АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 26 – Аԥсны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амшныҳәа.  

Асааҭ 10:00 рзы – Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 11:30 рзы  – Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан  Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ  12:45 рзы – Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ҩаԥгахоит.

Асааҭ 18:00 рзы – Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы имҩаԥгахоит Аԥны ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш иазку аныҳәтә усмҩаԥгатә.

Асааҭ 19.30 рзы – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа, Б.ШШьынқәаба ихьӡ зху апарк аҿы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15- шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәаҵа мҩаԥгахоит.

Асааҭ 20.00 рзы –ХXI Жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гермааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аартра иазу аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит.

Амш ахыркәшамҭаз иҟалоит аныҳәатә салиут.

 


Read 182 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.