pressadmin-2
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АҲӘСА ХӘАЖӘКЫРА 8 АМШНЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҳәса Хәажәкыра 8 амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Хәажәкырамза 8 амшныҳәа!
Шәара ҳаԥсҭазаара агәыҳалалреи агәцаракреи рыла игәылҭәааны иҟашәҵоит, аҭаацәаратә хәышҭаара аԥхарра еиҵышәхуеит, уаҵәы еиҵагылаша абиԥарақәа еиҵашәааӡоит, уи иаанаго Аԥсны аԥеиԥшгьы шәнапаҿы иҟоуп.
Ԥсабарала ишәылоуп амч-алша ҷыда, ачҳара. Аԥҳәыс атәыла асоциалтә, аекономикатә, акультуратә ԥсҭазаара аҿы иналыгӡо ароь ахә ашьара уадаҩуп.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьреи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭеи рзы шәара иаашәырԥшыз агәамч, агәаӷьра, ачҳара иааџьаушьаратәы иҟоуп, уи жәаҳәарада ҳазгәдууп.
АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА АԤСНЫ ИҚӘЫНХО АҲӘСА ЗЕГЬЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШ – ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәба Лаша адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеитАԥсны Жәлар Реизара — Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша адепутатцәа рыхьӡала Аԥсны иқәынхо аҳәса зегьы Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәлеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Акыр иаҳзаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәыблыла ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!
Иахьа аҳәса аԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа зегьы рыҟны аҭыԥ ҷыда ааныркылоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп аамҭақәа зегьы раан шәара
Аԥсадгьыли аҭаацәареи рыхьӡала арӷьажәҩаны шәахьҳадгылоу, аџьаус аҟнеиԥш, иуадаҩу аибашьра ашықәсқәа рызгьы. Аԥҳәыс илыллыршо рацәоуп, аха убри аангьы илыгӡам ахаареи агәыкреи, аҟәыӷареи ачҳареи, қәҿиарала иналыгӡоит лнапы злаку аусқәа. Шәара – ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа ишәыбзоураны ҳаҩнаҭақәа рыҟны аҳра руеит есқьынгьы аԥхарра, аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара.
КЬАЛАШӘЫРТӘИ АЦҲА ИНАРКНЫ АГӘЫӠЕРА АҲАБЛА АҞЫНӠА ИНАГОУ АИХАМҨА ИАНЫЛАЗ АГӘАМСАМ АҞЫНТӘИ АРЫЦҚЬАРАТӘ УСУРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадара Кьалашәыртәи ацҳа инаркны Агәыӡера аҳабла аҟынӡа аихамҩа ианылаз агәамам аҟынтәи арыцқьаразы абригада еиҿнакааит.
Аԥсны Аихамҩа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аихамҩа акәша-мыкәша иахысыз ажәырҭи ианылаз агәамсами рҟынтәи арыцқьара напыла мацарала ауп ишымҩаԥысуа. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас ҵыԥх ишыҟаҵаз еиԥш, аҳаскьын бааԥс мгыларц азы ахимиатә маҭәашьарқәа рхархәарагьы.
Мызкы аҵыхәала абригада Кьалашәыртәи ацҳа аҟынтәи Агәыӡера аҳабланӡа иара аихамҩа арыцқьара иадҳәалоу аусурақәа хдыркәшахеит.
АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬАҚӘА РУСУРА АОПТИМИЗАЦИА АЗУРА АЗԤХЬАГӘАНАҬОИТ.
Аҟәа. Хажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аколлектив ҳәоуеиқәшәарала русура аиҿкаара алыршахеит. Абри атәы Хәажәкырамза 8 аламҭалазы аԥсуа журналисткацәа дырԥыло иҳәеит Ахылаԥшырҭа ахада Инал Арӡынба.
«Ҳара ҳхыдҵақәа излауа ала аеффективра аҵаны анагӡара ҳҽазаҳшәоит. Аха ҳара акадртә потенциал аганахьала ауадаҩрақәа ҳамоуп. Иаагозар, ааигәамрагыларатәи тәылақәак рыҿцәажәарақәа мҩаԥгатәуп, уи азы жәаҳәарада иарбоу атәыла абызшәа, акультура, аҭоурых здыруа ауаҩы даҳҭахуп», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Иара адипломат ҿарацәа аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рдырра акыр ахшыҩзышьҭра аиҭоит.
Ҳусзуҩцәа ҿарацәа аӡәырҩы англыз бызшәеи даҽа бызшәаки рдыруеит. Англыз бызшәы ҳусураҿы ихадоу аҵакы амоуп. Ҳара Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа ирацәаны рыҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит, урҭ иарбоу арегионқәа рбызшәа иҽеины иахьаҳзымдыруа инамаданы англыз бызшәала имҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит аминистр. Иазгәаҭатәуп, аҭырқәа бызшәа Аминистрра аусзуҩцәа реиҳараҩык ишырдыруа.
Адәныҟатәи атәылақәа рҿы аус зуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭақәа русура алацәажәаразы иҟаҵаз аҳәара нагӡо аминистр иазгәеиҭеит:
«Ҳара Ҭырқәтәыла амадара активла имҩаԥаагоит, уи моу уахь аусуратә визитла ацарагьы азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ҳусура акыр активра аҵоуп. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба еффективла аус иуеит, уи ҩажәа-минуҭ рыла ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа реицәажәара еиҿикааит. Иара Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Шьамтәыла Ахада Иусбарҭеи активла русеицура алиршеит. Сара хаҭала ари аиҿцәажәара сбаратәы алшара сыман, уи даара иԥхоу, аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит. Башар Асад даара зҭагылазаашьа уадаҩу, аибашьа акыр иаргәаҟхьо, уи азмырхакәа уажәы иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны арыцҳара ду иақәшәаз ижәлар рԥеиԥш даара хьаас имоуп», – ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.
Уи иара убас адгьылҵысра аҿы ааха зауз Шьамтәыла ауааԥсыра рзы ҩажәижәаба инарзынаԥшуа амодультә ҩнқәа раахәара шалыршахаз азы адырра ҟаиҵеит.
«Иарбоу ахықәкқәа рынагӡаразы идәықәҵахеит аминистрцәа Реилазаара иазоунажьыз аԥаратә хархәагақәа. Ари ииашаны иҟаҵоу цхыраароуп. Ҳара шьамтәылатәи аган ҳрызҵааит, ирҭахым ааҳамхәарц азы», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.

АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА НУРИ КӘАРҶИА ИИУБИЛЕИТӘ РЫЦХӘ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Аарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Нури Кәарҷиа ииубилеитә рыцхә идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Нури Еремеи-иԥа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәира амш. 70 шықәса шәхыҵра амш аҽны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Шәара шәырҿиаратә ҟыбаҩ, шәгәамч Аԥсадгьыл амаҵ аура иахьазышәкыз.
Аԥсуа жәлар рытрадициақәа, рбызшәа, ркультура аиқәырхаразы, ҳтәыла иқәынхо реиԥш, уи анҭыҵгьы иҟоу ажәларқәа рырҿиара адгыларазы имҩаԥыжәго аусура Шәара шәыԥсҭазаараҟны хадара змоу хырхарҭаны иҟоуп.
Акыр шықәса раахыс Шәара напхгара ашәҭоит И. Е. Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр. Арҿиаратә конкурсқәа, ацәыргақәҵақәа, афестивальқәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа традицианы иҟалеит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп жәларбжьаратәи аҵакы заузгьы. Шәара ишәыбзоураны ҳарҿиаратә коллективқәа изныкымкәа қәҿиарала ҳреспублика ахьӡала иқәгылахьеит аҳәаанырцә. Жәлар рырҿиаралеи аҟазара абызшәалеи Шәара ишәылшеит ахьыӡ ҿыцқәа рцәыргара. Шәусураҟны шәзықәныҟәо аԥҟара хадақәа иреиуоу «Ҳәаа змам аиҩызара» – аԥсҭазаара иаларҵәахоит ишәҟазшьоу агәацԥыҳәареи ахықәкынагӡареи рыла.
САИД ҲАРАЗИА ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АХАДАС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа хәажәкырамза 7, 2023 шықәса рзы иҭижьыз Аусԥҟа ала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 53 апункт 16, «Аԥсны Аҳәынҭқарра администратитә акқәа рҿы анапхгараҭара азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инарықәыршәаны, Гәылрыԥшь араионтә Еизара ақәыршаҳаҭрала, Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа Гәылрыԥшь араион ахадас дҟаҵоуп.
Ҳаразиа Саид Геннади-иԥа диит ажьырныҳәамза 31, 1974 ш. Аҟәа ақалақь аҿы.
1991ш. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 10 далгеит.
1997ш. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аекономикатә факультет «Аҳасабырбареи аудити» азанааҭҵара ала далгеит.
1992-1993шш. – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.
2001- 2008 шш. Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭтәра активла далахәын.
2003 – 2007шш. – Москва ақалақь, Аиашахаҵаратә Аԥшьа-Тихонтәи агуманитартә Унверситет аҿы аҵара иҵон. Атеологиа абакалавр аҩаӡара ихҵоуп.
1993 - 1996 шш. – Гәылрыԥшь араион аҿы еиуеиԥшым амаҵураҭыԥқәа ааникылон.
БАГРАТ ХӘЫТАБА ШЬАМТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ФЕИСАЛ МИКДАД ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Шьамтәыла имҩаԥысит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Микдад диԥылеит. Аиԥылара аҿы аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Баграт Хәытаба, сынтәа иазԥхьагәаҭоуп II аԥсуа-шьамтәылатәи акомитет амҩаԥгара, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аеконоика, анаука, акультура, аҵарадырра, уҳәа аусхкқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
АЛЕКО ГӘАРАМИА ААУ АРЕКТОР ИМАҴУРАҾЫ ДШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада хәажәкырамза 7, 2023 шықәса рзы иҭижьыз Аусԥҟа ала, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет Аԥҟаԥҵәа апункт 45 инақәыршәаны, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, академик, апрофессор Гәарамиа Алеко Алеқсеи-иԥа ауниверситет аректор имаҵураҿы дшьақәырӷәӷәоуп.
«АԤҲӘЫСИ АҞАЗАРЕИ. АҬОУРЫХИ ИАХЬАТӘИ ААМҬЕИ»: АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ ИААТУЕИТ АЦӘЫРГАҚӘҴА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алексеи Шамба/. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш - Хәажәкыра 8 иазкхоит.
Хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа иблахкыгоу адунеи рагәылахалара алагеит ацәыргақәҵатә зал Хада иҩналаанӡагьы. Ааԥынтәи амра ашәахәақәа, аԥхарра зҵоу амш, ауаа ргәалаҟазаара бзиеи асахьаҭыхыҩцәа иааубаратәы иҟаз ргәы ахыҭхыҭра аныҳәа гәырӷьахә азыԥшра аԥнаҵон.
Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, раԥхьатәи ааԥынтәи ацәыргақәҵа иҷыдоу аҟазшьа аҵоуп, избан акәзар уи ахәаԥшцәа 45 инарзынаԥшуа аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа ХХ-тәи ашәышықәса инаркны иахьатәи ҳамшқәа рҟынӡа иаԥырҵахьаз аҭыхымҭақәа рбара азы алшара рынаҭоит.