АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Цәыббра.2023

15 шықәса раԥхьа Урыстәылеи Аԥсни адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анрыбжьарҵаз амш   15 шықәса ахыҵит.  Аԥсны иҟоу раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩыс жьҭаарамза  24, 2008 шықәсазы дҟаҵан еицырдыруа урыстәылатәи адипломат Семион Григориев.  Ԥхынҷкәынмза 16 рзы Семион Григориев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь агәрагагатә шәҟәқәа ииҭеит.  

Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аусеицура азинтә шьаҭаны иҟоуп аҳәынҭқаррабжьаратәи ихадоу аиқәшаҳаҭрақәа ҩба:

Цәыббрамза 17, 2008 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи наҟ-ааҟтәи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Абҵарамза 24, 2014 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩа мҩаԥгаз Урыстәылатәи Афедерациеи Ареспублика Аԥсни рыбжьара аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы  Аиқәшаҳаҭра. 


Read 283 times - Асабша, 09 Цәыббра 2023 13:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.