АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Нанҳәа.2023

Ашьаура гәҭакыс иҟаҵаны иҟалаз ауаҩшьра азы ашьаусеилыргара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 22, 2023 шықәсазы ахәаԥшразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭын Кәакәасқьыр Саҭбеи Закан-иԥа иганахьала ихацыркыз ашьаура гәҭакыс иҟаҵаны Анқәаб Раџьаб Шьоҭа-иԥа ишьреи, иара убас абџьари уи азы аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәареи рныҟәгареи рыҵәахреи рзы  азы ашьаусеилыргара.  

Араҟа зыӡбахә ҳәоу Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1, иара убас ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Заанаҵтәи аусеилыргарала ишышьақәыргылаз ала, мшаԥымза 5, 2023 шықәсазы, асааҭ 20:15 инарзынаԥшуа,  Саҭбеи Кәакәасқьыр,  зыхҭаларшә 9 мм. рҟынӡа инаӡо атапанча «Макаров» ала, макьаназы зхаҭара шьақәыргылам ахаҿи иареи заанаҵы ицәыҵеицәажәаны, Анқәаб Р.Ш. ила ажьырныҳәамза 1, 2012 шықәсазы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан Какәасқьыр Гииа Гәырам-иԥа ишьра инамаданы ашьаура гәҭакыс иҟаҵаны, Гагра араион Багрыԥсҭа ақыҭан иҟоу аҩнеихагыла №75/4 ашҭаҿы днеит. Анқәаб Раџьаб Шьоҭа-иԥа  адәахьы дандәылҵуа ҳәа дыԥшны даатәеит. Анқәаб Р.Шь. дандәылҵ, Кәакәасқьыр Саҭбеи уи хынтә диеихсит. Анқәаб Р.Шь. иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.  

Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа  2 ала асанкциа  иарбоу ацәгьоуразы ахьырхәра аҳасабала иазԥхьагәанаҭоит аа-шықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа аҭакрала ахгара, мамзаргьы ԥсраҽнынӡа аҭакра, мамзаргьы ашьра ақәҵара.


Read 165 times - Ахаша, 23 Нанҳәа 2023 13:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.