Иҿыцу аҵара аметодикақәа реилакаара – ари Аԥсны арҵаҩратә еиллазаара алархәны имҩаԥысуа рҟынтәи зегьы иреиҳаӡоу усмҩаԥгатәуп, насгьы уи Аԥсны аҵарадырра амилаҭтә система ашьақәгылараҿы аетап ҿыцны иҟоуп.
22.Жәабран.2023
ЖӘАБРАНМЗА 23 РЗЫ АԤСНЫ АУСУРА ИАЛАГОИТ 2-ТӘИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АӠЫНТӘИ АШКОЛ «АШЫҚӘС АРҴАҨЫ».
Аҟәа. Жәабранмза. 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Аԥсны аусура иалагоит жәабранмза 23 инаркны жәабранмза 26 аҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аҵара Аминистрра аофициалтә саит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылеи Аԥсни иреиӷьу арҵаҩцәа рԥышәаеимадара мҩаԥгахоит.
Аҽазыҟаҵарақәа аҵараҿы, аҵаратә хыдҵақәа рыӡбара аҿы иҿыцу азнеишьақәа реиқәыршәара аҿы, ашколхәыҷқәа арҿиаратә лшарақәа рылааӡара аҿы, уҳәа ицәырҵуа астереотипқәа риааира азы иҟаҵатәу алкаара иазкхоит. Иара убас, аелектронтә аҵарадырратә ресурсқәа, ацифратә технологиақәеи агибридтә ҵара азҵаарақәеи рыҭҵаара азԥхьагәаҭоуп.