АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2023

Алеқсандр Анқәаб ақыҭауаа алархәны Маркәыла ақыҭаҿы иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алеқсандр Анқәаб амикрораион Џьумкур (Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа), ахаҭарнакцәа идикылеит. Урҭ абар шьҭа акыр аамҭа зыӡбара залмыршакәа иаанханы иҟоу, километрак рҟынӡа инаӡо Аишьцәа Воуаа рымҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара апроблема аӡбараҿы аԥыза-министр ацхыраара риҭарц иаҳәеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вианори Бебиа. Уи уажәаԥхьагьы атәыла Анапхгара ахь ари аҩыза аҳәара ҟаиҵахьан.

Амикрораион анхацәа ражәақәа рыла, арацәа аиагара инамаданы уи акыр ахархәара ахьамоу иахҟьаны иԥҽит.  Урҭ уаанӡа еиуеиԥшым анапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь радҵааларақәа иахьа уажәраанӡа лҵшәаданы иаанхон.

Атәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, иҟаҵатәу аусурақәа рымҽхаки рхарџьынҵеи рыҭҵаара ашьҭахь ауп иарбоу азҵаара ала аӡбамҭа адкылара аналыршахо.  


Read 283 times - Ахаша, 06 Цәыббра 2023 16:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.