АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит асахьаркыратә гимнастика азы аицлабрақәа, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа.     

Асахьаркыратә гимнастика асекциа аатит ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорт школ №1 аҿы.

Агимнасткацәа азыҟалҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи ааԥхьара зауз азыҟаҵаҩ Ирина Китаева. Асекциа аҿы рҽазыҟарҵоит  2009-2011 шш. рзы ииз 80-ҩык рҟынӡа аӡӷабцәа.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атуризм Аминистрра аҿы «Атуризм азы» азакәан апроект ҿыц аус адулара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аилатәара рхы аладырхәит ахылаԥшырҭа аусзуҩцәеи ааԥхьара зауз азиндырыҩцәеи.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба, атәыла аҿы ҳаамҭазтәи ареалиақәа зныԥшуа азакәан ҿыц адкылара аҭахны иҟоуижьҭеи  акрааҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаара аҟәша аусзуҩцәа  ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Экспорт» аҳазылхратә гәаҭара азона  аҿы даанкыланы дгәарҭеит Аԥсны атәылауаҩ. Атәылауаҩ инапылеидара агәаҭараан идырбалеит иагьимырхит  зхыԥхьаӡара 4580 цыра рҟынӡа инаӡоз Аԥсны акцизтә еизга адырга змаз аҭаҭын аалыҵ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Наӡаӡе имҩала игылоу аҩнеихагыла №3 аҿы инхо ауаа даҽаџьара рнырхара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҿы имҩаԥысыз аилатәара.  Уи рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.

Аҳҭнықалақь ахадара анхарҭа ахәԥса ахарҭәаара, мамзаргьы уаанӡа изыҩназ анхарҭаҭыԥ амыцхәра аҳасабала даҽа нхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәара азы заанаҵтәи аӡбамҭақәа рзы адырра рыҭан.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иазгәарҭоит ашәҟәыҩҩы ду, ахәыцҩы, адыр – Фазиль Абдул-иԥа Искандер иира Амш.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса Аҟәа ақалақь аҿы, хылҵышьҭрала иџьамыз  ақьырмыҭ зауад ԥыхьатәи ампыҵакыҩ иҭаацәараҿы. 1938 шықәсазы заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз Фазиль иаб адепортациа аҳасабла Асовет Еидгыла далганы ддәықәҵахеит. Уаҳагьы аби аԥеи изеибамбаӡеит. Фазиль изҳауан Чегем ақыҭа, ианшьцәа рҿы.

1947 шықәсазы Фазиль Искандер Аҟәа ақалақь аҿы аурыс школ далгеит ахьтәы медал ала, анаҩс дҭалеит Москватәи абиблиотекатә Институт, 1951 шықәсазы дыиасит А.М.Горки ихьӡ зху Алитературатә Институт ахь. Уи далгеит 1954 шықәсазы.  Аус иуан Курски Воронежи ргазеҭқәа рҿы. 1956 шықәсазы Аҟәаҟа дхынҳәит, Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс аус иуан.  Аҭаацәара даналала ашьҭахь, 1962 шықәса инаркны уи иааиԥмырҟьаӡакәа Москва ақалақь аҿы дынхон. Фазиль Искандер раԥхьаӡатәи ипоетикатә рҿиамҭақәа цәырҵит 1952 шықәса азы, раԥхьаӡа ипроза акьыԥхь абеит  1956 шықәсазы ажурнал «Пионер» адаҟьақәа рҿы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсабаҩ Аԥсныҟа раагара азы Донецктәи Жәлартә Република ахь амҩа иқәлеит.

«Ҩыџьа ҳтәылауаа ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа 2022 шықәсазы Донецктәи Жәлартә Республика ахақәиҭтәра азы иҭахеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Еизгоу акоманда стритлифтинг азы иаарту атәылаҿацәтә турнир аҿы актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааннакылеит.

Аԥснытәи аспортсменцәа стритлифтинги уи хазы игоу аелементқәеи рзы иаарту атәылаҿацәтә турнир рхы аладырхәит. Атурнир мҩаԥысит Краснодар ақалақь аҿы.

Марк Муслиумов акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы актәи аҭыԥ ааникылеит (+32 кь).

Беслан Абыхәба акырынтә еиҭаҟаҵаз аҽышьҭыхра (+32 кь), акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы (+48 кь), иара убас ҩ-хкык рыла аицлабраҿы «Multilift» (+32 кь/+48 кь) азы актәи аҭыԥ ааникылеит.

Ратмир Кархалаа адхра «Classic», акырынтә еиҭаҟаҵаз аҽышьҭыхра (+16 кь), акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра «Classic» азы актәи аҭыԥ ааникылеит, акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит (+24 кь).

Леуан Бжьаниа адхра «Classic» аҿы, акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит (+16 кь).

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа ақалақь инхо, 1977 шықәса рзы ииз Еныкь Алеқсеи Зураб-иԥа изакәанымкәа иаахәаны Аԥсныҟа иалеигалеит анаркотикатә маҭәашьар «метадон», иара убас  38 грамм  рҟынӡа арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалин», ҳәа ианацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Аоперативтә информациа ала аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәеи.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа  Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 74 шықәса. Аԥсны Аҩбатәи Ахада иира Амш аҽны атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Сергеи Багаԥшь инышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.   Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнак Гарри Кәпалба,  Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, Аԥсны аполитикатәии ауаажәларратәии еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  13 шықәса раԥхьа, хәжәкырамза  4, 2010 шықәса азы, акыраамҭа иалагӡаны ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, мрагылараҭҵааҩ аҵарауаҩ ду, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.