АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Жәабран.2023

АԤСНЫ АҲӘЫНҬСТАНДАРТ УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ АСТАНДАРТҚӘЕИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ СТАНДАРТҚӘЕИ РЗЫ АДЫРРАҚӘА НАГӠАНЫ ИАИУРАНЫ ИҞОУП.

 Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Ашәахьа, жәабранмза  6 рзы Аԥсны Аҳәынстандарт аҿы Урыстәылатәи Афедерациа атехникатә ҭышәынртәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура ахаҭарнакцәа алархәны астандартизциеи аметрологиеи ашьашәалара ахәшьара аҭареи рганахьала анапхгарабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа рыла аусуратә еилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь Аԥсны астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәи ахылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи Урыстәылатәи Афедерациа атехникатә ҭышәынтәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаеви ажурналистцәа аиԥылара аилҵшәақәа ртәы рзеиҭерҳәеит.  

Нарсоу Сангәлиа урыстәылатәи аделегациа ҭабуп ҳәа раҳәо аганқәа Аԥсны азы акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиара астандартқәа раԥҵара, Урыстәылатәи Афедерациа ахь рышьҭра еиԥш арахь урыстәылатәи аспециалистцәа раашьҭралагьы ҳусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра, иара убас егьырҭ акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәеит.  Агәра сгоит иахьатәи ҳаиԥылара ҳаԥхьаҟа еффективла аусеицура ишацхраауа. Аԥсны азы ас еиԥш аизыҟазаашьақәа акыр аҵанакуеит, иазбан акәзар абизнес азҳауеит, аҭыжьра амҽхак иацлоит, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа дырҭбаауеит, атауареикәыршара иацлоит. Аамҭа ҳақәшәо ԥхьаҟа ҳцалароуп», – ҳәа иҳәеит Нарсоу Сангәлиа.

Антон Шалаев аԥсуа гани Аԥсны Аҳәынҭстандарти еиҿыркааз аиԥылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи атехникатә ҭышәынтәалара аганахьала 2011 шықәса раахыс аусеицура рыбжьоуп. Аиашазы, усҟангьы аусеицура ахырхарҭа хадақәа алкаан. Аха иарбоу аусеицура аинтенсивтәра асимвол хаданы иҟоу  аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыбжьара, 2020-тәи ашықәс азы аҩ-ҳәынҭқррак Рхадацәа реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалаз  аҩ-ҳәынҭқаррак рекономикатәии рсоциалтәии аҿиареи урҭ рзакәанԥҵарақәа реишьашәалареи рганахьала апрограмма адкылара.  Иарбоу апрограмма аҿиара азы  2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭстандарти Урыстәыла Аҳәынҭстандарти рыбжьара аусеицуразы амеморандум анапаҵыҩра мҩаԥган.  Ҳара иԥхықәраны иҳаду ганкахьала абизнес, аԥснытәи еиԥш урыстәылатәгьы ԥықәсларадатәи аимадареи аусеицуреи рзы аҭагылазаашьақәа рырҿиара, атуарқәа рагара аҭышәынтәалара, иара убас урҭ рхаҭабзиареи ршәарҭадареи иахәҭоу ахылаԥшра аманы иҟалартә, аха убри аан имыцхуны аԥынгылақәа ҟамларатәы аҟаҵара», - ҳәа иҳәхеит  Антон Шалаев.

Уи иажәақәа рыла, актәи аетап аҟны Аԥсны Аҳәынҭстандарт иаҭахоит Урыстәыла иҟоу астандартқәеи Аҳәынҭқарратә Стандартқәеи рзы адыррақәа реизак.

Антон Шалаев ишазгәеиҭо ала, аҩбатәи ахыдҵа — аспециалистцәа реимадара, азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа рымҩаԥгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи аспециалистцәа астандартизациа, аметрологиа, асертификациа аусхкқәа рҿы разыҟаҵара аҿы ацхыраара аҳасабала аметрологиеи асертификациеи рзы Урыстәылатәи Академиа алшарақәа рхархәара алыршахоит.

«Даҽа ихадоу ускгьы ҳалацәажәеит иахьа ҳаиԥылара аҿы. Уи «иаку усбарҭак адҵаалара» апринцип ауп. Ҳара ҳнапхгара аҵаҟа иҟоу, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аус зуа аусбарҭа –астандартизациеи аметрологиеи рзы Краснодартәи ацентр убас еиԥш иҟоу «иаку аусбарҭа» аҳасабала ицәырҵуеит. Иарбанызаалак аалыҵ аганахьала ицәырҵыр зылшо атехникатә зҵаарақәа зегьы  рганахьала уаҟа иахәҭоу аинформациа адкылареи анаҩс уи аус адулареи мҩаԥгахоит», - ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Антон Шалаев.


Read 215 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.