АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2023

Амузыкатә спектакль “Ахьтәы уаԥсцәа” раԥхьаӡа акәны иддырбеит Аԥснытәи адраматә театр аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Самсон Ҷанба  ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы цәыббрамза 5 рзы Мушьни Лашәриа еихьӡыло ипоема ала арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз амузыкатә спектакль «Ахьтәы уасцәа» аԥхьарбара мҩаԥысит.

«Ахьтәы уасцәа» – ари Аԥсны жәлар рпоет раԥхьатәи ипоема ауп. Уи ажәытә бырзентә миф ашьаҭала иҩуп, убри аан автор ари амиф аԥсуа милаҭтә ҟазшьа аиҭеит, уи ианыԥшуа иҟаиҵеит аԥсуа ихәыцшьеи идгьыл ахьчаразы дшазхьиоуи, ҳәа иаҳәоит атеатр иҟанаҵо адырра аҿы.

Ари аспектакль ахәаԥшцәа дырбара Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи инамаданы имҩаԥысит.  

Арежиссиор Мадина Аргәын ажурналистцәа дрыҿцәажәо ишазгәалҭаз ала, ари ақәыргыламҭа ала, ари ақәыргыламҭа ала лара ахәаԥшыҩ иҟынӡа иналгар лҭахуп аҭоурыз аилкаареи адырреи иаҵоу аҵакы ахадара. Арҿиамҭа «Ахьтәы уасцәа» аԥсуаа ркультуратә код алоуп, аха лара лгаанагарала, рыцҳарас иҟалаз, уи аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа-еиҳа аӡра иаҿуп.  Уи лҿаԥхьа хықәкны иқәлыргылеит ари акод цәырганы ахәаԥшцәа дырбара. Арежиссиор лықәыргыламҭа аҿы зеиӷьашьарак аҳасабала ауаа рышьаҭа амырӡра шахәҭоу азы ааԥхьара аныԥшуеит.

Аспектакль азы амузыка иҩит акомпозитор – Тимур Агрба, абалетмеистер – Ерик Ҭырқьба, алашара азы асахьаҭыхыҩ  – Илларион Пасаниа, акостиумқәа рзы асахьаҭыхыҩ – Сҭелла Амԥар, асценографиа – Гарри Дочиа.   

  

Аспектакль рхы аладырхәуеит Аԥснытәи адраматә театри Аҿартә театри рартистцәа:  Аԥсны зҽаԥазтәыз артист Даур Арухаа, К. Цымцба, С. Кокосқьыр; авокалистцәа К. Ешба, Х. Мықәба, А. Ферзба, Н. Какалиа, Г. Ҳагба, Е. Гәынба, жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбли Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭыни» рарстистцәа, Ахореографиа ашколаGrand Dance Apsny.

Аспектакль «Ахьтәы уасцәа» ахәаԥшцәа идырбахоит цәыббрамза 6 – 7 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсадгьыл-инфо.  

 


Read 143 times - Ахаша, 06 Цәыббра 2023 17:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.