АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Цәыббра.2023

Аҟәа ақалақь ахада Москва ақалақь аҿы ацәыргақәҵа Сomtrans 2023 даҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо Аҟәа ақалақь Ахадара аделегациа аусуратә визит ала Москва ақалақь аҿы иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Ақалақь ахада ицуп уи ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиеи Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.  

Иахьа аделегациа цәыббрамза 5 – 8 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь, «Экспоцентр» аҿы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа Comtrans 2023 иаҭааит. Ацәыргақәҵа апартниор хаданы иҟоуп «КамАЗ».

Аҟәа ақалақь Ахадара аҭаххрақәа рзы иҷыдоу атехникеи автобусқәеи раахәаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.

Ацәыргақәҵа Comtrans урыстәылатәии аҳәаанырцәтәи алахәылацәа доусы рыстендқәа рҿы автомашьынақәа: аидарамҩангагақәа, аидарамҩангагатә LCV; автобусқәеи апассаџьыртә LCV; ацраҳәагақәа, ацраҳәабжақәа; иҷыдоу атехника; аԥсахга хәҭақәеи аиқәыршәагақәеи, аинструментқәеи аиҭашьақәыргыларатә еиқәыршәагақәеи рӡыргара мҩаԥыргоит.


Read 151 times - Ахаша, 06 Цәыббра 2023 14:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.