Атәылауаҩ Аик Шахламџьиан Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 158, ахәҭа 1, иара убас ахәҭаҷ 155, ахәҭа 3 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа ҟаиҵеит ҳәа дыгәҩароуп.
Игәҩароу Аик Шахламџьиан иусеилыргара хыркәшахаанӡа дҭакызаауеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшь аҳаблаҿы инхо Аик Шахламџьиан иганахьала Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рубарҭа аусеилыргаратә ҟәша еидкылоу ашьауӷатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеилыргара мҩаԥнагоит.
Аик Шахламџьиан Гагра ақалақь аҿы ааигәа иҟалаз арзаҳал алазҵаз лырҳәра азы дыгәҩароуп. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусзуҩцәа имҩаԥыргаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, ацәгьауаҩы деилкааны данкылахеит. Иӷьычыз аҭел имхуп.
Анаҩстәи аусеилыргара-оперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан ишышьақәыргылаз ала, Аик Шахламџьиан, ақьар аиура гәҭакыс иҟаҵаны Гагра ақалақь аҿы игылоу адәқьан аҩныҵҟа узлаҩнало ашә ԥҽны дыҩналеит, уаантәи уи иӷьичит аԥара, иџьбароу арыжәтә, иара убас аҭаҭын аалыҵқәа.