АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИАХҞЬАНЫ АУАА РҬАХАРА ИНАМАДАНЫ ШЬАМТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЬ АДЫШШЫЛАРАТӘ ШӘҞӘЫ ДӘЫҚӘНАҴЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы Аминистрра ахь атәыла аҩадатәи апровинциақәа рҿы иҟалаз ирацәаны аԥсытәбареи аилыбгарақәеи зцыз адгьылҵысра  ду инамаданы адышшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит.  

«Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аиашьаратә Шьамтәыла ажәлар зегьи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩшо ахәрақәа зауз зегьы излауа ала ирласны ршьапы иқәгыло, иҟалаз атрагедиа иахҟьаны ӷәӷәала ааха зауз арегион аиҭашьақәыргылара алыршахартә азы агәазыҳәареи агәыӷреи аанарԥшуеит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә цҳамҭа атекст аҟны.


Read 196 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.