АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Гал араион аҿы «Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара амчыбжь» ҳәа акциа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион аҿы ихацыркхеит «Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара» ҳәа хыс измоу акциа.  

Гал араион ала аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Заур Џьынџьал Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иарбоу акциа аԥшьызгаз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шаарҭадара Аусбарҭа ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари аҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа есыҽнытәи русура ауп. Акциа амҩаԥгарахь иадыԥхьалоуп ашколхәыҷқәа, урҭ амҩатә ԥҟарақәа зну абӷьыцқәа ауаа ирзыршон, амашьынарныҟәцаҩцәа амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәаразы ргәырҽанырҵон», - ҳәа иҳәеит иара.

Заур Џьынџьал иажәақәа рыла, уаанӡа амашьынарныҟәцаҩцәа ашәарҭадара амаҟақәа рымхарҵаларц азы акциа мҩаԥыргахьан.

Иара, ас еиԥш иҟоу акциақәа хымԥадатәиуп, урҭ хра злоу алҵшәа аадырԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит. 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/7289-aktsiya-nedelya-bezopasnosti-dorozhnogo-dvizheniya-prokhodit-v-galskom-rajone.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 159 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 21:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.