2310-ҩык хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын. 260-ҩык инареиҳаны Аԥсны ахьчара рхы ақәырҵеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 50 –ҩык Чечентәылантәи, 50-ҩык инареиҳаны Ҟабарда-Балкариантәи, 11-ҩык – Ҟарачы-Черкесиантәи, 8-ҩык – Украинантәи, 7-ҩык – Аахыҵ Уаԥстәылантәи, 7-ҩык – Адыгеиентәи, 6 - ҩык – Шьамтәылантәи, 6 - ҩык – Нхыҵ Уаԥстәылантәи, 6 - ҩык – Ҭырқәтәылантәи, 4 - ҩык – Ингушетиантәи, иара убас Азербаиџьанынтәи, Белоруссиантәи, Ҟазахсҭанынтәи, Литвантәи, Естониантәи, Приднестровиантәи, Польшантәи, уҳәа. Иара убас 106-ҩык – Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Владивоток, уҳәа Урыстәыла ақалақьқәа рҟынтәи хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Аԥсны ахьчаразы иҭахеит.
51-ҩык хатәгәарала еибашьуаз «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа иҳараку аҳәынҭқарратә аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит, 300-ҩык рҟынӡа Леон Иорден ранашьоуп, 700-ҩык рҟынӡа «Агәыфмшәаразы амедал» ранашьахеит.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны ныҳәак аҳасабала Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш азгәарҭеит нанҳәамза 15, 2012 шықәа рзы. Ари амш аԥҵара азы аԥшьгара ҟаиҵеит Аԥсны ԥыхьатәи аԥыза-министр Леонид Лакербаиа.
Нанҳәамза 8, 2013 шықәсазы Аԥсны усҟантәи Ахада Алеқсандр Анқәаб «Ареспублика Аԥсны агәалашәаратәи аныҳәатәи амшқәа рзы Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны, нанҳәамза 15 аныҳәатә усуратә мшны – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Ирымшны ирылаҳәахеит.