
pressadmin-2
ИНАЛ АРӠЫНБА ҚАРҬ ИМҨАԤЫСУА АХҬЫСҚӘА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ШЬАҚӘГЫЛАРА АИҬАКРОУП ИЗЗЫРХО ҲӘА ИАЗГӘЕИҬЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Инал Арӡынба Қырҭтәыла имҩаԥысуа ЕАА Аҳәынҭдепартамент ароль далацәажәеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Қырҭтәыла ишьақәгыло аҭагылазаашьа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакроуп иззырхо ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳаҭыр зқәу ажәлар, Аԥсны анапхгара, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа ирышьклаԥшуеит, Қарҭ имҩаԥысуа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакроуп иззырхо.
Аҭынчҿагылара мҩаԥыргошәа иқәгыло активла рхы иадырхәоит "Молотов икоктельқәа", амҩанкылара уҳәа агрессиа зҵоу ахымҩаԥгашьа аформақәа.
Ари иунарбоит дара шазырхио. Қарҭ аҿагыларақәа ирылахәу Еиду аштатқәа Рҳәынҭдепартамент, Қарҭ иҟоу ЕАА Ацҳаражәҳәарҭа рнапаҵаҟа иҟоуп.
Уи адагьы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рҟны Еиҳабыратә аиҿкаарақәа ахаангьы рдеструктивтә роль ҳаракуп.
Ҳрегион аҿы ашәарҭадаратә система ҭышәынтәалоуп. Егрытәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥснытәии урыстәылатәии аҷыдаҟәшақәа хылаԥшра арҭоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рминистр.
АЦӘЫРГАҚӘҴА «АԤСНЫТӘИ АҲӘСА» ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШНЫҲӘА ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 ИНАМАДАНЫ ИМҨАԤЫСИТ
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа инамаданы аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа «Аԥсны аҳәса» ҳәа хыс иаҭаны иаарту ацәыргақәҵа еиҿыркааит.
Уи мҩаԥысуан С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа. Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахеит 36 инарзынаԥшуа Аԥсны аҭоурых аҿы зышьҭа аанзыжьыз аҳәса рфотосахьақәа.
Иарбоу аколлекциа есышықәса иацлоит иҿыцу ахьӡқәа рыла.
Ацәыргақәа иаҭааит хыԥхьӡара рацәала ахәаԥшцәа, урҭ рыбжьара иҟан аиҳабацәа реиԥш имаҷымкәа ақәыԥшцәагьы.
АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК АҞНЫ 1990 ШЫҚӘСАНӠА ИИЗ АԤАРАЛАҴАҨЦӘА АСОВЕТААМҬАЗТӘИ РԤАРАШЬҬАҴАҚӘА РЗЫ АКОМПЕНСАЦИА РЫЗШӘАХОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара цәыббрамза 11, 2012 шықәса рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә Банк аԥаралаҵаҩцәа акомпенсациатә шәатәқәа рызшәара азы» ирыдыркылаз Ақәҵара №115 инақәыршәаны, 2023 шықәсазы ашәатәқәа нагӡаны ирызшәахоит абарҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәылауаа:
1990 шықәсанӡа ииаз (иарбоу ашықәсгьы уахь иналаҵаны), мамзаргьы мшаԥымза 1, 2003 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 20, 2004 шықәанӡа аԥарашьҭаҵақәа рышәҟәҭагалара иахысыз урҭ ирҭынхаз;
1990 шықәсанӡа ииаз (иарбоу ашықәсгьы уахь иналаҵаны), мамзаргьы жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2012 шықәсанӡа аԥарашьҭаҵақәа рышәҟәҭагалара иахысыз урҭ ирҭынхаз;
ШЬЕРБАКОВА М. И. «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҬҴААРАДЫРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АУСЗУҨЫ» ҲӘА АХЬӠ ЛЫХҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №82 ала аԥсуаҭҵаареи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҭҵаарадырратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рыҟны аҵак ду змоу ллагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Адунеитә литература аинститут апрофессор, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Апедагогикатә ҵараиура Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәҩы-акорреспондент Шьербакова Марина Иван-иԥҳа.
АԤСНЫ АХАДА ИУСԤҞАЛА АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ МУЗЕИ АУСЗУҨЦӘА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АКУЛЬТУРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АУСЗУҨ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ РЫХҴОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №78 ала амузеит ус аҿы рлагалеи шықәырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи рзы «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа:
АЛАНИА Таисиа Гьаргь-иԥҳа – аԥсабара аҟәша аиҳабы;
АХБА Диана Владимир-иԥҳа – археологиа аҟәша аиҳабы;
ГЬЕРЗМАА Клара Рамиз-иԥҳа – иахьатәи аҭоурых аҟәша аиҳабы;
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АҲАҚЬЫМ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №79 ала агәабзиарахьчара аусхк аҟны шықәсырацәала лыҵшәазмоу аусуреи рзы «Аԥсны
Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
АМԤАР Ада Павел-иԥҳа – аҳақьым неонатолог, АА Агәабзиарахьчара аминистрра АУ «Ареспубликтә хәышәтәырҭа» ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы;
АԤСНЫ АХАДА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АМЕДИЦИНАТӘ УСЗУҨЫ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №80 ала агәабзиарахьчара асистемаҟны шықәсырацәалеи ламысцқьалеи аусуразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз амедицинатә усзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:
АРШБА Гәуранда Владимир-иԥҳа - Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 анестезиологиа-реанимациатә ҟәша амедицинатә иаҳәшьа;
ГӘАЛАНӠИА Татули Хәута-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа» Афилиал №4 АБК аклиникатә медицинатә иаҳәшьа;
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШ АҼНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аҽны адныҳәалара ҟаиҵеит.
Акыр иаԥсоу ҳаҳәшьцәа, ҳанацәа!
Азин сышәҭозар, ишәыдысныҳәалоит Аҳәса рымш ныҳәа! Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны аҭыԥҳацәа хьӡырҳәагақәа, анацәа, ҳазлаҟоу аасҭа ҳаиӷьны, насыԥ ҳаманы ҳҟазҵо.
Аԥсны аҭоурых аҟны ахаангьы ҳаҭырқәҵарала илзыҟан аԥсҭазаара ганрацәала аҽалархәра зылшоз аԥҳәыс. Ҳара анацәа ранацәа – Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа ашәышықәсақәа ирылганы иаазго Нарҭтәи аепос, аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьа ҳаракы ныҟәызгоз Сариа Лакоба лхымҩаԥгашьа ҿырԥшы бзианы иҳамоуп. Насыԥ змоу ҳауп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳазҭагылоу аамҭазгьы абзиабара, анра, ахамеигӡара, аамысҭашәара ирҿырԥшыгоу аҭыԥҳацәа ссирқәа ахьҳалагылоу.
Аԥҳәыс лыда иуадаҩуп аҭынч ԥсҭазаара ахьыҟоу, иҿиоу иахьатәи аԥсуа уаажәларра аргылара. Шәара шәоуп аԥсҭазаара зырҿио, зегьы ҳаиҵазааӡо, аҵара ҳзырҵо, ҳазхәышәтәуа. Шәара аҭҵаарадырра, аҟазара, акультура, абизнес шәырҿиоит. Шәара шәыда ухаҿы иузаагом аҳәынҭқарра напхгараҭара аҭыԥантәии ихадоуи аусбарҭа русура. Имыцхәхаӡом, ҳажәлар ркультуреи рҵаси шьаҭас ирымоу аиқәырхара зыбзоуроу шәара шәоуп ҳҳәар.
АԤСНЫ АХАДА «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН III АҨАӠАРА АНАШЬАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №78 ала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алшамҭақәеи апрофессионализм ҳараки рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьазааит:
ОҬЫРБА Лиудмила Аслан-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Агәабзиарахьчара аусбарҭа» «Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 акардиологиатә ҟәша аиҳабы;
МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ АХӘЫҶЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРАЗЫ АЗАКӘАНМЧЫ ЗМОУ РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мариа Львова-Беловеи реиԥылара.
Мактина Џьынџьал Марииа Львова-Белова инарҭбааны илзеиҭелҳәеит напхгара зылҭо Аппарат аусура атәы, Аԥсны иқәынхо зықәра наӡам рзакәантә интересқәа рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи амеханизмқәа, иара убас ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023-шықәсазы аусура хадара злоу ахырхарҭақәеи дрылацәажәеит.
Аиԥылара аҿы зықәра наӡам Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Аԥсны иахьаҵанакуа рзинқәа реилагара иадҳәалоу ахҭысқәа ирыхәаԥшит, иара убас урҭ рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи рзы мҩақәас иалхтәу иалацәажәеит.
Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит. Урҭ иреиуоуп:
Зықәра наӡам рзы асоциал-реабилитациатә Центр аартра. Убас, Мариа Львова-Белова лҟынтәи аусзуҩцәа разыҟаҵара, аметодологиатә материалқәеи анорма-зинтә базеи реиқәыршәара, уҳәа рганахьала ацхыраара адгалара ҟаҵан.