Акыр иԥшӡаны еиқәыршәаз аномерқәа, традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш абираҟқәа кны аиасра, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови рҟынтәи ааԥхьарақәа ирыԥхьеит аплошьадка аҿы.
Урыстәыла Ахада афорум Евразиа аҿар рзы акырӡа хра злоу плошьадкоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Агәра ганы сыҟоуп, афорум арҿиаратә ҟазшьа аманы ишымҩаԥысуа, шәара шәаԥшьгарақәеи шәажәалагалақәеи шәконцепциақәеи хымԥада анагӡареи аҿиареи шроуа, реалл аус аҿы ишаарԥшхо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥыза.
Афорум аартра иадҳәалаз ацеремониа рхы аладырхәит: Оренбургтәи аобласть Азакәанԥҵаратә Еизара аантәаҩы Сергеи Грачев, Урыстәылатәи Афедерациа асенатор Андреи Шевченко, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу аидгьылуаа рымадара азы Адепартамент аҟәша анапхгаҩы Алексеи Роскошныи.
Абжьгаратә ажәахәқәа рышьҭахь игеит Урыстәыла агимн абжьы. Анаҩс иалагеит апрограмма. Уи иалагӡаны иқәгылеит акәашаҩцәеи ашәаҳәаҩцәеи. Иҟан иара убас абалеринақәа, хип-хоп аелементқәа зцыз аурыс жәлар рыкәашарақәеи рышәаҳәарақәеи. Аабатәи Жәларбжьаратәи аҿар Рфорум «Евразия Global» акульминацианы иҟалеит еицырдыруа, акыр апопулиалра злоуурыстәылатәи агәыԥ «Filatov& Karas» ақәгылара. Уи алахылацәа зегьы ирдыруа ашәақәа нарыгӡеит.
Сынтәа имҩаԥгахо афорум тема хаданы иҟалоит жәларбжьаратәи аҿартә усицура ԥхьаҟатәи аԥеиԥш. Афорум Урыстәыла, 2024 шықәазы имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿартә форум иахыҵхырҭаны иҟалоит.