
pressadmin-2
АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСХКЫ АҾЫ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА РФИНАНСТӘРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныфармациа» адиректор Русҭам Адлеиба алархәны агәабзиарахьчара аусхкы аҿы аусмҩаԥгатәқәеи апрограммақәеи рфинанстәра азҵаарақәа ирызкын аилатәара мҩаԥигеит.
Владимир Делба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, агәабзиарахьчара Аминистрра Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныфармациа» аҿаԥхьа амедицинатә усбарҭақәа рҭаххрақәа рхарҭәаара азы ахәшәқәа раахәара азы иақәу ауал 30 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ажьырныҳәамза, 2023 шықәса рзы 21 млн. мааҭ рҟынӡа ауал ашәара алыршахеит.
БЕСЛАН КӘЫБРАА: ԤЫХЬАТӘИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРРАТӘ САНАТОРИАҚӘА «МВО», «ПВО» ҚЬЫРАЛА АԤСУА ИНВЕСТОРЦӘА ИРЫҬОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә политика азы апарламенттә Еилакы аҿы аҳәынҭқарратә мазара анапхараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа иԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак Анри Барцыц.
Иарбоу аилатәара амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟаиҵеит адепутат Кан Кәарҷиа.
Амшхәаԥштә иалагалан х-зҵаарак: аихамҩатә кредит; ԥыхьатәи урыстәылатәи арратә санаториақәа «МВО», «ПВО» қьырала рыҭара азҵаара; аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» амазаратә комплекс Урыстәыла ахатәрахьы аиагара азы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра.
Беслан Кәыбраа, аԥхьанатә амшхәаԥштә зҵаарак ауп иарбаз ҳәа иазгәеиҭеит. Уи Аԥсни Урыстәылеи рнапхгарақәа рыбжьара Аԥсны иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәразы аҭара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра аҽазыҟаҵара ауп изызкыз.
«Сара уи азҵаара сҽазыҟасҵон. Аус аҿы араҟа амшхәаԥштә еиҳа инарҭбаазаап. Адепутатцәа даара ираҳарц рҭахызар сара сҭакқәа, сара урҭ рыҟаҵара сазхиоуп», -ҳәа иҳәеит иара.
Ԥыхьатәи урыстәылатәи арратә санаториақәа дырзааҭгыло, Беслан Кәыбраа иҳәеит:
«Сара адепутатә зыҳәамҭа азҵаара аныҟазҵоз, ақьырала аҭаразы аиқәшаҳаҭра еиқәыршәаны анапаҵыҩрагьы мҩаԥгаӡамызт. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара ыҟазаргьы иҟамзаргьы, аиқәшаҳаҭра абжьаҵара алыршахаанӡа сара аобиект қьырала игоуп ҳәа сзыҳәаӡом. Қьырала агаразы аиқәашаҳаҭреи адкылара-аҭара азы акти ыҟазароуп, усҟан ауп аобиект қьырала ирыҭоуп ҳәа ианыԥхьаӡахо. Убри аҟнытә ауп актәи адепутаттә зыҳәамҭа аҭак аҿы иарбоу аобиект қьырала изгаз аиҿкаара зарбамхаз. Адепутат аҩбатәи изҵаара аҭак ҟаҵо, ҳара иазгәаҳҭеит актәи азҵаара аҭак аныҟаҳҵоз аамҭазы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара ҟамлаӡацызт, убри аҟнытә ҳара аиҿкаара аҳмырбаӡеит ҳәа иазгәаҳҭеит. Зегьы иаартны имҩаԥысуеит. Аколлегиалтә усбарҭа – аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ирыдыркылоит», - ҳәа иҳәеит Беслан Кәыбраа, убри аан иара априватизациа, мамзагьы аобиект қьырала аҭара азы аӡбамҭа хазхаҭала идикылартә еиԥш алшара шимам инаҵшьны иазгәеиҭеит.
ЛАША АШӘБА ШЬАМТӘЫЛАТӘИ АРАБТӘ РЕСПУБЛИКА ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИНАМАДАНЫ ҲАММУД ИУСЕФ САББАГУ ИХЬӠАЛА АДЫШШЫЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Ҳаммуд Иуссеф Саббагу ихьӡала адышшыдара ҟаиҵеит.
Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәалсра дула срыдышшылоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Жәлар Рхеилаки шьамтәылатәи ажәлар зегьи шьамтәылатәи апровинциақәеи ақалақьқәеи рыҟны иҟалаз адгьылҵысра инамаданы.
Иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иалаӡит хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра, аӡәырҩы ааха роуит, нхарҭада иаанхеит.
Ҳаҭыр зқәу Ҳаммуд Иуссеф Саббагу, исҳәарц сҭахуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика ажәлар зегьы иахьа изҭагылоу агәаҟра ирнаҭаз агәырҩа, ахьаа шрыцеиҩаҳшо.
Зегьы ирзеиӷьаҳшьоит ачҳара, агәаҟра иақәшәаз агәабзиара, иҳалшо ала ацхыраара ҳазхиоуп».
ДОНБАСС АХАҚӘИҬТӘРАЗЫ ИҬАХАЗ АИБАШЬҨЫ НИКОЛАИ ДЕНИСЕНКО ИԤСЫБАҨ ПИЦУНДАҞА ИААРГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Ростов-на-Дону ақалақь аҟынтәи Пицундаҟа иааргеит 1981 шықәса рзы ииз Денисенко Николаи Николаи-иԥа иԥсыбаҩ, ҳәа адырра ҟанаҵоит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АИҚӘЫРХАҨЦӘА АҚЫҬАУАА ИРЫԤШААЗ АРҬҞӘАЦГАҚӘА РЫҚӘГАРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьха ашьапаҿы иԥсаҟьаны икажьыз ажәытә рҭҟәацгақәа жәабран 6 рзы Гәдоуҭа араион ақыҭа Амжыкхәа (ԥыхьатәи Агараки ақыҭа) аҿы ақыҭауаа рыла иԥшаан. Урҭ рыԥшаамҭа азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟарҵеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иԥшааз арҭҟәацгақәа ирылан ареактивтә ашьаҟартә амцаршәгақәа «Шмель» ҩ-цырак, ареактивтә атанкҿагыларатә граната, анапылатә гранатаршәга ПГ-7, уи иақәшәо аџьаԥҳани, анапытә кумулиативтә граната, ашьаҟарҿагыларатә минақәа ԥшьба.
АԤСНЫ АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АҶЫДАЛКААТӘ ЗИНМЧЫ ЗМОУ АСИДА ШЬАҞРЫЛ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ИАХЬ АЕНЕРГЕТИКА АЗЫ АКОМИССИА АԤҴАРА АЗЫ АЖӘАЛАГАЛА ҞАЛҴЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭыԥ-ҭыԥла аамҭа-аамҭалатәи афымцамч аҿыхра инамаданы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь аенергетика азы акомиссиа аԥаҵаразы даҽазныкгьы ажәалагала ҟалҵеит.
Абҵарамза 24, 2022 шықәса рзы Асида Шьаҟрыл иарбоу аԥшьгарала дықәгылахьан.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл лгәаанагарала, ас еиԥш акомиссиа аусура ареспублика аҿы аенергетикатә кризис аҭышәынтәалареи ауаа рзинқәа рыхьчареи роуп ҷыдала изызку. Акомиссиа Аԥсны аенергетика аҭагылазаашьа ахәшьара анаҭар ҟалон, иара убас ишьақәгылаз акризистә ҭагылазаашьа системала алҵра азы апрограмма ашьаеқәыргылареи Аԥсны аенергетикатә усхкы аҿиара аконцепциа аиқәыршәарагьы алшарын.
АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМИНИСТР ДАУР АҚАҨБА АЏЬАЗТӘ ШӘАҲӘАҨЫ ЛАУРА ВОДИАНИЦКАИА ДИДИКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, хыԥхьаӡара рацәала аџьазтә фестиваль дуқәа иралахәхахьаз, Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут аестрада-џьазтә шәаҳәара акафедра аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Лаура Водианицкаиа дидикылеит.
Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы аҵарадырра, ахәҭакахьала амузыкатә ҟазара аганахьала акадрқәа разыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
АКЦИЗАТӘ ДЫРГАҚӘА ЗМАМЫЗ АРЫЖӘТӘИ АҬАҬЫНИ РЫМЫРХИТ Х-ҨЫК АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, ибаџьдоу ахәаахәҭра адәқьан азааигәара игылаз автомашьына гәарҭеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ. Аҳазылхыҩцәа агәаҭарраан ирыԥшааит иарбоу адәқьан аҿы иаахәаз акцизатә дырга змамыз 65 баҭлыка рҟынӡа арыжәтә џьбара.
УРЫСТӘЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗНАУИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аҳазылхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аусшәҟәы анапаҵыҩра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, жәабранмза 18, 2021 шықәс рзы, иара убас Москва ақалақь, мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы.
АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА ДАҬААИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Аферациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиеви реиԥылара имҩаԥысит.