Алеқсандр Анқәаб уи азы ақәҵара инапы шаҵаиҩхьоу адырра ҟаиҵеит. Иарбоу аусшәҟәы инақәыршәаны, иааиуа амшқәа рзы ареспубликатә биуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоу аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи Аҟәа ақалақь Ахадара ахь ииагахоит 50 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡо раԥхьатәи атранш.
Аԥыза-министр ари апроблема аҵакы ахадара шеилкаау азгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, иарбоу аҩны аҭагылазаашьа уаҟа инхо ауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭанаргылоит. Уи иара убас иарбоу аҩны аҿы инхо ауаа амыцхәратә шәатәқәа рзы иазԥхьагәаҭаз аԥаратә хархәагақәа зегьы хымԥада ишырзыршәо азы агәра диргеит.