pressadmin-2
13 ШЫҚӘСА РАԤХЬА ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ РАԤХЬАТӘИ АХАДА ВЛАДИСЛАВ АРӠЫНБА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 4 рзы жәаха шықәса ҵит Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵиижьҭеи (1945 – 2010 шш.).
Жәаха шықәса рыԥхьа, хәажәкырамза 4, 2010 шықәсазы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара ӷәӷәа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Араҟа уи ихигеит ихәыҷреи ишкол аамҭеи.
1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, аҭоурыхҭҵааратә факультет аҿы. Уи даналга ашьҭахь Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит. Қәҿиарала уи даналга ашьҭахь Владислав Арӡынба ари Аинститут аҿы 1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуит. Уи Азиа Маҷ, ахәҭакахьала ахаттааи ахеттааи ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵаара инапы алакын.
Владислав Арӡынба 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут Ажәытә Мрагылара акультуреи аиделогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.
Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп.
1988 шықәсазы Владислав Арӡынба Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс дҟарҵоит. Иара убри ашықәсан далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, анаҩс 1989 шықәсазы - Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, араҟа уи автономтә еиҿкаарақәа рзинтәии рҳәынҭқарратәии астатус азы акомисиеиҵа напхгара аиҭеит, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум алахәылас дҟалеит.
Владислав Арӡынба аполитика далалеит Аԥсныгьы уахь иналаҵаны, Асовет Еидгыла аҭоурых аҿы зегьы раасҭа иуадаҩыз аамҭақәа руак азы. Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа рырҭбаара иԥсҭазаара ахықәкы хаданы иҟалоит. Владислав Арӡынба Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа еиҟараны рыҿиара азы азинтә шьаҭа аԥҵара аҿы илагала дууп, уи иаԥшьгарала, хаҭала иалахәхарала Азакәанқәа реиқәыршәареи рыдкылареи алыршахеит, иара убас ԥыхьатәи автономтә республикақәа рхьыԥшымра шьақәзырӷәӷәоз Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аконституциа ахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи алагалахеит.
1990 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхит.
Ареспублика данахагыла, Владислав Григори-иԥа Аԥсны ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аԥҵара азы ирымоу иузаҟәымҭхо азин анагӡара иазку акурс амҩаԥгара далагеит.
1992 шықәсазы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, Владислав Арӡынба Аҳәынҭқарратә тәылахьчара акомитет Ахантәаҩыс дҟалоит, уи аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара напхгара аиҭоит. Аибашьра анцоз аамҭазы аԥсуа ар аԥҵарала, Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хадас дҟалеит.
Цәыббрамза, 1993 шықәсазы Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара алыршахеит, ари ишьаарҵәыраз аибашьра аҿы агрессор ареспублика аҟынтәи дықәцан.
Абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахадас далырхит, жьҭаарамза 3, 1999 шықәсазы уи ҩаԥхьа Аҳәынҭқарра Ахадас далырхуеит.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба аепохатә ҭоурыхтә хҭысқәа рыла игәылҭәааз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Уи Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аҿы аума, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс даныҟаз аамҭа азы аума, анаҩс – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас даныҟала аума активла инаигӡоз аполитикатә усура инагӡаны хаҭала илаз аҟыбаҩ ҷыда: изанааҭдырра ҳаракы, ихадоу алкаара азы алшара, ахықәкынагӡара, иара убас амилаҭтә интересқәа рыхьчараан ахьаҳә-хьачарадара.
Аиҳарак ахақәиҭратә қәԥара аан иаарԥшхаз Владислав Григори-иԥа илаз аԥхьагыларатә ҟазшьақәа роуп 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҵыхәтәа аҿы ихадоу ароль назыгӡаз. Иара убри алагьы уи ииашаны ажәлар рыбзиабара даԥсахеит.
Ҿыц ишьақәгылаз ареспублика азы ԥышәара дуны иҟалеит аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа, усҟан уи аекономикатәи аполитикатәии блокада иҭакын, уи адәныҟатәи атәылақәа жәпак

РОЛАНД ПАПБА АԤСНЫ АКОНТРОЛТӘ ПАЛАТА АУДИТОРС ДАЛХУП.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа Роланд Папба Аԥсны Аконтролтә Палата аудиторс далырхит. Уи азы 32-ҩык аилатәара иалахәыз адепутатцәа рҟынтәи 31-ҩык рыбжьы рҭиит.
ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА СТАНИСЛАВ ЛАКОБА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Станислав Лакоба ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Станислав Зосим-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш, акрызҵазкуа 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!
Шәара – атәылауаҩратә позициа змоу, апатриот иаша, зус ламысла иазыҟоу, аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара зылшо ауаҩы, ҳтәылаҟны ҳаҭыр змоу аполитикцәа шәыруаӡәкуп, иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩык иаҳасабала зегьы шәырдыруеит.
Шәара ишәҟазшьоу ахара ахәыцра, апрофессионализм, ауаажәларратәи аполитикатәи усураҟны ахаангьы ахықәкынагӡара иашьҭоу аӡә иаҳасабала аҳаҭыр шәаԥсаны шәҟалеит Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы.
АҴАРА АМИНИСТРРЕИ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗИНМЧЫ ЗМОУИ АКЛАССТӘ СААҬҚӘА “АШӘАРҬАРА ЗҴОУ АХӘМАРРАҚӘА” РЫПРОГРАММА АӠЫРГАРА МҨАԤЫРГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара аминистр ихаҭаԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Мактина Џьынџьали аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы арҵаҩратә еилазаареи аҭаацәатә комитетқәеи рзы 5-11-тәи аклассқәа ирызкны акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа», иара убас арҵаҩцәеи ахәыҷқәа рҭаацәеи рзы «Ахәыҷқәа ишәарҭоу аонлаин-ахәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәа рӡыргара мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Аԥсны аҵара Аминистрра Феисбук аҟны иҟоу адаҟьа аҿы.
«Ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа ауаажәларра рзы хәарҭара аланы иҟалеит. Аха иара убри аамҭазы уи иаҵаҵәахуп иаизакны ауаажәларра рзы, ахәҭакахьала ахәыҷқәа рзы ашәарҭара ду зцу адеструктивтә цәырҵрақәа маҷымкәа. Ҳара ҳхәыҷқәа рзы аинтернет-ҵакыра иацу ашәарҭарақәа зегьы ртәы ҳдыруазар ахәҭоуп, хымԥада. Аҵара Аминистрреи ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы азинмчы змоу Аусбарҭа Аппарати рымчи рыхшыҩи еилаҵаны ахәыҷқәа ашәарҭара зҵоу онлаин-хәмаррақәа ралагалара аԥхьырҟәҟәаареи агәҽанызаареи иазырхоу акласстә сааҭқәа рыпрограмма еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, акласстә сааҭқәа «Ашәарҭара зҵоу ахәмаррақәа» рыпрограммеи, иара убас «Ахәыҷқәа ишәарҭоу онлаин–хәмаррақәа рацәыхьчаразы иҟаҵатәузеи» ҳәа атема ала агәаларшәагақәеи раԥҵара Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ зауз ахәыҷқәа рҭахара зыхҟьаз, урҭ аҽашьраҟынӡа рнагара ауп ҳәа иҟоу агәҩара ақәҿыҭра аҳасабала иҟалеит.
АЛЕКО ГӘАРАМИА ААУ АРЕКТОРС ДЕИҬАЛХУП.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректорс хәы-шықәса аҽҳәара иманы деиҭалхуп афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа, АМАН, РАЕН академик Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиа.
ЖӘАБРАНМЗА 23 РЗЫ АԤСНЫ АУСУРА ИАЛАГОИТ 2-ТӘИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АӠЫНТӘИ АШКОЛ «АШЫҚӘС АРҴАҨЫ».
Аҟәа. Жәабранмза. 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Аԥсны аусура иалагоит жәабранмза 23 инаркны жәабранмза 26 аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аҵара Аминистрра аофициалтә саит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи Аԥсни иреиӷьу арҵаҩцәа рԥышәаеимадара мҩаԥгахоит.
Аҽазыҟаҵарақәа аҵараҿы, аҵаратә хыдҵақәа рыӡбара аҿы иҿыцу азнеишьақәа реиқәыршәара аҿы, ашколхәыҷқәа арҿиаратә лшарақәа рылааӡара аҿы, уҳәа ицәырҵуа астереотипқәа риааира азы иҟаҵатәу алкаара иазкхоит. Иара убас, аелектронтә аҵарадырратә ресурсқәа, ацифратә технологиақәеи агибридтә ҵара азҵаарақәеи рыҭҵаара азԥхьагәаҭоуп.
АԤСНЫНТӘИ УРЫТӘЫЛАҞА КОНРАБАНДАЛА АСИГАРЕҬҚӘА РЫИАГАРА АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аусбарҭа аусзуҩцәа жәабранмза 21 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҳазылхратә хылаԥшреи аидаратә транспорт гәаҭареи рзона аҿы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз амашьына гәарҭеит.
Аусзуҩцәа автомашьына асалон гәарҭеит, уи ашәқә а рыхҟьеи аидараҭаҵарҭеи , иара убас атәарҭа аҵаҟа ирыԥшааит иагьрымырхит 16 800 цыра рҟынӡа аҭаҭын аалыҵ.
ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА ГӘДОУҬА АРАИОН АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА АҞНЫ АНҬЫҴТӘИ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба жәабранмза 21 рзы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟны анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.
Амилициа аиҳабы Зосма Гыцба 2022 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы аҟәша аусзуҩцәа инарыгӡаз аусура азы адырра ҟаиҵеит.
Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны, Гәдоуҭа араион аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 111 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 97. Иҳаҩсыз ашықәс азы ашәҟәы иҭагалахеит 85 цәгьоура, иаартуп 72. 2022 шықәсазы араион аҿы уаҩшьрак ҟалеит, амшлагарак, атәым мазара аӷьычра иадҳәалоу ахҭысқәа 19, атәым мазара ампыҵакра азы 3-қәыларак, ахулинганра иадҳәалоу хҭыск, изакәанымкәа абџьар аныҟәгареи аҵәахреи ирыдҳәалоу афактқәа - 22, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа - 43. Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа рыла 127 дыррақәа, урҭ рахьынтә 40 усеилыргара хацыркхеит. 2022 шықәса иалагӡаны аҭҵаара аҟәша ахь инашьҭхеит 66 дырра, урҭ рыла 48 усеилырақәа хацыркхеит.
Зосма Гыцба аоперативтә маҵзурақәа русура атәы еиҭеиҳәеит.
«Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы ҳара 38-ҩык рганахьала ашьаусԥшаара мҩаԥаагеит, урҭ рахьынтә шықәсык ала иаанкылахеит хәҩык. Хабарда ибжьаӡыз 38-ҩык рҟынтәи 7-ҩык рыԥшаара алыршахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Зосма Гыцба.
Шықәсык ала амилициа аусзуҩцәа аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә Усбарҭа ахь инаргеит 615-ҩык, урҭ рахьынтә 160-ҩык – анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы ишыҟаз иаанкылахеит, 89-ҩык – ацәгьора аҟаҵаразы игәҩараны иаанкылахеит.
Аминистр Вальтер Быҭәба иарбоу ахырхарҭа ала аусура рӷәӷәатәуп ҳәа иазгәеиҭеит:
САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИҬЫЖЬХЕИТ «ИКЬАҾУ АԤСУА ЕНЦИКЛОПЕДИА» АҨБАТӘИ АТОМ.
Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Санкт-Петербург аҿы иҭыжьхеит «Иркьаҿу аԥсуа енциклопедиа» аҩбатәи атом, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟалҵеит аҭыжьырҭа «Азиндырратә центр» адиректор Ирина Дамениа.
Аҭыжьымҭа аредактор хада – афилологиатә наукақәа ркандидат Васили Аҩӡба.
Ашәҟәы иалагалоуп 3000 инареиҳаны Аԥсны иазку абиографиатә, агеографиатә, аҭоурыхтә, аетнографиатә, археологиатә, уҳәа адыррақәа реилыркаарақәа.