Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Очамчыра араион Ахадара активи ауааԥсыреи дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара атема дазааҭгыло, Инал Арӡынба иҳәеит: «Ҳара ажәлар, амчратә усбарҭа аҳасабала иҳалшеит даара иӷәӷәоу аиқәшаҳаҭра-зинтә база ашьақәыргылара. 2008 шықәсеи 2014 шықәсеи рзы акыр зҵазкуа шьаҭанкылатәи аиқәшаҳаҭрақәа ҩба рнапаҵыҩра мҩаԥган. Арҭ хадара злоу аусшәҟәқәа ҩба Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиареи рышьақәгылареи ҳәаақәырҵоит. Анаҩстәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы ҳабжьаҵара убарҭ аусшәҟәқәа рышьаҭала акәын ишымҩаԥысуаз», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Зыӡбахә ҳамоу цәыббрамза 17, 2008 шықәсазы «Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи аицхыраареи рзы» знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аиқәшаҳаҭраеи, абҵарамза 24, 2014 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аидгылареи апартиорреи рзы» Аиқәшаҳаҭреи.
Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа рҿы иарбоуп Аԥсны мҽхакы ҭбаала ацхыраареи адгылареи аҭара атәы, Урыстәылатәи Афедерациа иарбоу аԥхықәрақәа зегьы инагӡаны рынагӡара алнаршоит», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Иара Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ианаҭаз афинанстә цхыраара амҽхак атәы зҳәо уи аицҵалыҵ аирбеит. Убас, уи 2008 шықәса раахыс – 110 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Инал Арӡынба ҷыдала Урыстәыла Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аус аҿы иҟанаҵаз ацхыраареи адгылареи ртәы дазааҭгылеит.
«Адунеизегьтәи аекономикеи адунеизегьтәи аполитикеи – ари аконкурентра зыбжьоу аусхкқәа роуп. Аконкуренциа узхымгар, усҟан уара жәларбжьаратәи аҿиара амҩа ду ацәхыԥ аҿы уаанхоит. … Ҳара урыстәылатәи ахсаалаҿы ҳарбоуп, аха ҳара ҳарбаӡам америкатәи ахсаалаҿы еиԥш европатәи ахсаалаҿгьы, ҳарбаӡам иара убас ҭырқәтәылатәи ахсаалаҿгьы. Ишыжәбо еиԥш, ҳара хсаалак аҿы ҳанӡам, урыстәылатәи ада. Уи даара акыр аҵак ду аҵоуп. Ихьа урыстәылатәи ҳҩызцәа ари аиашамра аиааира аҿы иҳацхраауеит».
Аминистр Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара шыҟоу гәахәарыла иазгәеиҭеит.
«Ареспублика Белоруси ҳареи ҳабжьара адиалог даара ибзианы аҿиара иаҿуп. Белорусь Аԥсны ахьыԥшыра азханаҵар – усҟан уи ҳҳәынҭқарратә шьақәгылараҿы акырӡа зҵазкуа шьаҿаны иҟалоит!» – ҳәа иҳәеит иара.
Уи, Инал Арӡынба иажәақәа рыла, «Аидгыларатә ҳәынҭқарра аҳәаақәа ирҭагӡаны, убри аан Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет аиқәырхарала, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара азы алшара аԥнаҵоит».
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ицны араионқәа рҿы аитәылауаа, араионқәа рхадарақәеи реизарақәеи рхаҭарнакцәеи аҿари дырԥылоит. Аиԥыларақәа Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса аҵра иадҳәалоуп.