәпакы рыла ҳара ҳресурс APSNY.CAMERA анаӡара иахьаҵанакуа онлаин-камерақәа раҿыхра ала Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара азы аинформациа амырзара алыршахеит ҳәа акала ишьаҭаркым, имцырку аинформациа аларҵәара азы аҽазышәарақәа мҩаԥгахеит.
ЖӘАБРАНМЗА 7 РЗЫ АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ ИМҨАԤГАХОИТ АЏЬАЗТӘ ШӘАҲӘАҨЫ ЛАУРА ВОДИАНИЦКАИА ЛМАСТЕР-КЛАСС.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абас-гитарарҳәаҩы Антон Давидианци аџьазтә шәаҳәаҩы Лаура Водианицкаиеи Аҟәа ақалақь аҿы амастер-класс мҩаԥыргараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акульутура Аминистрра.
Амастер-класс мҩԥгахоит жәабранмза 7, асааҭ 12:00 рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.
Уи ихы алаирхәырц илшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы, уи азы мацара атема «Мастер-класс» ала ахьӡи ажәлеи абхьӡи зну азыҳәамҭа абри аелектронтә ԥошьҭа ала идәықәҵатәхоит https://Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ЕВРАЗИАТӘИ АИТЕГРАЦИА АГАНАХЬАЛА АИҚӘШАҲАҬРА АБЖЬАҴАРА ИАДГЫЛОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи евразиатәи аҵакыра аҿы агуманитартә усеицура ҳәаақәызҵо аиҿкаара хада – Евразиа ажәларқәа Рассамблееи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы еиқәшаҳаҭхеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоу – ихьыԥшым Аԥсынтәылеи евразиатәи аҵакыра иаҵанакуа атәылақәеи рыбжьара ганрацәалатәи агуманитартәии аусуратәии аимадарақәа рҳәаақәа арҭбаареи рырӷәӷәареи ауп.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИАХҞЬАНЫ АУАА РҬАХАРА ИНАМАДАНЫ ШЬАМТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЬ АДЫШШЫЛАРАТӘ ШӘҞӘЫ ДӘЫҚӘНАҴЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы Аминистрра ахь атәыла аҩадатәи апровинциақәа рҿы иҟалаз ирацәаны аԥсытәбареи аилыбгарақәеи зцыз адгьылҵысра ду инамаданы адышшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит.
ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИАХҞЬАНЫ ДҬАХЕИТ ҬЫРҚӘТӘЫЛАТӘИ АДИАСПОРА АХАҬАРНАК.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны аԥсуа диаспора ахаҭарнак лыԥсҭазаара далҵит. Уи Хапат лыжәлоуп, уажәазы уи ауп иаадыруа, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы Алмасхан Ӷәынџьиа.
ТАИТӘИ АБОКС АЗЫ АИЦЛАБРАҚӘА РҾЫ АԤСНЫТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА АХЬТӘЫ МЕДАЛҚӘА ХԤА РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуаз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҿы ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит.
Краснодартәи атәылаҿацә астаница Крыловскаиа аҿы араион ахада Ихраҿа агаразы имҩаԥысыз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҿы аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит.
АԤСНЫТӘИ АТХЕКВОНДИСТЦӘА КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ 19 МЕДАЛ ИАИААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи атхеквондистцәа Амуниципалтә Еиҿкаара Кургантәи араион аԥхьахәгара аҿы 19 медал ранашьахеит.
Атурнир рхы аладырхәит Краснодартәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Аԥсны рҟынтәи 300-ҩык инаеиҳаны аспортсменцәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгылон 12-ҩык аспортсменцәа, урҭ спарринги стоп-балл апрограммақәа рыла актәи 10 ҭыԥк, аҩбатәи 6 ҭыԥк, ахԥатәи 3 ҭыԥк ааныркылеит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Сергеи Барцыц (ҩ-медалк), Дамир Ванаба, Арсен Челикиан, Даниел Манукиан, Роланд Абрамиан, Макар Мумџьиан, Камила Папазиани Ашоҭ Терзиани.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АШӘАХТӘҚӘЕИ ЕГЬЫРҬ АШӘАТӘҚӘЕИ РЕИЗАГАРА АЗЫ АПЛАНТӘ РБАГАҚӘА 886 МЛН. МААҬ РЫЛА ИНАЦҴАНЫ ИНАГӠОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аппарат Хада аҿы Ахылаԥшырҭа 2022 шықәса рзы инанагӡаз аусра аихшьаалақәа рзы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит. Аилатәара ихы алаирхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Инагӡаз аусура азы ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит Аппарат Хада Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи Аминистрра атерриториалтә инспекциақәа рнапхгаҩцәеи. 01.01.2022 шықәсазы ашәахтәқәҵара змоу аекономика асубиектқәа рхыԥхьаӡара 17 213 рҟынӡа инаӡеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 4531 аиуристтә хаҿқәа, иара убас 12682 хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа. Убри аан 01.01.2023 шықәса азы урҭ рхыԥхьаӡара – 19187 рҟынӡа инаӡеит, аиуристтә хаҿқәа – 5060, 14127 – ҩык хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, ареестр иалгоу уахь иналамҵакәа. Убас ала, аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аекономика асубиектқәа рхыԥхьаӡара 1974 рҟынӡа иазҳаит, урҭ рахьынтә 529 аиуристтә хаҿқәа, иара убас 1445-ҩык хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра 2022 шықәсазы аусура аихшьаалақәа ареспублика аҿы иҟоу ашәахтә шәатәқәа зегьы рыла хра злоу алҵшәақәа аанарԥшит. 2022 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалахаз ихымԥадатәиу ашәатәқәеи ашәатәқәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 4 285,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 2022 шықәсазы аплан ала ишьақәырӷәӷәан – 3 526,3 млн. мааҭ. (анагӡара 122%, иааизакны инацҵаны анагӡара – 759,0 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит), аизҳара адинамика – 126 % рҟынӡа инаӡеит. Иарбоу алагалақәа реицҵалыҵ 2021 шықәсатәи арбагақәа 886,4 млн. мааҭ рыла еиҳауп, 2020 шықәсатәи арбагақәа 1 778,3 млн. мааҭ рыла еиҳауп. 2022 шықәса иалагӡаны арбагақәа ԥхынҷкәынмза 31, 2022 азы 517,2 млн.мааҭ рыла еиҳахеит. Аԥхьанатә 2022 шықәсазы ашәахтә шәатәқәа рзы аплан 3 009,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон. Ашықәс анҵәамҭазы 2022 шықәсазы аплан 3 526,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон, аха иарбоу аизҳара шыҟазгьы, аплан инацҵаны инагӡан. «Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аҭакзыԥхықә хаҿқәа ражәахәқәа рҟынтәи ишеилкаахаз ала, зыҩаӡара ҳараку алҵшәақәа раарԥшра алыршахеит. Ҳара ашықәсқәа инеиԥынкыланы абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа реизҳара шыҟоу аабаратәы иҟоуп. Жәаҳәарада, Аминистрра аусура хра злоу алҵшәақәа раарԥшра еиҳахоит. Уи инамаданы, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аҟны имҩаԥысуа ашәахтәқәҵаратә закәанԥҵара аиӷьтәра азы ауснагӡатәқәа шхымԥадатәиу умбар залшом» – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Делба.
ЕМЗАР АШУА: АПОЛИКЛИНИКАҚӘА ҴАҴӶӘЫДА ИРАЦӘАНЫ АИНВАЛИДЦӘА РЗЫ АХӘШӘҚӘА ЫЛЫРҨААУЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвалидцәа Рфонд аҿы еиҳа иуадаҩу, апроблема зцу аныхтә статианы иҟоуп – ахәшәтә маҭәашьарқәа раахәара. Иарбоу ахәҭаҷ заҵәык ала ауп Афонд ауал злашьақәгылаз. Уаҳа ауал ҳәа Афонд акгьы ақәӡам. Абри азы адырра ҟанаҵоит 1992 – 1993 гг. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд аофициалтә саит. https://gfi-ra.org.
Аус аҿы иҟоу убри ауп, аинвалидцәа арецептқәа рзылызҩаауа аполиклиникақәа, лассы-лассы ҵаҵӷәыда зхымԥадатәра алаборатортә ҭҵаарақәа рыла ишьақәырӷәӷәам апрепаратқәа рхыԥхьаӡра инамыцхәны иацырҵоит. Рецептқәак рҿы иарбахоит 20-30 ахәшәқәа рыхьӡқәа. Иаагохар, 2022 шықәсазы ахәшәқәа раахәаразы Афонд ахарџь 71 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 500-ҩык инареиҳаны аинвалидцәа аҽыхәышәтәразы Аԥсны анҭыҵҟа рышьҭра иақәхарџьхеит 45 млн. мааҭ.
Иҳаҩсыз ашықәс азы Афонд агәабзиарахьчара Аминистрра алархәны Ҭҟәарчал инаркны Гагранӡа аус зуа аполиклиникақәа зегьы рҿы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит. Зехьынџьара аилагарақәа аарԥшхеит. Бжеиҳан арецептқәа анализқәа рыда, аҳақьымцәа рабжьгарақәа рыда, апациент дзызхьаауа азы иажәа ала, лаԥшылатәи агәаҭара мацара ашьҭахь арецептқәа ылырҩаауан. Иара убас аполиклиникақәа зегьы рҿы аҳасабырбара иадҳәаланы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Амбулатортә хсаалагақәа ишахәҭоу ала ихадырҭәааӡом. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, аилагарақәа рырҽеира азы адҵақәеи анапынҵақәеи ҟаҵан. Иара убас, шықәсык ахь ҩынтә аполиклиника аҿы ашәҟәы иҭагалоу аинвалидцәа зегьы адиспансеризациа иахылароуп, аха уи мҩаԥыргаӡом.