АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Жәабран.2023

2022 ШЫҚӘСАЗЫ АШӘАХТӘҚӘЕИ ЕГЬЫРҬ АШӘАТӘҚӘЕИ РЕИЗАГАРА АЗЫ АПЛАНТӘ РБАГАҚӘА 886 МЛН. МААҬ РЫЛА ИНАЦҴАНЫ ИНАГӠОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аппарат Хада аҿы Ахылаԥшырҭа 2022 шықәса рзы инанагӡаз аусра аихшьаалақәа рзы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит.  Аилатәара ихы алаирхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.  Инагӡаз аусура азы ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит Аппарат Хада Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи Аминистрра атерриториалтә инспекциақәа  рнапхгаҩцәеи. 01.01.2022 шықәсазы ашәахтәқәҵара змоу аекономика асубиектқәа рхыԥхьаӡара 17 213 рҟынӡа инаӡеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 4531 аиуристтә хаҿқәа,  иара убас 12682 хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа. Убри аан 01.01.2023 шықәса азы  урҭ рхыԥхьаӡара – 19187 рҟынӡа инаӡеит,  аиуристтә хаҿқәа – 5060, 14127 – ҩык хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, ареестр иалгоу уахь иналамҵакәа.  Убас ала, аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аекономика асубиектқәа рхыԥхьаӡара 1974 рҟынӡа иазҳаит, урҭ рахьынтә 529 аиуристтә хаҿқәа, иара убас  1445-ҩык хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра 2022 шықәсазы аусура аихшьаалақәа  ареспублика аҿы иҟоу ашәахтә шәатәқәа зегьы рыла хра злоу алҵшәақәа аанарԥшит.  2022 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалахаз ихымԥадатәиу ашәатәқәеи ашәатәқәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 4 285,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 2022 шықәсазы аплан ала  ишьақәырӷәӷәан – 3 526,3 млн. мааҭ. (анагӡара 122%, иааизакны инацҵаны анагӡара – 759,0 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит), аизҳара адинамика – 126 % рҟынӡа инаӡеит. Иарбоу алагалақәа реицҵалыҵ 2021 шықәсатәи арбагақәа 886,4 млн. мааҭ рыла еиҳауп,  2020 шықәсатәи арбагақәа  1 778,3 млн. мааҭ рыла еиҳауп.   2022 шықәса иалагӡаны арбагақәа   ԥхынҷкәынмза 31, 2022 азы 517,2 млн.мааҭ рыла еиҳахеит. Аԥхьанатә 2022 шықәсазы ашәахтә шәатәқәа рзы аплан 3 009,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.  Ашықәс анҵәамҭазы 2022 шықәсазы аплан 3 526,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон, аха  иарбоу аизҳара шыҟазгьы, аплан инацҵаны инагӡан. «Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аҭакзыԥхықә хаҿқәа ражәахәқәа рҟынтәи ишеилкаахаз ала, зыҩаӡара ҳараку алҵшәақәа раарԥшра алыршахеит.  Ҳара  ашықәсқәа инеиԥынкыланы абиуџьет ахь ашәахтә лагалақәа реизҳара шыҟоу аабаратәы иҟоуп. Жәаҳәарада, Аминистрра аусура хра злоу алҵшәақәа раарԥшра еиҳахоит. Уи инамаданы, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аҟны имҩаԥысуа ашәахтәқәҵаратә закәанԥҵара аиӷьтәра азы ауснагӡатәқәа шхымԥадатәиу умбар залшом» – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Владимир Делба.

Уи иара убас Аминистрра асистема аматериал-техникатә еиқәыршәара акыр ишеиӷьхаз азгәаҭо иарбоу Ахылаԥшырҭа аусура аҩаӡара еиҳагьы ишазҳауа азы агәыӷра ааирԥшит. Аплантә хыдҵақәа рынагӡара азы иҟоу алҵшәақәа иааизакны атәыла аҿы ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аминистрра Аппарат Хадеи аҭыԥқәа рҿы аинспекциақәеи рхықәкыхырхарҭатә  усура иадҳәалахеит.  Ашықәс алагара инаркны уажәтәи аамҭа аҟынӡа ареспублика араионқәа зегьы рҿы аплантә хыдҵақәа хра злоу адинамика ала инагӡан.  2022 шықәса азы иара убас Аминистрра ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу ашәахтәқәа рыхкқәа  зегьы рыла арбагақәагьы инацҵаны инагӡан.  Ашәахтәқәҵаратә усбарҭақәа русура аҿы зегьы раасҭа ихадоу, насгьы иуадаҩу процессқәаны иҟоуп ашәахтә шәатәқәа рганахьала иҟоу ауалқәа  реиҵатәра иазку аусура. Иарбоу ахырхарҭа ала ашәахтә усбарҭақәа рыструктуратә ҟәшеиҵақәа рыла ауалқәа рзы аинкассатә хыдҵақәа рышьақәыргылара азы аусура мҩаԥган, иара убас аматериалқәа аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура ахь адәықәҵара, ауалқәа зымшәо рзы адыррақәа -  азинхьчаратә усбарҭақәа рахь. Убри инамаданы 2018 шықәса инаркны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура аусеицура рыбжьоуп.

2022 шықәсазы  аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура ахь инашьҭын 255 материал. Уи аицҵалыҵ 300 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, идыршәан 87 млн. мааҭ иреиҳаны.  Иааизакны арҭ ахылаԥшырҭақәа русеицура аамҭа иалагӡаны ашәахтә усбарҭақәа рыла зеицҵалыҵ 726 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  580 материал аӡбаратә нагӡаҩцәа Рмаҵзура ахь идәықәҵахеит.  Ауал зқәыз идыршәахеит 100 млн. мааҭ инареиҳаны.  Ашәахтәқәҵаратә закәанԥҵара еффективла анагӡара хықәкыс иҟаҵаны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра 2022 шықәса аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы Аминистрра иаҵанакуа аинспекциақәа русура амониторинг азы комплексла ахылаԥшратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара есышықәса атәыла аҳәынҭқарратә биуџьет ашәахтәқәеи егьырҭ аҳәынҭқарратә шәатәқәеи ралагалара хра злоу анырра анаҭоит.  Убас, 2022 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы ашәахтә инспекциа аусура комплексла агәаҭара мҩаԥган. Уи аихшьаалақәа рыла, иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеиреи ашәахтәқәҵаратә усура атәыла ашәахтә закәанԥҵара иашьашәало аҟаҵареи иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥган.  

Зынӡа 2022 шықәсазы ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрреи аҭыԥқәа рҿы аинспекциақәеи рыла имҩаԥган  739 адокументалтә гәаҭарақәа, урҭ реихшьаалақәа рыла ашәахтә закәанԥҵара аилагара азы инацҵаны ахыԥхьаӡалара 344 472,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, 49 684,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтәқәагьы уахь иналаҵаны, ахараԥсатә санкциақәа – 294 787,8 нызықь мааҭ. 2022 шықәсазы Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ашәахтәқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи рымҩаԥгара ахылаԥшара аҭара ахаҭабзиара аиӷьтәра алнаршоит. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра Аппарат Хада аҿы Ахылаԥшырҭа аинспекциақәа русзуҩцәа азанаҭдырратә аттестациа рахгара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уи иабзоураны акадртә ӡбамҭақәа рыдкыларазы амеханизм аԥҵан.

2022 шықәсазы ас еиԥш аттестациа иахысит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра  Аҟәа ақалақь ала аинспекциа аусзуҩцәа. Иарбоу аттестациа аихшьаалақәа уажәы аҭҵаара астадиа аҿы иҟоуп. Анаҩс аиԥш-зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра иаҵанакуа егьырҭ инспекциақәа зегьы рҿы.  

2023 шықәса алагара инаркны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра ашәахтә шәатәқәа ралагалара алҵшәақәа реиӷьтәра азы инагӡаны илхым ашәахтә ала ахылаԥшра арӷәӷәара  иазкны аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра иқәгылоу ахыдҵақәа рынагӡара, аекономика асубиектқәа ршәахтә ҭакԥхықәра анагӡара ахылаԥшра арӷәӷәара иазку аусура амҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит.


Read 240 times - Амҽыша, 05 Жәабран 2023 13:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.