АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Марттәи ажәылара 30-шықәа ахыҵра азгәарҭоит.

30 шықəса раԥхьа, 1993 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы Гəмысҭатəи афронт аибашьцәа Аҟəа ақалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцəа рҟынтə  ахақəиҭтəразы мҽхакы ҭбаала ажəылара мҩаԥыргеит.

Аԥсуа архəҭақəа Гəмысҭа аӡы ирны Аԥсны аҳҭнықалақь азааигəара астратегиатə ҵакы змаз аҳаракырақəа рнапаҟны иааргеит, гəыԥқəак ақалақь агəы алалара рылшеит.

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Хәажәкырамзазтәи ҳəа зыхьӡхаз ажəылараан аԥсадгьыл ахьчаҩцəа зеиԥш ыҟам афырхаҵареи агəымшəареи аадырԥшит, аҕацəа ртехникеи дареи ааха ӷəӷəа рырҭеит. Аха рыцҳарас иҟалаз, ажəылара ахықəкы азынамыгӡеит, хәажәкырамза 17, 18 рзы ҳаибашьцəа хьаҵыр акəхеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023. Аԥсныпресс. Алитература, аҟазара, архитектура аусхкқәа рҿы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа апремиа аирузы аконкурс рыланаҳәоит.

Аконкурс ахь ирыдаркылоит 2020–2022шш. акьыԥхь збаз арҿиамҭақәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы ирыхәаԥшит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ ахь иқәыргылаз акандидатурақәа.

Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ аанкыларазы иқәыргылоуп х-кандидатурак – Гәында Џьениа, Анас Кьыьмариа, Диана Керселиан.

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ААУ атехникатә еиқәыршәара аҿы ацхыраара ҟаиҵоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟалҵеит ауниверситет аректор ицхырааҩ Анжела Қаџьаа.

«Ауниверситет аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус аулоит IT база. Уи иаҵанакуеит ҳаамҭазтәи атехника, алитература аахәара, инагоу урыстәылатәии белорустәии IT аспециалистцәа алархәны онлаин лекциақәа реиҿкаара, уҳәа. Иахьа IT – ари даара аперспективра злоу ахархәагақәа реикәыршара ду змоу усхкны иҟоуп. Ҳара акадртә база аԥҵара ҳалшар, иарбоу аусхкы аҿы аихьӡара бзиа аарԥшрагьы ҳалшоит ҳәа сгәы иаанагоит», - ҳәа илҳәеит лара.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба ареспубликатә биуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рхарџь ала  зфинанстәра мҩаԥысуа арратәии асоциалтәии аинфраструктура аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азы иҟаиҵаз агәҭабжьаратәи аҳасабырба  дазыӡырҩит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, сынтәа 2022 шықәса рзы инагӡаны имҩаԥгамыз аусурақәа зегьы хыркәшахоит, Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны.

Очамчыра араион аҿы Лабра ақыҭан автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара хыркәшахеит, иара убас аҩбатәи ақыҭатәи ацҳа аиҭашьақәыргылара ахыркәшарахь инеиуеит, Ҷлоу ақыҭан акультура Аҩны ахыбра ақәҵара мҩаԥгоуп, Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь, Кәтол ақыҭақәа рҿы афельдшер-кушертә пунктқәа рҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа мҩаԥысуеит.

Хара имгакәа Ԥақәашь ақыҭан автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара иалагоит.

Ахархәарахь ирыҭахеит Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭан иҟоу ацҳа, ааигәа аргылаҩцәа  ари ақыҭаҿы иҟоу даҽа цҳакгьы аиҭашьақәыргылара иалагоит.

Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара Аусбарҭа анапхгаҩы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Ҭҟәарчал ақалақь аҿы – В. Арӡынба, 13, Горки, 1 амҩақәа рыла игыло аҩнеихагылақәа рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 2022 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын хәажәкырамза 10 рзы имҩаԥысыз арҿиаратә еиҿкаара апрезидиум аилатәара.

Аҳасабырбатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу. Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла апрезидиум иара убас 2023 шықәсазы аусура аплан шьақәнарӷәӷәеит.

Абарҭ ахырхарҭақәа рыла аусура арӷәӷәара азы аӡбамҭа рыдыркылеит: Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иҟоу Алитературатә Клуб аусура;

алитератор ҿарацәеи ареспублика аҵараиурҭақәа жәпакы рҿы еиҿкаау алитературатә гәыԥқәеи русура;

иреиӷьу арҿиамҭақәа ацәаҳәаҵатәи азҟазаратәи аиҭагара;

ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә ҭынха аизгареи аиқәырхареи;

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла афотоархив аԥҵара.

«Ҳазҭалаз ашықәс аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рзы аҵак ду змоу шықәсны иҟоуп. Ааԥынра, 1933  шықәса  рзы иаԥҵаз атәыла ижәытәӡоу арҿиаратә еиҿкаарақәа иреиуоу Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90-шықәса ахыҵуеит. Ари аиубилеитә рыцхә ҭагалан азгәаҭара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.  Убри инамаданы атәыла алитературатә ԥсҭазаара азы еиҳа зҵазкуа ахҭысқәа алкаахеит. Урҭ ирызкхоит араионтә, ақалақьтә, ареспубликатә усмҩаԥгатәқәа жәпакы», – ҳәа Аԥныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Вахтанг Абхазоу.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза  12 инаркны 14-нӡа Гал араион аҿы Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада идҵа ала Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаарақәа разыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.  

Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы, аинрал-маиор Дмитри Дбар иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аруаа рҿаԥхьа аоперативтә хыдҵақәа ықәыргылан, анаҩс урҭ рырратә гыларҭақәа рахь еихшан.

«Азыҟаҵарақәа излауа ала аибашьратә- аконртеррористтәи адиверсиатә гәыԥқәа рҿагыларатәи ауснагӡатәқәа ирзааигәаны ишьақәгылоуп.  Ас еиԥш аҽазыҟаҵарақәа инеиԥынкыланы есԥшьбарак еиҿкаахалоит. Араҟа иҟоу иҷыдоу аҟәшеиҵақәа азыҟаҵара бзиа рымоуп, иарбоу азыҟаҵарақәа рзы иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьа рыла еибыҭоуп», – ҳәа иҳәеит Дмитри Дбар.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион актив анапхгаҩ ҿыц Саид Ҳаразиа дыдирдырит.

Анапхгаҩы ҿыц иаҭара иазкыз Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа даԥхьеит Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа анапхгаҩ ҿыц иабжьигеит  аусура алҵшәақәа зҿлымҳара риҭарц. «Иарбан кадртә еиҭакразаалак алҵшәа бзиа аанагароуп. Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала, сгәы иаанагоит Саид Ҳаразиа иџьабаа Гәылрыԥшь араион анхацәа рзы ихәарҭахап ҳәа».

«Зегь реиҳа ихадароу, амилаҭеилаԥса рыбжьара аҭынчра ахьчароуп, избанзар, ара аџьа рбоит еиуеиԥшым амилаҭқәа – убри ала иуникалтәуп Гәылрыԥшь араион», - иҳәеит Ахада.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭа шыуадаҩу, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә операциа, иара убас Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра гәҭакыс ишамоу. «Ҳарҭ даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ҳаидгылароуп, аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчаразы», - иҳәеит Ахада.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион ахь иусуратә ныҟәараан Аҳәынҭқарра Ахада хаҭалатәи аилазаара амобилизациатә зыҟаҵара арӷәӷәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара шымҩаԥысуазы атәылахьчара аминистр иажәахә дазыӡырҩит, иара убас имҩаԥигеит аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа инаваршәны анџьныртә ргыламҭа ҿыцқәа ргәаҭара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьани ила ишьақәырӷәӷәаз Ауаажәларратә Палата алахәылацәеи хәажәкырамза  10, 2023 шықәсазы Ауаажәларратә Палата аилазаара ахь иалхыз аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи реилатәара.

Аилатәара аҿы Ауаажәларратә Палата аилазаара ҿыц ашьақәыргылара иадҳәалаз азҵаарақәа ирылацәажәеит.

«Ауаажәларратә Палата азы» Азакәан ахәҭаҷ 8, апункт 6 инақәыршәаны, аконкурстә лыԥшаара апроцедура алы Ауаажәларратә Палата аилазаарахь 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа рыдкылареи хықәкыс иҟаҵаны, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа рыла азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәареи аконкурстә лыԥшаара амҩаԥгара арыцхәи шьақәырӷәӷәан.  

Азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара – хәажәкырамза 13 -24, 2023 шықәса.

Аконкурстә лыԥшаара амҩаԥгара арыцхә – хәажәкырамза 27, 2023 шықәса. ***

Ауаажәларратә Палата шьақәгылоит Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәирӷәӷәаз 13-ҩык Аԥсны атәылауааи 11-ҩык араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәеи рыла; 11-ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәа, ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи рхаҭарнакцәа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.