АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2023

Борис Багаҭелиа хынтә адунеи дачемпионхеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Борис Багаҭелиа аспорт азҟазацәа рыбжьара самбо азы адунеи ачемпионат аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир цәыббрамза 8 инаркны  10-нӡа Ареспублика Казахсҭан ақалақь Уральск аҿы имҩаԥысуеит.

Аԥснытәи аспортсмен акатегориа М6, акапантә категориа  98+ иаҵанакуа рыбжьара дықәгылеит.  

Борис Багаҭелиа –  хынтә адунеи дачемпионуп, адунеи ачемпионатқәа рҿы ҩынтә аџьазтә медал иг

ахьеит, знык араӡнытә медал ианашьан, аспорт азҟазацәа рыбжьара ԥшьынтә Урыстәыла ачемпион, Урыстәыла Ахраҿеи Москва Ахраҿеи игахьеит, самбо азы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ ихыуп, «Ахьӡ-Аԥша аорден  III аҩаӡара акавалер. 

 

 


Read 338 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 12:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.