АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2023

Аслан Бжьаниа: хамеигӡарада игылаз Аԥсны жәлари урҭ аиҩызара, аиашьара рзызуаз аибашьцәеи ирыбзоураны иҳалшеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи реиқәырхара.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

Акыр иаԥсоу ҳаибашьцәа, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш.

31 шықәса раԥхьа 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Убасҟан, аибашьра ианналага аҩбатәи амш инаркны Аҟабарда жәлар рҵеи иаша Султан Асланбек-иԥа Сосналиев напхгара ззиуаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәыԥ ааны ҳаибашьцәа ирывагылеит.

Ақырҭуа агрессор иҿагыланы ахақәиҭразы иқәԥоз   хажәлар иарӷьажәҩаны ирыдгылан хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа Алада Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рыҟнытә, мшыннырцәынтә ҳџьынџьуаа, Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыҟнытә.

Абас хамеигӡарада игылаз Аԥсны жәлари урҭ аиҩызара, аиашьара рзызуаз  аибашьцәеи ирыбзоураны иҳалшеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи реиқәырхара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2000-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, урҭ рахьтә фырхаҵарала иҭахеит 460-ҩык инареиҳаны.  Аԥсны жәлар наунагӡа ирхашҭраны иҟаӡам ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵара.

Урҭ рыхьӡ кашәара ақәӡам.

Хьӡи-ԥшеи згым Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи ҿыц игыло абиԥарақәа рзы аԥсадгьыл абзиабареи, ахамеигӡареи рзы иҿырԥшыганы иҟалеит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит арҭ аҵеицәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз аҭаацәа.

Акыр иаԥсоу хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, Аԥсны жәлар ҳаҭырла иргәаладыршәоит ԥгара ақәӡамкәа иҳабжьоу аиашьареи аидгылареи. Абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит шәаргьы шәҭаацәарақәагьы агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра.

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада А Гь. Бжьаниа.

Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. 

 

 


Read 244 times - Аҩаша, 15 Нанҳәа 2023 18:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.