АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Цәыббра.2023

Аконференциа «Иаарту амчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа» цәыббрамза 21 – 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 21 – 23, 2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи инамаданы имҩаԥыслоит II Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Иаарту амчра: ашьақәгылареи аусуреи рыпроблемақәа»..

Аконференциа аиҿкааҩцәа – Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут, Анапхгараҭаратә усбарҭақәа русзуҩцәа еидызкыло Амилаҭтә Ассоциациа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра. Аусмҩаԥгатә аиҿкаараҿы адгылара ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. 

Аконференциа аусура ахь ааԥхьара рыҭахоит аҵарауаа-ҭҵааҩцәа, аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа, аспирантцәа.

Алахәхара аформат латәаралатәи/латәарадатәи,

аконференциа абызшәақәа: аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи.

Аконференциа аусура аихшьаалақәа рыла, аматериалқәа реизга кьыԥххьоит, алахәылацәа ракәзар – асертификатқәа роуеит.

Аконференциа алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыла, иара убас иназыцҵоу адыррақәа раиуразы аиҿкааратә комитет адҵаалара хымԥадатәуп. Уи ҭелла еиԥш аелектронтә ԥошьҭалагьы иҟалоит:

Андриухина Елина Пиотр-иԥҳа email: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees., тел. +7 903 722 85 40;

Лебедева Екатерина Алеқсеи-иԥҳа

email: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees., аҭел. +7 916 391 60 00;

Аҩӡба Кристина Ричард-иԥҳа email: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees., аҭел: +7 940 925 17 70;

Аконференциа аусура аихшьаалақәа рыла алахәылацәа зегьы Асертификат рыҭахоит. 


Read 135 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.