Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә комиссиа Хада ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭаҩра аԥыхразы аӡбамҭа аднакылеит.
Цәыббрамза 8, 2023 шықәса рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара Араҟа абас еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит:
««Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәаараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаара ала ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ҩымз иамаз аҽҳәара иалагӡаны анапаҵыҩратә бӷьыцқәеи иахәҭоу егьырҭ аусшәҟәқәеи Алхратә комиссиа Хада ахь анагара ахьзалмыршаз инамаданы, «Ажәларзегьтәи абжьыҭара (ареферендум) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны, анапынҵақәа реизгара аанкылареи иарбоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭаҩра аԥыхреи ахәҭоуп».
Ԥхынгәымза 4, 2023 шықәсазы 2023 шықәсазы имҩаԥысыз Алхратә комиссиа Хада аилатәара аҿы ареферендум амҩаԥгаразы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара амҩаԥгара азҵаара иахәаԥшит. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахь «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡа иалхрақәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?» ҳәа азҵаарала ареферендум амҩаԥгаразы зеилазаара 36-ҩык рыла ишьақәгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагаларазы арзаҳал нашьҭхеит. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аилазаара зегьы еицҿакны аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалареи уи зыдгалара мҩаԥнаго азҵаара ареферендум ахь ацәыргареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит.