
pressadmin-2
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА ЗГӘАБЗИАРА АЛШАРАҚӘА ԤКУ АХӘЫҶҚӘА РРЕАБИЛИТАЦИАТӘ ЦЕНТР АУСУРА ГӘЕИҬЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делбеи згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа Рреабилитациатә Центр аусура гәарҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Ареабилитациатә Центр аҳақьым хада Лиана Емухвари ари амедусбарҭа аусура атәы еиҭалҳәеит.
Лара ишазгәалҭаз ала Ацентр згәабзиара ԥку ахәыҷқәа комплексла ртерапиа амҩаԥгара азы алшарақәа зегьы амоуп. Иарбоу амедусбарҭа аҿы есымша аус руеит апсихологцәа, адефектологцәа, алор-ҳақьымцәа, апедиатрцәа, алогопедцәа, арҵаҩы-ааӡаҩ, Ахәышәтәратә бҩарҵәыра аинструктор (ЛФК).
Едуард Быҭәба акабинетқәа дрыҩнысны игәеиҭеит, аусзуҩцәа дрыҿцәажәеит, Ацентр агәабзиарахьчара Аминистрра аҟынтәи иарбан цхыраароу иаҭаху дазҵааит.
ЖӘАБРАНМЗА 21 РЗЫ – АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ ДЫРМИТ ГӘЛИА ИИРА АМШ АЗГӘАРҬОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 21 рзы – Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иира Амш азгәарҭоит (21.02.1874 – 07.04.1960). Иахьа Аҟәа ақалақь, Р.Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашҭаҿы, ашәҟәыҩҩы анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АУСЗУҨЦӘА АРЕИДТТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫМҨАԤГАРААН МЫШКЫ АЛА 56-ҨЫК ИЖӘНЫ АМАШЬЫНА АԤСҞЫ ЗКЫЗ АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ААНЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа аплан «Ишәарҭам ақалақь» ала апрофилактикатәии ареидтәи аусмҩаԥгатәқәа рынагӡараан амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагаразы еиқәыдыршәеит 411 ԥкаанҵа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Telegram-канал аҿы иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарратә автоинпекциа адаҟьа.
Еиқәыршәоу 411 пкаанҵа рҟынтәи:
Ижәны амашьына аԥсҟы акра азы – 56,
Автомашьына асаркьақәа рыԥшшәахәыркра аԥҟарақәа реилагара азы – 44.
Аплан «Ишәарҭам араион» ала апрофилактикатәии ареидтәи аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа араионтә ҟәшақәа русзуҩцәа.
ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АМШЫН АԤШАҲӘА АҾЫ АҴЛАҚӘЕИ АЧЫҚЬҚӘЕИ РЕИЛЫХРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амуниципалтә наплакы «Ицқьоу ақалақь» амчала Очамчыра ақалақь амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа изызҳауа аҵлақәеи ачықьқәеи реилыхра мҩаԥысуеит.
Аԥсаҵлақәа иҩаз амахәқәа рхырффареи аолеандр ачықьқәа реилыхреи мҩаԥысуеит.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АИҚӘЫРХАҨЦӘА 1837-НТӘ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА АХЬЫҞАЛАЗ АҬЫԤҚӘА РАХЬ ААԤХЬАРА РОУИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы 2022 шықәсазы имҩаԥгаз аусура азы аихшьаалақәа ҟарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Иҳаҩсыз ашықәс азы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилатәара рхы аладырхәит аппарат Хада аҟәшеиҵақәа зегьы рнапхгаҩцәа реиԥш, араионтә былрацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәагьы.
2022 шықәсазы арбага хадақәа абас иҟоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы аԥсеиқәырхаҩцәа 1837-нтә иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь инеит. 979 инарзынаԥшуа абылрақәеи амцакрақәеи ҟалеит. Рыԥсы еиқәырхан 9-ҩык, 6-ҩык ҭахеит. 167-нтә аиқәырхаҩцәа амҩа-транспорттә машәыр хҭысқәа ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь ааԥхьара роуит. Урҭ рҿы иҭахеит ф-ҩык, еиқәырхахеит 28-ҩык.
Аӡы аҟны иҟоу обиектқәа рҿы иҟалеит 23 машәыр хҭыс. 8-ҩык рыԥсы аиқәырхара алыршахеит, 13-ҩык аӡы иагеит.
2022 шықәсазы аԥсеиқәырхаҩцәа ҩынҩажәижәабантә ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы иҟьалаз ауаа рыԥшаара рхы аладырхәит. 32-ҩык рыԥшаара алыршахеит, аха аԥшаарақәа раан иара убас ирыԥшааит аа-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟаз ауаа рыԥсыбаҩ.
2022 шықәсазы 63-ҩык атәылауааи ареспублика иаҭааз асасцәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҳақьымцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара рырҭеит.
Иҳаҩсыз ашықәс азы аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аусзуҩцәа иԥшааны еиҵырхит 60 инарзынаԥшуа арҭҟәацгақәеи 20 рҟынӡа ахимиатә шәарҭадара змоу амаҭәашьарқәеи рԥыхагадатәра алдыршеит.
Аминистр, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, 2022-тәи ашықәс ахылаԥшырҭа ала жәларбжьаратәи агуманитартә операциақәа рынагӡара аганахьала иҷыдоу ашықәсны иҟалеит. Жәабранмза 2022 шықәсазы иҷыдоу арратә операциа алагара инаркны, Аԥсныҟа аконфликт азона аҟынтәи раагара алыршахеит 132-ҩык ахҵәацәа. ЛЖәР, ЛЖәР, иара убас Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы инхо ауааԥсыра рзы 200 тонн рҟынӡа, иара убас милаҭрацәала еилоу абаталион «Пиатнашка» аизаараҿы Иҷыдоу арратә операциа зхы алазырхәо Аԥсны атәылауаа рзы 20 тонн рҟынӡа агуманитартә цхыраара дәықәҵахеит.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АНХАРҬАҬЫԤ АЛА РЕИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АМИТИНГ МҨАԤЫЗГО РХАҬАРНАКЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб анхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәаразы Аҟәа амитинг амҩаԥгара еиҿызкааз аҭаацәа рхаҭарнакцәа идикылеит.
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба, Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, Апарламент адепутатцәа Кан Кәарҷиа, Асҭамыр Гьерхьелиа, Инар Гыцба, Ерик Рштуни, ауаажәларратә еидгылара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба злахәыз аиԥылара аконструктивтә ҟазшьа аманы имҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Амитинг ахь ицәырҵыз рхаҭарнакцәа изларҳәо ала, дара ахәыҷырацәа змоу аҭаацәа рхаҭаранакра руеит, урҭ реиҳараҩык акыр шықәса раахыс рынхарҭатә проблемақәа рҭышәынтәалара алзыршо аӡбамҭа иазыԥшуп, қьырала изыҩноу ауадақәа рыхәԥса ашәарагьы акыр ирцәыуадаҩуп.
АԤСНЫТӘИ АШАХМАТАСЫҨЦӘА АԤСНИ НИКАРГУУЕИ АШАХМАТҚӘА РФЕДЕРАЦИАҚӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АШАХМАТҚӘА РЗЫ АКТӘИ АИҨЫЗАРАТӘ ОНЛАИН-ТУРНИР АҾЫ АИААИРА РГЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа Рфедерациақәа ркомандақәа рыбжьара имҩаԥгаз актәи аиҩызаратә онлаин-турнир аҿы асчиот 7:1 ҳәа иаиааит.
Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса рзы имҩаԥысит Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа Рфедерациақәа ркомандақәа рыбжьара актәи аиҩызаратә онлаин-турнир.
Атурнир рхы аладырхәит аҩганк рҟынтәи 14 –шықәса зхымҵыц ԥшьҩы-ԥшьҩык ашахматасыҩцәа.
ЖӘАБРАНМЗА 20 РЗЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА V ААԤХЬАРА АЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА НҴӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 20 рзы Ауаажәларратә Палата V ааԥхьара азинмчы аҽҳәара нҵәеит.
Ашәахьаҽны имҩаԥысит Ауаажәларратә Палата аихшьааларатә пленартә еилатәара. Аусмҩаԥгатә аҿы Ауаажәларратә Палата V ааԥхьара хы-шықәса ирылагӡаны инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵан.
ИЗАКӘАНЫМКӘА ИШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ АТРАНСФОРМАТОРҚӘА РДЕМОНТАЖ ИАЗКУ АУСУРАҚӘА ИРЫЦҴАХОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аилатәара аҿы изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы аусмҩаԥгатәқәа абжьаратә лҵшәақәа ирылацәажәеит.
Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа ирылҵшәаны аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь ирылагӡаны афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аларҟәра алыршахеит, аха иҳаҩсыз хымш рыла афымцамч ахархәара арбагақәа ҩаԥхьа ирыцлеит.
АКЦИА «ИҞАӠАМ АТӘЫМ РЫЦҲАРА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ МИЛЛИОН МААҬ ИНАРЕИҲАНЫ АЦХЫРААРА ЕИЗГАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿар раԥшьгаратә гәыԥ Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭара азы еиҿыркааз акциа «Иҟаӡам атәым рыцҳара» аҳәаақәа ирҭагӡаны еизгахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ миллионки 129 нызықьи 450 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Абри азы Аԥсныпресс акоррепондент адырра ииҭеит аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Инал Хәытаба.
Инал Хәытаба иажәақәа рыла, жәабранмза 6 рзы Ҭырқәтәыла аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы зегьы иреиҳау адгьылҵысра ҟалеит. Ҭырқәтәыла ашәарҭара иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәан, аҿаргьы аганаҿы изаанымхеит.
Жәабранмза 7 рзы Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара иҟоу алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны агуманитартә еидара адәықәҵара уадаҩхон азы ацхыраара аҳасабала аԥаратә хархәагақәа реизгара шыҟало азы алаҳәара ҟалеит.
«Аҟәа ақалақь аҿы иаартхеит аинформациатә центр, араҟа ауаа иҟалаз азы адыррақәа роур алшон, асоциалтә аҳа Инстаграм аҿы адаҟьа аԥҵан, иара убас адышшыларақәа рышәҟәы аԥҵан. Изҭаху зегьы ааины аҭырқәа жәлар рахь адышшыларақәеи адгылара ажәақәеи рыҩыр алшон. Ҳара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа есымша ҳаҽрымаҳдон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Инал Хәытаба.