АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2023

Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Мушьни Лашәриа 85-шықәса ихыҵра иазкны анаукатә конференциа аатит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи ирызку жәларбжьаратәи анаукатә конференциа аатит.  

Аконференциа аартуа, Аинститут адиректор Арда Ашәба, Мушьни Лашәриа ирҿиарала аԥсуа литература ирбеиеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьа аԥсуа литературеи аԥсуа жәлари рзы ныҳәа дууп, иахьа ҳара абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны ахьӡ ҭызго ауаҩы, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи азгәаҳҭоит. 70 шықәса ирылагӡаны Мушьни Таи-иԥа Лашәриа иаԥхьаҩцәа рзы зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку арҿиамҭақәа аԥиҵоит. Аԥсны Жәлар рпоет Алеқсандр Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин» аԥсуа бызшәахьы аиҭагара азы иҳараку алитературатә премиа иоуит. Аҳамҭа анашьара ацеремониа Кремльтәи Ахан аҿы имҩаԥысуан. Апоет ари аҳамҭа хаҭала ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев. Мушьни Лашәриа Дырмит Гәлиа, Баграҭ Шьынқәба, уҳәа аԥсуа литература акласикцәа рышьҭақәлаҩны дҟалеит», –  ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.

Арда Ашәба Мушьни Ашәба 15-шықәса анихыҵуаз арҿиаратә усура инапы аиркит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аиубилиар аԥсуа ишықәснҵыра ду, аринахысгьы ирҿиаратә усураҿы ақәҿиара бзиақәа изеиӷьашьаны Аԥсуаҭҵааратә Институт ахьӡала аҳамҭа ианеишьеит.

Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Висарион Аԥлиа Мушьни Лашәриа изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә гәазҭазаара.

Аиубилиар иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рзы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит афилологиатә наукақәа ркандидат, ААУ адоцент Васили Аҩӡба.

Иқәгылараҿы Васили Аҩӡба, ахәҭакахьала, Мушьни Лашәриа аԥсуа литератураҿы ирҿиаратә мҩа даналагоз аамҭазы, ауаажәларра рыҩныҵҟа асахьаркыратә рҿиамҭақәа рахь аинтерес шышьҭыҵыз убаратәы иҟан ҳәа иазгәеиҭеит.

«Мушьни Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩцәа ахԥатәи абиԥара ахаҭарнакыс дыҟоуп. Иара амилаҭтә литература аҿы иахәҭоу аҭыԥ ааникылеит. Уи алыршара иара илоу арҿиаратә ҟыбаҩ ауп изыбзоурахаз», – ҳәа иҳәеит Васили Аҩӡба.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба аконференциа иалахәу зегьы Аҳәынҭқарра Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә  бӷьыц дырзаԥхьеит.

«  Ҳаҭыр зқәу асасцәа!

Ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу!

Аԥсны жәлар рыхьӡала, Аԥсны анапхгара ахьӡала бзиала иазгәашәҭалааит ҳәа шәасҳәар сҭахуп ас еиԥш иҟоу -  иналукааша аԥсуа литератор, аиҭагаҩ,  Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазку аныҳәатә хҭысқәа.

Ауаҩра, аамсҭашәара, аҟәыӷара, ган рацәала еибарку абаҩхатәра злоу, ҳхатәы бызшәа иаҵоу абеиара, аԥшӡара аихаҳара зылшаз, ҳажәлар зегьы бзиа еицырбо, зажәеинраалақәеи зашәақәеи ҳабиԥарақәа аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа поетуп Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Аԥсуа бызшәа иаҟәну аԥшшәы, уи иаҵоу амаӡақәа есааира иаҳзаартуа, Мушьни Таииа-иԥа  аԥсуа поезиатә ҟазара ашьаҭаркҩцәа - Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба рыҩаӡара аҟынӡа ахалара илшеит ҳҳәар имыцхәхаӡом.

2023 шықәса азы 60 шықәса ахыҵуеит Мушьни Лашәриа иажәеинраалақәа реизга раԥхьатәи аҭыжьымҭа, ас еиԥш иҟоу аиубилеитә рыцхә аконференциа аусураҟны хымԥада ианыԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит.

Илагаламҭа дуӡӡоуп Мушьни Таииа-иԥа аԥсуа литературатә критикаҟны. Сынтәа 2023 шықәсазы 50 шықәса ҵуеит  уи икритикатә статиақәа реизга «Ажәа аҳәаақәа - алитературатә-критикатә статиақуа»  ҭыҵижьҭеи.

Иара убас иҳәатәуп Мушьни Лашәриа имҭаны аԥсуа жәлар ишроуыз Аԥсны ахи-аҵыхәеи еицырдыруа, иахьагьы гәыблыла инарыгӡо  иашәақәа.

Мушьни Лашәриа аԥсуа ажәа аҳәаақәа рырҭбаара илшеит иреиӷьу аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аиҭагарала. Уи иеиҭагамҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: Александр Пушкин ироман "Евгени Онегин", Михаил Лермонтов ипоема, Ацқьаҩыра "Ауасиаҭ ҿыц". 

Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа ихаҭара амҽхак дуӡӡоуп.  Иахьагьы иныԥшуа аԥсҭазаара агәбылра, уи амаӡақәа рыҭҵааразы имоу агәазыҳәара ҿыцәааӡом, гәыблыла еиҳабык иаҳасабала хәы змаӡам иԥсҭазааратә ԥышәа ду ҳацеиҩишоит.  Ибаҩхатәра, идырра ҵаулақәа, игьама аҳаракыра ирыбзоураны ҳажәлар рыҩныҵҟа дцәырҵит, иахьагьы дҳалагылоуп апоет, алирик, апублицист, аредактор, арккаҩы, ауаажәларратә усзҩуы, аԥсуа жәлар рҵеи иаша – Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Гәадуроуп ҳара ҳзы ас еиԥш ауаҩы иааигәа аҟазаара. Сгәы иаанагоит аԥсуа жәлар, ҳара зегьы хаҭа-хаҭала, ҳахәҭаа алаҳгалап ҳәа Мушьни Лашәриа ирҿиаратә ҭынха ду аларҵәара, уи еиқәырханы абиԥара ҿыцқәа ирызнаҳагарц азы.

Аиубилеитә конференциа иалахәу зегьы гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа! Аринахысгьы аныҳәақәа еицазгәашәҭалааит!» - ҳәа  иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат аиҳабы Вадим Бжьаниа Апарламент Аиҳабы ихьӡала адныҳәалара шәҟәы даԥхьеит.

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит 85-шықәса шәхыҵра. Ҳара ҳаҭыр ду ҳзақәуп Шәара аԥсуа литература аҿиара, аԥсуа бызшәа аиқәырхара аҿы шәлагамҭа дуӡӡа, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭынха еиҷаҳарыла шәазнеира, Шәара инашәыгӡо аиҿкааратә усура.

Шәара шәыԥсҭазаара зегьы иалганы иаажәгоит шәхатәы бызшәа ахь ишәымоу абзиабара, уи аԥшӡареи ауникалреи раарԥшра ааԥсарак ҟамҵа шәҽазышшәоит.  Уи аԥсышәала ицәажәо рзы адагьы хра злоу ҿырԥшны иҟоуп.

Шәара шәҟазара, акы иаламҩашьо шәпоезиатә баҩхатәра хара ҳтәыла анҭыҵ еицырдырхьеит. Шәара шықәсырацәа инеиԥынкыланы шәымч-шәылша зегьы, зхыԥхьаӡараҿы иҷыдоу аҭыԥ аанызкыло урыстәылатәи акультура, анаука, аҵарадырра аусзуҩцәа уахь иналаҵаны, аҳәаанырцәтәи шәколлегацәа аиҩызареи аусеицуреи рыбжьаҵара  иазышәкуеит.  

Шәара шәыԥсҭазаара ажәлар рыԥсҭазаара иузаҟәамҭхо иадҳәалоуп. Шәара есымша Аԥсны имҩаԥысуа ауаажәларра-политикатә хҭысқәа рыгәҭа шәыҟан иахьагьы шәыҟоуп.  Убри инамаданы хымԥада иазгәаҭатәуп, Шәара шәнысымҩа  аҿы ихадоу аҭыԥ шааннакыло Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет  ажәеизатәи ааԥхьара адепутат иаҳасабала  «Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азы» аҭоурыхтә Декларациа  адкылара шәалахәхара.  Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит аԥсуа ишықәснҵыра, иҿымцәаауа арҿиаратә гәазҭазаара, иҿыцу аихьӡарақәа!» - ҳәа иазгәаҭоуп Апарламент ахьӡала иҟаҵаз адныҳәалара атекст аҿы.

Ҩымш имҩаԥысло аиубилеитә конференциа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭыгӡаны, иахьа, асааҭ 17:00 рзы, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҟны иаатуеит афотоцәыргақәҵа «Апоет имҩа, ахәылбыҽха, асааҭ 19:00 рзы, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр асценаҿы Мушьни Лашәриа ипоема «Ахьтәы уасцәа» ала иқәыргылоу еихьӡылоу аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысуеит.   

 

___ Мушьни Таи-иԥа  Лашәриа —аԥсуа апоет, аиҭагаҩ, алитературадырҩы, акритик.  Афилологиатә наукақәа ркандидат (1974 ш.), Аԥсны Жәлар рпоет (2009 ш.), Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик. Аԥсны анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩ (2015 ш.). Шь. Руставели ихьӡ зху Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә премиа алауреат  (Шь. Руставели ироман «Абжьасцәа зшәу» аиҭагара азы), Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат (2004 ш., ҩ-томкны иҟоу ашәҟәы «Антология абхазской поэзии. XX век» аиқәыршәара азы). Москва ақалақь аҿы  аԥсны-урыстәылатәи алитературатәи акультуратәи аимадарақәа рырӷәӷәара азы А. С. Пушкина ихьӡ зху апремиа ианашьахеит (абҵарамза 4, 2010 ш.). А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа алауреат (2015 ш.). Аорденқәа «Аҳаҭыр адырга» (Асовет Социалтә Республикақәа Реидгыла 1986 ш.), «Ахьӡ-Аԥша» («Честь и Слава») II , III аҩаӡарақәа ианашьоуп. Асовет Еидгыла ашәҟәыҩцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәыла ашәҟәыҩцәа Реидгыла алахәыла (1999 ш.), иара убас Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла алахәыла, анаҩс — Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Расоциациа алахәыла (2003 ш), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа апрезидент (2003 шықәса инаркны). Аԥсуа бызшәала дыҩуеит.

Лашәриа Мушьни Таи-иԥа диит ажьырныҳәамза 16, 1938 шықәса азы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҵара иҵон Кәтолтәи аашықәсатәи ашкол аҿы. Анаҩс, (1953–1957 шш.) Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Ҵараиурҭа аҿы аҵара иҵон. 1957–1960 шш. рзы аҵара иҵон А.М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет аԥсуа ҟәша аҿы.  1960–1965 шш. рзы –  Москва ақалақь, А.М.Горки ихьӡ зху Алитературатә Институт аҿы. 1970–1974шш. рзы – Москва ақалақь аҿы, Асовет Социалтә Республикақәа Реидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу М.А.Горки ихьӡ зху адунеизегьтәи алитература Аинститут аспирантура аҿы аҵара иҵон.

1965–1967 шш. — агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» алитературатә усзуҩ, 1967–1970 шш. — ажурнал «Алашара» апоезиа, акритика, апублицистикатә редакциа аҟәша аиҳабыс аус иуан.

1974 шықәсазы Москва ақалақь аҿы, Асовет Социалтә Республикақәа Реидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу М.А.Горки ихьӡ зху адунеизегьтәи алитература Аинститут аҿы «И. А. Коӷониа ирҿиареи аԥснытәи асоветтә поезиа аҿы аепикатә жанрқәа рыҿиареи» атема ала  акандидаттә диссертациа ихьчеит.  Уи 1979 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы хазы шәҟәны иҭыжьын.

1974 ш. — Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститут аҿы анаукатә усзуҩыс аус иуан; 1974–1978 шш. — аҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас аус иуа; 1979–1986 шш. — Аԥснытәи АССР ашәҟәыҩцәа Реидгыла Анапхгараҭара ахантәаҩыс дыҟан;  1978 шықәса инаркны — Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститут (уажәы уи Д.И.Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут ауп) аҿы анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус иуан; 1988 шықәса инаркны — Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи Аинститут (уажәы уи Д.И.Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут ауп) аҿы алитература аҟәша аиҳабыс аус иуан.

2003 шықәса инаркны — Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа апрезидентс дыҟоуп; 2003 шықәсазы аҭыҵра иалагаз алитература-уаажәларратә газеҭ «Еҵәаџьаа» аредакторцәа дыруаӡәкын, анаҩс аредактор хадас дҟалеит.

1994–1996 шш.  Мушьни Лашәриа инапхгарала Аԥснытәи ателехәаԥшрала  идырбан «Аԥсуа поезиа адаҟьақәа» ҳәа хыс измаз сааҭбжак  ицо асериақәа.  Урҭ рҿы иаарԥшын Д. И. Гәлиа, Г. М. Чачба, С. Иа. Ҷанба, И. А. КоӶониа, М. А. Лакрба, О. Б. Беигәаа, Л. Б. Кәыҵниа, А. Е. Лашәриа, А. Н. Џьонуа, Ш. Л. Ҵәыџьба, Кь. Ш. Чачхалиа, В. П. Анқәаб, И. К. Ҭарба, уҳәа ашәҟәыҩцәеи апоетцәеи рҟазара иазкыз анҵамҭақәа.

Мушьни Лашәриа раԥхьаӡа акәны ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 15-шықәса анихыҵуаз. Апоет ишьақәгылараҿы ароль ду нанагӡеит Д.И.Гәлиа, И.А.Коӷониа, Б.У.Шьынқәба, уҳәа аԥсуа литература аҿиара ахыҵхырҭаҿы игылаз апоетцәеи ашәҟәыҩцәеи рҟазара. 1955 шықәсазы, ажурнал «Алашара» аҩбатәи аномер аҿы икьыԥхьхеит иара раԥхьатәи иажәеинраалақәа руак — «Ҽынла еиԥш илашан». (Было светло, словно днем»).

М. Лашәриа ирҿиамҭақәа ркьыԥхьхеит ажурналқәа «Амцабз», «Аҟәа–Сухум», «Юность», «Звезда», «Абаза»; агазеҭқәа «Аԥсны Ҟаԥшь», «Аԥсны», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭ аҭыжьымҭақәа рдаҟьақәа рҿы.

Мушьни  Лашәриа ипоезиатә рҿиамҭақәеи еиҭагамҭақәеи  ркьыԥхьхеит «Антологии абхазской поэзии. XX век» аҩбатәи атом аҿы. (Аҟәа–Москва, 2001 ш.; инацҵаны аус зыдулоу ҩ-томк зҭагӡоу шәҟәык ала иҟоу 2-тәи аҭыжьымҭа — Аҟәа–Москва, 2009 ш.); иара иоуп ари анталогиа аиқәыршәаҩыс иҟоу. Мушьни Лашәриа 15 инареиҳаны апоезиатә еизгақәеи иажәеинраалоу ароман «Аԥсадгьыл»  дравторуп.

Уи иара убас Ацқьаҩыра «Ауасиаҭ Ҿыц»,  А.С.Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин», М.Иу.Лермонтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон»,  Шь. Руставели ироман «Абжьасцәа зшәу», Џь. Баирон ирҿиамҭақәа («Шильонский узник»),  Г. Лонгфелло («Песнь о Гайавате»), Ш. Петефи («Вперед, мадьяры», «Национальная песня»), башкириатәи  аепос «Урал-Батыр», уҳәа аԥсшәахь еиҭазгаз аиҭагаҩ иаҳасабала деицырдыруеит.  

Мушьни Лашәриа илагамҭа дууп аԥсуа литературадырреи акритикеи рыҿиараҿы. Иара дравторуп аԥсуа литеаратура аҭоурых апроблемақәа ирызку хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа, ашәҟәқәа. Уи инапы  иҵыҵит Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба, Ш. Л. Ҵәыџьба, К. К. Агәмаа, М. А. Лакрба, Кь. Ш. Чачхалиа, А. Н. Гогәуа, Ш. Е. Ҷкадуа, А. Н. Џьонуа, И. К. Ҭарба, М. И. Микаиа, Ф. А. Искандер, уҳәа аԥсуа шәҟәыҩцәеи апоетцәеи рырҿиара иазку имаҷымкәа астатиақәеи ашәҟқәеи.

 

 

 


Read 142 times - Аԥшьаша, 07 Цәыббра 2023 13:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.