АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала, Беслан Карчааи Роман Ҵкәуеи аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәас иҟаҵоуп.  

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023. Апсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Адипломатиатә Академиа аректор  Алеқсандр Иаковенко диԥылеит.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥснытәи абитурентцәа иарбоу аҵараиурҭа аҿы рҵара, аԥсуа дипломатцәа рзы азанааҭдырра аҩаӡара аизырҳара иазку изаамҭанытәиу акурсқәа реиҿкаара, уҳәа иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Алеқсандр Иаковенко ацҳаражәҳәаҩ Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Адипломатиатә Академиа аусуреи жәларбжьаратә аусура аспециалистцәа разыҟаҵареи, иара убас  урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии адипломатцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳареи шымҩаԥысуа изеиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атуристтә, мамзаргьы аусуратә хықәкқәа рынагӡаразы Аԥсныҟа иаауа Белоруссиа атәылауаа   30-мшы рҟынӡа визада ареспублика аҿы иҟазар ҟалоит.

Уи азы аиҭакрақәа алагалоуп Аслан Бжьаниа «Хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа визада Ареспублика ахь аара азы» рашәарамза 30, 2016  шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белоруссиа даҭааит.  

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысуеит. Аиԥылара аҿы аҳәынҭқаррақәа рхадацәа аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Белорусь даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аиҿцәажәарақәа рыҟны ирзааҭгылан ҩ-ганктәи аусуеицура, аекономикатәи ааглыхратәи еимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаатәқәа рырҿиара. Уи аԥхьа, иусуратә ныҟәарақәа ирылагӡаны Аслан Бжьаниа даҭааит Минсктәи атрактортә зауад, Ахолдинг "Горизонт", атехнологиа ҳаракқәа рпарк.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Беларусь Ареспублика дшаҭааз 2022 ш.цәыббрамза 28 рзы Алеқсандр Лукашенко Аԥсны даныҟаз иҟаиҵаз ааԥхьарала.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуааи абелорусцәеи еизааигәоу, игәакьоу уааны ирыԥхьаӡоит, ҳәа Белоруссиа Ахада иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Белоруссиа Ателегарафтә Маҵзура (БЕЛТА).     

«Абелорусцәа ҳара ҳҿы акыр иаҳзааигәоу, иҳазгәакьоу уааны ирыдыркылоит. Ҳтәылауа рӷьырак макьана асоветаамҭазтәи агәалашәарақәа рыла инхоит. Мрагыларатәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иалагалаз асанкциақәа ирыхҟьаны ҳара акыр аамҭа аизолиациа аҿы ҳаҟан. Урыстәыла ацхыраарала ҳара ҳтәылаҿы аизолиациа алҵра иазку апроцессқәа мҩаԥысуеит. Иарбоу ахырхарҭа ала Белоруссиа аимадара абжьаҵара акыр аҵак ду аманы иҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаларц, акцент зызухо – аекономикатә усеицура ауп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Белоруссиеи Аԥсни рыбжьара аусеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит Минск ақалақь аҿы имҩаԥысыз Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукошенкои Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Белоруссиатәи Ателеграфтә Агентра (БЕЛТА).

Алеқсандр Лукашенко Белоруссиа есымша Аԥсни Белоруссиеи аусеицура абжьаҵара иадгылон, уи Алеқсандр Лукашенко цәыббрамза,  2022 шықәсазы Аԥсныҟа иаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиԥыларақәа рҿы иалацәажәахьан.

«Сара акызаҵәык акәын схаҿы исзаамгоз, избан иара Қырҭтәыла анапхгара абас изаргәамҵуеи ҳара ҳаиԥыларақәа ҳәа хәыцырҭас исыман.  Ауаа, ажәларқәа рыбжьара иҭышәынтәалоу, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҟалар алымшаӡои? Усҟангьы ишысҳәаз еиԥш, арҭ аизыҟазаашьақәа аԥсуа жәлари ақырҭуа жәлари рыбжьара аҭынчреи аҭышәынтәалареи шьақәнаргылар алшозар. Сымҩашьозар, ҳара ахаангьы Қарҭ аганахьала изеиԥшразаалак акциақәа азԥхьагәаҳҭо иҟамлаӡацызт», - ҳәа Белоруссиа Ахада иажәақәа аанагоит Белоруссиатәи Ателеграфтә Агентра (БЕЛТА).

Алеқсандр Лукашенко ишазгәеиҭаз ала, иара Қырҭтәыла ашьақәгылара иаҿу аҭагылазаашьа дацклаԥшуеит. Иаагозар, Қырҭтәыла ԥыхьатәи Ахада Михаил Саакашвили идҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа. Иара уеизгьы Аҳәынҭқарра Ахадас дшыҟаз ҳасаб азуны уахәаԥшуазар,  иахьа ишизныҟәо зынӡа иԥшӡаӡам, уимоу иԥхашьароуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Уи зхысҳәаауа, ҳара ари аҭагылазаашьа аума, аиԥш-зеиԥшу егьырҭ аҭагылазаашьақәа роума рганахьала ҳгәаанагара ҳамҳәаӡеит, ҳҽалаҳамгалаӡеит. Ҳара излауа ала Қырҭтәыла ибзианы ҳазыҟоуп, аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ҳадгылоит. Убри инамаданы исзеилкаауам, избан дара Аԥсни Белоруссиеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьақәгылареи рыҿиареи ас изыргәамҵуа. Сгәы иаанагоит Шәара ари азҵаара аҭак аиураҿы ацхыраара сышәҭап ҳәа», - иҳәеит Алеқсандр Лукашенко.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 21 рзы иазгәарҭоит аҟыбаҩ ду злаз аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иира Амш (21.02.1960 - 17.09.2007).

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Феисбук иҟоу лдаҟьа аҿы аҟазарадырҩы Алеқсандра Панфилова иааџьаушьаратәы ииашаны асахьаҭыхыҩ иԥсҭазаареи иҟазареи аазырԥшуа лажәақәа аалгеит:

«…Леуарса Быҭәба – акы иаламҩашьо агәырӷьара зцу аҟыбаҩ злоу, аха убри аан зыԥсынҵры кьаҿхаз асахьаҭыхыҩ иоуп. Ус ишыҟалоз идыруан иара. Убри азыҳәан акәхап ас  иҷыданы изыҟаз уи идунеи. Уи дахьӡар акәын уи инапы иҵыҵуаз, иара иблала иибоз анашанара ауаа рызнагара…

Иаанхаз уи рзааныжьра. Ацәаҟәа-Анасыԥ цҳаҵас адунеи ахҵара, егьырҭ идырым аблақәа  иара Иԥрашхәа баны насыԥ рхыларц. Ҭагалантәи аллеиа иаҵоу аҭынчреи араҳаҭреи знырыз   атәым, идырым агәы уажәаԥхьа хара инеиҩуа агәеисыбжь  еихсыӷьырц.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 1 инаркны жәабранмза 20, 2023 шықәса аҟынӡа аӡиа Риҵа иаҭааит  16 224-ҩык. Афинанстә лагалақәа реизак  10 млн. 672 нызықь 300 мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит атуризм Аминистрра аҿы.   

Аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа, 2022 шықәсазы Риҵа иаҭааз рхыԥхьаӡара 20 802-ҩык рҟынӡа инаӡон, афинанстә лагалақәа реизак –  6 млн 940 нызықь 450 мааҭ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Апрокуратура Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 164, ахәҭа 2 (ԥжәарыла атәым мазара гәҭакыла аԥхасҭа аҭара), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәыцгақәа изакәанымкәа аҵәахра, аиҭарсра) рыла  ишьақәыргылам ахаҿы иганахьала аусеилыргара хацнаркит.

Жәабранмза 18 рзы 3 сааҭки 30 минуҭи 4 сааҭки 10 минуҭи рыбжьара, ишьақәыргылам ахаҿы атәым мазара аԥхасҭа аҭара гәҭакыс иҟаҵаны, Гәдоуҭа ақалақь, Арӡынба имҩа, аҩны №7 ашҭаҿы игылаз автомашьына макьаназы зыхкы шьақәыргылам арҭҟәацга аҵеиҵеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.