АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2023

Лаша Ашәба: «Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Аиааира агараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рлагаламҭа».

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа-аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит!

 

Ааԥхьараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу аибашьцәа – 1992–1993 шш. Аԥсны  Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш.

1992–1993 шш. иуадаҩыз  Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ацхырааразы иаҳзааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа зегьы еидызкылоз акәны иҟан аиашьара, аиҩызара аныҟәгара, аиашара адгылара, аҭынчреи агуманизми рыхьчара алзыршо аҟазшьақәа.

Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Аиааира агараҟны хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рлагаламҭа. Ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны жәлар 1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы изҭагылаз арыцҳара зхатә уск еиԥш издызкылаз арԥарцәа, урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра иақәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәԥараҟны иаадырԥшыз афырхаҵара. Ҳхырхәоит абас еиԥш аҵеицәа хьӡырҳәагақәа зааӡаз анацәеи абацәеи рҿаԥхьа, урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит.

Хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа реиҿкаара милаҭ еилых дамаӡам. Аибашьра ианналага аԥхьатәи амшқәа инадыркны урҭ ҳаибашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгыларц азы иааит Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа, Аԥсны анҭыҵ иҟоу аԥсуа диаспора ахьынхо атәылақәа,  Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика, Алада Уаԥстәыла Ареспублика уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҟнытә. Урҭ ргәымшәареи рфырхаҵареи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳазнысыз амҩа лашарбагаҵас иарлашон, ҿыц игыло Аԥсны абиԥарақәа рзы ҿырԥшыга бзианы иҟан.

Ҳара ҭакԥхықәраны иҳадуп иахьагьы уаҵәгьы Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз  хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рыхьӡ акамыршәра».

 

 


Read 212 times - Аҩаша, 15 Нанҳәа 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.