АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

«СИСТЕМА» ЏЬВАРТӘИ АӠЕИЗАКЫРҬА АҾЫ АӠЫ АҨАӠАРА АЗЫ АИНФОРМАЦИА АМЫРЗАРА ИАЗЫӠБАНЫ ИҞАҴАН ҲӘА ИҞОУ АЦӘАЖӘАРАҚӘА ҴАҴӶӘЫДОУП ҲӘА АҲӘАМҬА АЛАНАРҴӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аинтернет-аҳамаҵдгалаҩ (апроваидер) «Система» Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аӡы аҩаӡара азы аинформациа амырзара хықәкыс иҟаҵаны онлаин-камера аҿыхын ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы аларҵәара зауз ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп, уи моу имцыркуп ҳәа адырра ҟанаҵоит.   

«Жәабранмза 3 – 6, 2023 шықәса рзы Егрытәи Аӡфымцатә станциа иахьаҵанакуаз атехникатә усурақәа мҩаԥысуан. Уи иахҟьаны уаҟа ишьақәыргылоу онлаин-камерақәеи ҳара ҳресурси  APSNY.CAMERA реимадара еиԥҟьеит. Убри аамҭазы асоциалтә ҳақәа ринформациатә ресурсқәа жәпакы рыла ҳара ҳресурс  APSNY.CAMERA анаӡара иахьаҵанакуа онлаин-камерақәа раҿыхра ала Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара азы аинформациа амырзара алыршахеит ҳәа акала ишьаҭаркым, имцырку аинформациа аларҵәара азы аҽазышәарақәа мҩаԥгахеит.

Ҳара ари аинформациа ҵаҵӷәыдоуп, уи-моу имцыркуп ҳәа ишьақәҳарӷәӷәоит. Асоциалтә ҳақәа рҿы ажәабжьтә ресурсқәа рнапхгаҩцәеи радминистраторцәеи рахь аҳәара ҟаҳҵоит, аринахысгьы аинформациа акьыԥхьрахь инаргаанӡа   цқьа игәаҭаны, уи ахыҵхырҭақәас иамоу иарбоу аҭагылазаашьа ишиашоу иадҳәалоу иадҳәаламу  еилкааны аус адырулаларц. Шәресурсқәа рреитинг аҳаҭырлаҟәра алшәмыршан!

Ҳара ҳаилазаара ареспублика ауааԥсыра зегьы рмаҵзура мҩаԥнагоит, уи акала аполитика иадҳәаланы иҟам!

Онлаин-камерақәа аштаттә режим ала аус руеит, акамерақәа рымадара азы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы хыркәшоуп. Уи гәарҭарц рылшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы ҳара ҳресурс apsny.camera иаҭааны», - ҳәа адырра ҟанаҵоит аинтернет-аҳамаҵдгалаҩ (апроваидер) «СИСТЕМА». 

 

 


Read 223 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.