АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Цәыббра.2023

Апроект “Идырым аибашьҩы” аӡыргара мҩаԥысит аплатформа Гәыма аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апроект “Идырым аибашьҩы” аӡыргара мҩаԥысит аплатформа Гәыма аҿы. Уи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааиара агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазкхеит.

Апроект иаанарԥшуеит уаанӡа аинтервиу азымҭацыз, аибашьра ралахәра азы згәалашәарақәа еиҭазымҳәацыз  аибашьцәа рыҿцәажәарақәа.

Аԥхьа еизаз идырбан аинтервиу асериа зегьы аҿы еиҳа аинтерес зҵоу амоментқәа, анаҩс ахәаԥшцәа ирбеит «Леон» иорден занашьоу Андреи Малыиа иҭоурых иазку раԥхьатәи 20-минуҭ ирҭагӡоу афильм.

Иара убас еизаз рзы ицәыргақәҵан аветеранцәа рпортреттә фотосахьақәа.

Апроект автор, ажурналист Лана Абшьылаа апроект аԥҵара аидеиа шцәырҵыз атәы еиҭалҳәеит.  

«Ари аидеиа цәырҵит 2021 шықәсазы, усҟан сара насыԥны афотоконкурс «Абхазия в фокусе» алахәхаразы алшара соуит. Аконкурс етап-етапла еихшаны иҩаԥысуан, сара урҭ руак схы аласырхәит. Иара Аиааира Амш иазкын. Сара исыжәлантәу аибашьра аветеран Зураб Абшьылаа ифотосахьа ҭыхны, авидеожәабжькьаҿ ацны аконкурс ахь исышьҭит.  Сфотосахьа алыркааит, аиааирагьы сгеит.  Аха сгәы арҭынчуамызт аӡәырҩы аибашьцәа рыӡбахә ахьҳәам иахьа уажәраанӡа. Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра аламҭалазы сара уаанӡа идырымыз аибашьцәа злаху апроект амҩаԥгаразы сыгәҭакы анагӡара сыӡбеит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Лана Абшьылаа лажәақәа рыла, уи аҿы адгылара лынаҭеит амобилтә еимадара аоператор «А-Мобаил».

«Анаҩс апроект ацавтор Беслан Лагәлаа икомандеи ҳареи аусеицура ҳалагеит. Авидео-интервиу адагьы, аветеранцәа рпортреттә фото аԥҵаразы аидеиа ҳазцәырҵит, ари аусура анагӡара ихахьы игеит Беслан Лагәлаа. Ҳара 30 шықәса ирылагӡаны аибашьраҿы ралахәхара азы аӡәгьы изеиҭазымҳәацыз аветеранцәа рхаҭа иаҳзеиҭарҳәаз аҭоурыхқәа рыла 15 инарзынаԥшуа ажәабжьтә материал ҭаҳхит», - ҳәа илҳәеит лара.

Лана Абшьылаа, аԥхьанатә Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра аламҭалазы 30 жәабжьтә материал аиқәыршәара азԥхьагәаҭан, аха ари агәҭакы анагӡаразы аамҭа маҷын ҳәа иазгәалҭеит.  

Апроект рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи ахаҭарнакцәа.

Лана Абшьылаа, зегьы раасҭа иуадаҩыз аветеранцәа аинтервиу аҭаразы разаагара акәын ҳәа иазгәалҭеит.

«30 шықәса зхы еиҭазымҳәоз, аибашьратә хҭысқәа рзы згәалашәарақәа ауаа ирзеиҭазымҳәоз, аибашьраан ихигаз ауадаҩрақәеи агәырҩеи ахьааи згәаҵаҿы иҭаҵәахны измаз  ауаҩы ирцәажәара акыр иуадаҩын. Сара урҭ ари ҭоурыхуп, еиҵагыло абиԥара азы акыр аҵанакуеит, избан акәзар аҿар рфырхацәа хаҭала ирдыруазар ахәҭоуп ҳәа реилыркаара сҽазысшәонан. Сара хаҭала аихьӡарак аҳасабала сахәаԥшуеит Аиааира агара анаҩс 30-шықәса анҵы ашьҭахь  15-ҩык аветеранцәа гәаартыла рыҿцәажара ахьсылшаз», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.


Read 329 times - Асабша, 09 Цәыббра 2023 10:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.