АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Жәабран.2023

ЕМЗАР АШУА: АПОЛИКЛИНИКАҚӘА ҴАҴӶӘЫДА ИРАЦӘАНЫ АИНВАЛИДЦӘА РЗЫ АХӘШӘҚӘА ЫЛЫРҨААУЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвалидцәа Рфонд аҿы еиҳа иуадаҩу, апроблема зцу аныхтә статианы иҟоуп – ахәшәтә маҭәашьарқәа раахәара.  Иарбоу ахәҭаҷ заҵәык ала ауп Афонд ауал злашьақәгылаз.  Уаҳа ауал ҳәа Афонд акгьы ақәӡам. Абри азы адырра ҟанаҵоит 1992 – 1993 гг. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд аофициалтә саит.  https://gfi-ra.org.

Аус аҿы иҟоу убри ауп, аинвалидцәа арецептқәа рзылызҩаауа аполиклиникақәа, лассы-лассы ҵаҵӷәыда зхымԥадатәра алаборатортә ҭҵаарақәа рыла ишьақәырӷәӷәам апрепаратқәа рхыԥхьаӡра инамыцхәны иацырҵоит. Рецептқәак рҿы иарбахоит 20-30 ахәшәқәа рыхьӡқәа.  Иаагохар, 2022 шықәсазы ахәшәқәа раахәаразы Афонд ахарџь  71 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 500-ҩык инареиҳаны аинвалидцәа аҽыхәышәтәразы   Аԥсны анҭыҵҟа рышьҭра иақәхарџьхеит 45 млн. мааҭ.

Иҳаҩсыз ашықәс азы Афонд агәабзиарахьчара Аминистрра алархәны Ҭҟәарчал инаркны Гагранӡа аус зуа аполиклиникақәа зегьы рҿы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит. Зехьынџьара аилагарақәа аарԥшхеит. Бжеиҳан арецептқәа анализқәа рыда, аҳақьымцәа рабжьгарақәа рыда, апациент дзызхьаауа азы иажәа ала, лаԥшылатәи агәаҭара мацара ашьҭахь арецептқәа ылырҩаауан. Иара убас аполиклиникақәа зегьы рҿы аҳасабырбара иадҳәаланы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Амбулатортә хсаалагақәа ишахәҭоу ала ихадырҭәааӡом. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, аилагарақәа рырҽеира азы адҵақәеи анапынҵақәеи ҟаҵан. Иара убас, шықәсык ахь ҩынтә аполиклиника аҿы ашәҟәы иҭагалоу аинвалидцәа зегьы адиспансеризациа иахылароуп, аха уи мҩаԥыргаӡом.

«Иҳацхраараны иҟоу апроблемақәа ҳзаԥырҵоит Ҳара иаҳҭаху аԥаратә хархәагақәа хықәкызаарала ихшыҩркны иныхлазарц. Еиҳа еиӷьуп ҳара астационартә хәышәтәразы ҳветеранцәа дәықәаҳҵаларц. Урҭ ианаамҭоу рыхәшәтәра еиӷьуп лҵшәада миллионла аԥаратә хархәагақәа рныхра аасҭа.  Лассы-лассы, аиҳарак ашықәс ахыркәшамҭаз, дара ахәшәқәа ахьырмыхәо азы ахәышәтәразы рышьҭразы ҳара иҳадҵаалоит», –  ҳәа иҳәеит аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашуа. Убри аан уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, ахәшә аиашазы ихымԥадатәны ианыҟоу ари ахәҭаҷ хымԥадатәхоит. Аха  зны-зынла убас еиԥш аҭагылазаашьақәа шьақәгылоит  ахәшәқәа изызкыз акәымкәа даҽаџьара иандәықәҵахо.  Убас, шықәсык азы  илҩаахо апрепаратқәа рыхәԥса аицҵалыҵ 200-300 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡозар, еиҳа ихшыҩркхон иарбоу аԥаратә хархәагақәа комплексла аклиникақәа рҿы ахәышәтәразы иныхзар.  

Иазгәаҭатәуп, Афонд ипрецедентдоу ахҭыс ишақәшәаз.  Убас, Гәдоуҭатәи аполиклиника аҿы апациент ихьӡала акала ишьаҭаркымкәа шықәсык иалагӡаны зыхәԥса аицҵалыҵ 1,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоз ахәшәқәа ылырҩааит. Иарбоу афакт ала апрокурортә гәаҭара мҩаԥгахоит.

«Ҳара ҭакԥхықәрала аусура азы аҳәара ҟаҳҵоит, аха рыцҳарас иҟалаз, аполиклиникақәа рҿы иаҳҳәо раҳауам. Ари даара идуу аԥаратә хархәагақәа роуп, урҭ рыла ауаҩы аҳәаанырцә дышьҭны ихәышәтәра ҟалоит. Аӡәырҩы Ереван ақалақь аҿы рыхәышәтәра азы иақәхарџьхон  300 нызықь мааҭ еиҵамкәа», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Емзар Ашуа.

Арецептқәа рылҩаара иадҳәалоу аҭагылазаашьа еиҳагьы иуадаҩхеит апандемиа аныҟала ашьҭахь. Усҟан аполиклиникақәа асиа иҭагалам ахәшәқәа рылҩаара азы азин рыҭан.

«Аха ас еиԥш азин зауз џьоукы-кьоукы уи цәгьашақә ахархәара иалагеит. Убри инамаданы ҳара агәабзиарахьчара Аминистрра ахь адырра ҟаҳҵеит ҳара Аԥсныфармациа аҿаԥхьа ауал ахьҳақәхаз инамаданы аполиклиникақәа асиа иҭагалам ахәшәқәа рылҩаара азин шрымам. Ҳара ари азҵаара ахылаԥшра ҳарӷәӷәеоит. Даҽакалагьы уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам, избан акәзар ус ҳхы мҩаԥаамгар ҳара ацхыраара ҵабыргыҵәҟьаны изҭаху ауаа ҳызрыцхрааӡом. Ҳазҭалаз ашықәс иалагӡаны ҳара ари азҵаара аҭыԥ иқәаҳҵоит хымԥада.  Хы-шықәса ирҭагӡоу Афонд аҿы ҳусура аамҭа иалагӡаны ҳара ахәшәқәа рыда уаҳа проблема ҳамаӡамызт. Ҳара есымша иарбоу апроблема ҳазцәырҵуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.

Уажәы иара убас аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәаз ахәшәқәа рсиа арҿыцра иазку аусура мҩаԥысуеит. Уи агәабзиарахьчара Аминистрра ауп иназыгӡо.


Read 274 times - Амҽыша, 05 Жәабран 2023 13:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.