АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 15 рзы Мықә ақыҭан имҩаԥысуеит акультура-ҟазаратә Фестиваль.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, цәыббрамза  15 рзы аҭоурыхтә дәы Мықәашҭа (Очамчыра араион, Мықә ақыҭа) Европатәи Аидгылареи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу ақыҭатә ҵакырақәа рыҿиаразы апрограммеи жәларбжьаратәи аиҿкаара «Амлакра аҿагыларзы аиҿкаареи» еицынарыгӡо апрограмма ацхыраарала,  Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рраионтә аԥшьгаратә гәыԥқәа рыла имҩаԥысуеит акультура ҟазаратә Фестиваль.

Афестиваль алагара аамҭа: асааҭ 12.00 рзы.

Афестиваль ахықәкы хада – аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа итрадициатәу Аԥсны иқәынхо ажәларқәа рнапҟазара, иара убас акультуреи аҵасқәеи ақьабзқәеи еиҳа еиӷьны рырдарра.  Афестиваль апрограмма ԥшь-хәҭакны ишоит:

Арт-зона;

Лекториа азона;

Амастер-классқәа рзона;

Ахәмарратә зона.

Ашколхәыҷқәа рзы имҩаԥгахоит Мықәтәи ауахәамахь аекскурсиа, уи амҩаԥгараан урҭ ирзеиҭарҳәоит ари аныхабаа аҵаки аҭоурыхи ртәы, иара убас Мықәашҭа ахь аныҟәара рзеиҿкаахоит, араҟа урҭ аԥсуа жәлар рыбзазара атәы рҭеиҭарҳәоит.

Афестиваль асасцәа Аԥсны аҵакыраҿы еиуеиԥшым ажәларқәа рықәнагалара аҭоурых рзеиҭарҳәоит; ирзеиҭарҳәоит иара убас аԥсуаа рхыҷқәа рааӡараҿы иҟаз аҷыдарақәа; аԥсуа жәлар рыхәмаргақәеи жәлар рмузыкатә инструментқәеи рҭоурых рзеиҭарҳәоит.

Ахәыҷқәа рзы еиҿкаахоит ажәытә етникатә орнаметқәа рҭыхра, аҟазареи акерамикеи ажьиреи амҵәышә аԥареи ачыс хаақәа рыҟаҵареи, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысра азы амасстер-классқәа рзымҩаԥгахоит.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, ажәытә аԥсуа хәмарра «Ахылԥахас», азы ашколхәыҷқәа рыбжьара аицлабрақәа мҩаԥысуеит. Аҵыхәтәаны имҩаԥгахоит аконцерттә программа.

Афестиваль алахәылацәаны иҟалоит хә-раионк рҟынтәи 14–17 шықәса зхыҵуа 125-ҩык рҟынӡа  ашколхәыҷқәа.


Read 160 times - Асабша, 16 Цәыббра 2023 18:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.