
pressadmin-2
ВАДИМ ВОУБА ИХАРАДҴАРА АЗЫ АШЬАУСЕИЛЫРГАРА ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокуратура Хада Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 2, ахәҭаҷ 105, ахәҭа 3, апункт «а», ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апунктқәа «е», «ж» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа, ахәҭакахьала Хмаил Рамин Нури-иԥа гәҭакыла ишьреи Џьумутиа Д.Р. игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭареи, иара убас гәыԥҩык ауаа рыла иҭҟьо абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи аиагареи рзы Воуба Вадим Витали-иԥа иганахьала ихацыркыз ашьаустә усеилыргара азы ахарадҵа шьақәнарӷәӷәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада официалтә саит.
АҞӘАТӘИ АНАПЛАКЫ «АРГО-ИНВЕСТ» АЦӘЫРГАҚӘҴА MITT – 2023 АХЫ АЛАНАРХӘУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәуеит.
«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥԥшӡарақәа рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рпопулиаризациа азы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан Адлеиба.
Леуан Адлеиба иажәақәа рыла, Аԥсны астенд ацәыргақәҵа иаҭаауа акыр ирацәаҩуп, уи акыр аинтерес аҵаны иҟоуп.
АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АРЕСПУБЛИКА АҾЫ АЗИНЕИЛАГАРАҚӘА РЫԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЗЫ АРЕИДҚӘА МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа мызқәак раахыс, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба идҵа ала амилициа аусзуҩцәа ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит. Есыҽны амҩақәа рҿы азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рыпрофилактикеи иазкны ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. Амилициа аусзуҩцәа есыҽны ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылоит.
Ареспублика иахьаҵанакуа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа ахылаԥшра аиҭоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа. Апатрультә гәыԥқәа ареидқәа рахь инеиуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аҳәынҭқарратә дыргақәа змам амашьынақәа, иара убас зсаркьақәа ԥшшәырку, иара убас ашәарҭадара амаҟақәа рыда иныҟәо автотранспорт.
АҞӘАТӘИ АҾАР ХЫХЬТӘИ ГӘЫМСҬА АЦҲА АҾЫ ИҞОУ АМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа, аҵара Аусбарҭа, иара убас Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥкомандаҟаҵаратә Ҵараиурҭеи Аҟәа ахақәиҭтәразы Марттәи ажәыларатә операциа 30-шықәса ахыҵра иазкны агәалашәаратә акциа мҩаԥыргеит.
Акциа рхы аладырхәит аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәеи Аҟәатәи Иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә Ҵараиурҭа акурсантцәеи. Урҭ хыхьтәи Гәымсҭа ацҳа аҿы иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
ХӘАЖӘКЫРАМЗА, 1993 ШЫҚӘСА РЗЫ ИҞАЛАЗ АЖӘЫЛАРА АҾЫ ИҬАХАЗ РГӘАЛАШӘАРА АЗЫ АЦӘАШЬҚӘА АДЫРКИТ, ИАРА УБАС 222 ФОНАР АЖӘҨАН ИАЛАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан афронт иаԥныз Алада Ешыра ақыҭан Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра азы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара 30 - шықәса ахыҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала иҭахаз аиабашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Ашколхәыҷқәа аибашьра иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, марттәи ажәылара хаҭала иалахәыз аибашьра аветеранцәа хәажәкырамза 15 -16, 1993 ауха иалагаз ажәыларатә операциа азы ргәалашәарақәа еизаз ирзеиҭарҳәеит.
АԤСНЫ АТУРИЗМ АМИНИСТРРЕИ АРЕСПУБЛИКА ҞРЫМ АТУРИЗМИ АКУРОРТҚӘЕИ РМИНИСТРРЕИ АКУРОРТҚӘЕИ АТУРИЗМИ РУСХКЫ АҾЫ АГӘҬАКҚӘА РЗЫ АԤКААНҴА РНАПАҴЫҨРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи Ареспублика Ҟрым акурортқәеи атуризми рминистр Вадим Волченкои хәажәкырамза 16 рзы, XXIX Москватәи Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны атуризм Аминистрреи Ареспублика Ҟрым атуризми акурортқәеи Рминистрреи акурортқәеи атуризми русхкы аҿы агәҭакқәа рзы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Аганқәа рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵареи инарықәыршәаны акыраамҭатәии аҩганк ирзыфеидоу аусуратә еимадара абжьаҵара азы агәҭакқәа шрымоу азгәаҭоит.
АЛАДАТӘИ ЕШЫРА АҚЫҬАН МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРА 30- ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКНЫ АГӘАЛАШӘАРАТӘ АКЦИА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылара 30-шықәса ахыҵра амш аҽны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы агәалашәаратә акциа мҩаԥнагеит.
Аҿари Марттәи ажәылара иалахәыз аибашьра аветеранцәеи Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Анаҩс акциа иалахәыз Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал аҟынӡа шьапыла амҩа иқәлеит. Уаҟа урҭ Ахада иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәатәи абаталион аибашьцәа рбаҟа аҿаԥхьа игәалашәарақәа еизаз ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны Афырхаҵа, Аҟәатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Сергеи Матосиан.
«Иахьа – хәажәкырамза 16 ауп. Ари амш аҽны, В этот день, 30 шықәса раԥхьа иахьа ҳахьгылоу атерриториа аамҭала аӷа инапаҿы иҟан, ҳара уи аҭарцәра азы аӡиас ҳарны ажәылара мҩаԥаагеит.
Сара исҳәарц исҭаху, ҳара аибашьышьа ҳҵон усҟан, избан акәзар ус еиԥш аԥышәа ҳамамызт, рыцҳарас иҟалаз аибашьышьа рҵоит, аха убри аан аӡәырҩы ҭахоит. Даара ирацәаҩны рыԥсҭазаара ақәырҵеит ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи. Сара исҭахуп ишәхашәмышҭырц шәара ишәықәлаз рфырхаҵара», – ҳәа агәалашәаратә акциа иалахәыз аҿар рахь ихы рханы иҳәеит Сергеи Матосиан. – Аиааира иаразнак ала иҟалаз усӡам. Хәажәкырамзазы иҳақәмҿиазаргьы, ҳара зегьы есааира ҳарратә ԥышәа азҳауан, убас цәыббрамза 30 рзы аӷа инагӡаны ииааирагьы ҳалшеит».
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА COVID-19 АЗЫ ИҞОУ АГӘҨАРА ИНАМАДАНЫ АҼЫԤХЬАКРАХЬ ДИАСИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа аҽыԥхьакрахь диасырц иӡбеит аҩаша, хәажәкырамза 14 рзы, игәамбзиара иахҟьаны. COVID-19 антиген азы Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥигаз експресс-тест иҵоуроу алҵшәа аанарԥшит.
Иара убас аҿкы аҟазаара ашьақәырӷәӷәаразы имҩаԥган акороновирустә ҿкы чымазара аҟазааразы алабораториатә ПЦР-тест. Ҳазҭагылоу аамҭазы алҵшәақәа рааира иазыԥшуп.
АԤСНЫ АДЕЛЕГАЦИА XXIX АТУРИЗМИ АСАСДКЫЛАРА АИНДУСТРИЕИ РЗЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЦӘЫРГАҚӘҴА MITT – 2023 ИАЛАХӘХОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа атуризми асасдкылара аинидустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыгақәҵа MITT – 2023 иалахуп. Уи мҩаԥыслоит хәажәкырамза 16 инаркны 18 - нӡа Москва ақалақь, Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә центр «Крокус Экспо» аҿы.
Аԥснытәи аделегациа аилазаара аҿы иҟоуп еиуеиԥшым атуристтә еилазаарақәа, атуристтә операторцәа, Аԥсны атрансферқәеи аекскурсиамҩаԥгаҩцәеи рзанааҭеидгылақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны еицырдыруа аҭыԥԥшӡарақәа иреиуоу Гагратәи аколоннада асахьа зманы иҟаҵоу аԥснытәи астенд аҿы ахатәы аалыҵ адгалара мҩаԥнагеит.
«Иахьа аусура иалагеит адунеи аҿы зегь иреиҳау ацәыргақәҵақәа хәба рхыԥхьаӡараҿы иҟоу XXIX Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа MITT – 2023. Аԥсны араҟа ицәыргақәҵоуп астенд ду ала. Уи хыԥхьаӡара рацәала аҭааҩцәа адҵаалоит. Атуроператорцәа аус руеит, ҳреспублика иазҿлымҳау зегьы аинтерес зҵоу адыррақәа рырҭоит. Ҳара ацәыргақәҵа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәак рнапаҵыҩра азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Ареспублика Ҟрым аус ацура азы аиқәшаҳаҭрагьы уахь иаҵанакуеит. Ацәыргақәҵа хымш аус аулоит. Ҳара ҳастенд аусура иалагалоит ашьыжь, асааҭ 10 инаркны. Ҳара 2023 шықәсатәи асезон азы хыԥхьаӡара рацәала асасцәа рҭаарала иалкаахап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа ҭелла Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажо иҳәеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба.
АҞӘА МАРТТӘИ АЖӘЫЛАРААН ИҬАХАЗ ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра Марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Ашьыжь, хәажәкырамза 16 рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-93шш), Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥысыз марттәи ажәылараҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз ацеремониа мҩаԥысит.
Уи иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра, аӡбаратә уаажәларра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.