АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ЕВРАЗИАТӘИ АИТЕГРАЦИА АГАНАХЬАЛА АИҚӘШАҲАҬРА АБЖЬАҴАРА ИАДГЫЛОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи евразиатәи аҵакыра аҿы агуманитартә усеицура ҳәаақәызҵо аиҿкаара хада – Евразиа ажәларқәа Рассамблееи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоу – ихьыԥшым Аԥсынтәылеи  евразиатәи аҵакыра иаҵанакуа атәылақәеи рыбжьара ганрацәалатәи агуманитартәии аусуратәии аимадарақәа рҳәаақәа арҭбаареи рырӷәӷәареи ауп.

Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аусура  иалахәуп 50 тәыла инареиҳаны. Ассамблеиа иреиҳаӡоу анапхгара аҩаӡара аҿы Евразиатәи аекономикатә комиссиа  астратегиатә партниоррра аҿиара иазкны аусура мҩаԥнагоит.  

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ашьҭахь Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра арегион атәылақәеи Аԥсни рыбжьара инацҵаны адиалог активизациа ҟалап ҳәа агәыӷра ааанарԥшуеит.


Read 207 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.