АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Нанҳәа.2023

Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада иазоурыжьит ирласу амедицинатә цхырааразы иҿыцу автомашьына.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра Очамчыратәи ахәышәтәырҭа иазоунажьит ирласны амедицинатә цхырааразы ҳаамҭа иақәшәо автомашьына ҿыц, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҿыцу, ирласы амедицинатә цхырааразы ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоу автомашьына  «Тойота-Хайц» ацыԥхақәа Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа лнапы иаиркит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.  

«Ҳара иаабоит Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа атуризм аҿиара ишаҿу. Иҿыцу атуристтә обиектқәа раартрала ҳтәыла ари ахәҭа иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡараакыр иазҳаит. Ауа еиҳа лассы-лассы амедицинатә цхырааразы иадҵаало иалагеит, иара убри ала амедусбарҭа иамоу ақәыӷәӷәара акыр иазҳаит. Автомашьына ҿыц азоужьра акыр иаҭахханы иҟалеит. Аԥсны агабзиарахьчара Аминистрра аҿы Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада азы ирласу амедицинатә цхырааразы ҳаамҭа иақәшәо автомашьына «Тойота-Хайц» аахәаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Шьҭарнахыс уи Очамчыра араион ауааԥсыра реиԥш аԥсшьаҩцәеи атуристцәеи рыԥсҭазаареи ргәабзиареи реиқәырхараҿы аҳақьымцәа акыр ирахәылоит», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аколлектив азы ари даара игәырӷьараз, аха изқәымгәыӷуаз хҭысны иҟалеит.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа лажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа уаанда иаман амаркақәа «Газель», «УАЗ», иатәыз х-машьынак,урҭ акыр шықәса ҵуеит аус руеижтҭеи. Иахьықәхьоу инамаданы, урҭ лассы-лассы русура еиԥҟьоит, излауо ала аиҭашьақәыргылара алыршахоит.

«Ҳмашьынақәа акыр иқәхьеит, урҭ лассы-лассы иԥхасҭахоит, иҳалшо ала еиҭашьақәҳаргылоит, избан акәзар  араион ауааԥсыра рыцхырааразы уи урҭ рыда ԥсыхәа ҳамаӡам. Амашьына ҿыц даара ианаамҭаз иҳауит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп агәабзиарахьчара Ааминистр Едуард Валериан-иԥа иҟаиҵаз ацхыраара ду азы», –  ҳәа иҳәеит Мадонна Кьышьмариа.

Ирласу амедицинатә цхыраара аҭара апункт аартра ашьҭахь ари автомашьына ҿыц Тамшь ақыҭахь идәықәҵахоит, араҟа уи Очамчыра араионтә хәышәтәырҭа аҭаххрақәа нанагӡалоит.


Read 220 times - Ахаша, 23 Нанҳәа 2023 12:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.