
pressadmin-2
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АИҲАБЫРЕИ АПАРЛАМЕНТИ РНАПХГАРА АЛАРХӘНЫ ЕСЫМЧЫБЖЬАТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Аиҳабыреи Апарламенти рнапхгара алархәны есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәараҟны ирзааҭгылеит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра инамаданы азҵаара, Аԥсны афымцамчхархәара, аинфраструктуратә кредит, «Аҽгәара» ацәаҳәа аусура аларгара, иара убас «апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы» азакәанапроект уҳәа ирызку азҵаарақәа жәпакы.
Аиԥылараан Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган урыстәылатәи аилахәырақәа Аԥсны ринвестициатә усуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра ирыдҳәалоу азҵаарақәа рзы аҳасабырба ҟалҵеит.
Аминистр иара убас далацәажәеит арҭ аиқәшаҳаҭрақәа разыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы, иаҵшьынгьы илҳәеит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра азырхиара аус Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра аҵыхәтәантәи рақәыршаҳаҭрахь ишнеиз. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра иахатәны иаанхоит аҳаиртә баӷәаза аинфраструктура аобиектқәа.
НЕСТОР ЦУЖБА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АԤКЬАҬМПЫЛТӘ ТУР АТУРНИР АҾЫ АРАӠНЫТӘ АԤХЬАХӘ ИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәы-шықәса зхыҵуа Нестор Цужба Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Урыстәылатәи аԥкьаҭмпылтә тур атурнир акатегориа 3б аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит. Нестор 13 шықәса зхымҵӡац ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон.
ИНАЛ АРӠЫНБА: АԤСНЫ ЖЕНЕВАТӘИ АИЛАЦӘАЖӘАРАҚӘА РҾЫ УРЫСТӘЫЛЕИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛЕИ ИАКУ АКОМАНДАК АҲАСАБАЛА ИРЫЦНЫ ИҚӘГЫЛОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа – ари Аԥсны ахаҭарнакра ахьамоу уажәазы уаҳа зда ыҟам жәларбжьаратәи аформат ауп. Абри атәы ателеканал «Соловьёв Live» аефир аҿы дықәгылауа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Инал Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны иарбоу аилацәажәарақәа рҿы Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи иаку акомандак аҳасабала ирыцны иқәгылоит.
«Рыцҳарас иҟалаз, уажәы, ишьақәгылаз жәларбжьаратәи агеополитикатә ҭагылазаашьа инамаданы, Женеватәи адискуссиақәа рыплошьадка аҿы ашьақәхара цәырҵны иҟоуп, аха ҳара агәыӷра ҳамоуп ари аплошьадка аҿы ихадоу ҳхықәкы – Қырҭтәылеи ҳареи амчра ахархәара мап ацәкра азы еицҭакԥхықәроу аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵара алыршахап ҳәа. Уи – Қырҭтәыла ала Аԥсны асуверенитет азхаҵара ахь ицәырызго шьаҿаны иҟоуп. Иазгәаҭатәуп, иахьа уажәраанӡагьы мрагыларатәи атәылақәа жәпакы ргәаанагарала ҳара ҳсепаратистцәаны ҳаанханы ҳшыҟоу», - ҳәа иазгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.
АТУРИСТЦӘА АԤСНЫ РЫҞАЗАРААН ЕИУЕИԤШЫМ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҾЫ РХЫМҨАԤГАШЬА АЗЫ ЕИЛКААУ АМҨАҚӘҴАГА РЫМАЗАР АХӘҬОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристцәа рыбгаԥсаҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишбеи Урыстәылатәи Абгаԥсатә Еилазаара (РСО) «Евроинс» аҿга адиректор Андреи Тиурини, ҳәа иаанацҳауеит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Ҭеимураз Хишба иажәақәа рыла, 2024 шықәсазы, Аҟәа аҳаирбаӷәаза аартра аныҟалалак ашьҭахь Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара иазҳауеит. Ареспублиа акурортқәа урыстәылатәи атуристцәа ирзыԥшуп, урҭ рыԥсшьаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵарагьы иазхиоуп.
ДОНБАСС ИҬАХАЗ ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ЕИБАШЬУАЗ РЫԤСЫБАҨ АԤСНЫҞА ИААРГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донецктәи Жәлартә Республика аҟынтәи Аҟәеи Гәдоуҭеи иааргеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Донбасс ахьчараан иҭахаз Адам Лагәлааи Нодар Абыџбеи рыԥсыбаҩ.
ИМҨАԤЫСИТ ИЗАКӘАНЫМКӘА АКРИПТОВАЛИУТА АРҲАРА АҾАГЫЛАРА АЗЫ АШТАБ АИЛАТӘАРА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара азы ареспубликатә Штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара аҿы ирылацәажәеит изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥысуа аусура абжьаратәи алҵшәақәа.
Имҩаԥгаз аусура иалҵшәаны, иҳаҩсыз ҩымчыбжь ирылагӡаны афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара аларҟәра алыршахеит, аха аҵыхәтәантәи хымш рыла афымцамч ахархәара арбагақәа ҩаԥхьа иазҳаит.
ЖӘЛАР РЫНХАМҨА АИХЬӠАРАҚӘА РЦӘЫРГАҚӘҴА АҾЫ ИҞОУ АПАВИЛИОН «АБХАЗИЯ» АРЕСТАВРАЦИА ҲАЗҬОУ АШЫҚӘС АЗЫ ИХЫРКӘШАХОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәа аҿы ихыркәшахараны иҟоуп 15 павилион рыргылареи реиҭашьақәыргылареи.
«Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амилаҭтә павилионқәа ҩба: Аԥсни Узбекисҭани. Иацәыӡыз аелеменқәа еиҭашьақәыргылахоит архивтә хсаалақәа, аҭоурыхтә ҭыхымҭақәеи аусурақәа рымҩаԥгараан иԥшааз афрагментқәеи рыла», - ҳәа Москва ақалақь ахада Сергеи Сабианин имоу Telegram-канал аҿы адырра ҟаҵоуп.
Апавилион «Атом» аҿы иҟалоит Урыстәыла аҿы зегьы иреиҳау, ҳаамҭа иақәшәо амузеитә плошьадка, уи атәылеи адунеи рҿы аиадертә технологиақәа рыҭҵаареи рхархәареи иазкхоит.
АԤЫԤШЫРҬА “ԤСОУ” АҾЫ АШӘҞӘЫ ҞАԤШЬ ИҬАГАЛОУ АДӘЫБӶАҶ АИАГАРА АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аусзуҩцәа амашьынамҩатә хырхарҭа «Експорт» аҿы автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Агәаҭараан амашьына асалон аҿы ихҵәаны еиқәыршәаз, зыкапан 94,3 кьыла рҟынӡа инаӡоз, Аԥсны аҳазылхратә территориа аҟынтәи зыиагара ҟамло адәыбӷаҷ амахәқәа рыԥшааит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Адәыбӷаҷ ҳәа изышьҭоу, аиаӡаара иаҿу, ашәҟәы Ҟаԥшь иҭагалоу ҵиаа хкуп.
АБИУЏЬЕТИ АКРЕДИТТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АШӘАХТӘҚӘЕИ АФИНАНСҚӘЕИ РЗЫ АИЛАК «АФИНАНСТӘ ҚЬЫРА (АЛИЗИНГ) АЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ АҨБАТӘИ АԤХЬАРАҾЫ АДКЫЛАРА АЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара аҿы азакәан апроектқәа ҩба ирыхәаԥшит.
«Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект афинанстә қьыра (ализинг) азинтәии аиҿкаара-економикатә ҷыдарақәа алнакаауеит. Иарбоу азакәан апроект азкуп афинанстә қьыра, ахатәтәҩы изинқәа, аинвестициатә процесс иалахәу рзинқәа рыхьчара, аинвестициа алагалара хырҳага аманы аҟаҵара шьаҭас иаҭаны аарыхра ахархәагақәа рзы аинвестициақәа рформақәа рырҿиара.
Аилацәажәараан аилатәара алахәцәа ахәаԥшит адепутат Инар Гыцба ирыдигалаз арҽеирақәа жәпакы, азыӡбагьы рыдыркылеит абарҭ арҽеирақәа ҳасаб рзуны, Апарламент иабжьыргарц «Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан ишьақәырӷәӷәазарц.
АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ ИААТУЕИТ АЦӘЫРГАҚӘҴА "АԤҲӘЫСИ АҞАЗАРЕИ. АҬОУРЫХИ ИАХЬАТӘИ ААМҬЕИ».
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатуеит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш-Хәажәкыра 8 иазхоит.
Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аҿыханҵақәа, аграфика, адекоратив-напкымҭатә ҟазара, уҳәа аекспозициақәа маҷымкәа.
Ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит Марина Ешба, Варвара Бубнова, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Венера Гагәылиа, Лиудмила Будиак, Мактина Ҵәыџьба, Диана Хьынҭәба, Аԥшьи Ҳагба, Асҭанда Адлеиба, Мариа Ԥлиа, уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа.