
pressadmin-2
ТАМШЬ ИМҨАԤЫСУА АШАХМАТТӘ ТУРНИР АУСУРА ИАЦНАҴОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар хымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.
Раԥхьатәи ҩымш ирылагӡаны еицлабуан 9, 11,13 шықәса зхыҵуа қәратә категориақәа ирыҵанакуа аспортсмен ҿарацәа.
Амҽыша, жәабранмза 19 рзы аицлабрақәа мҩаԥысуан аиҳабацәа рыбжьара. Атурнир аӡбаҩ хада - Оҭар Хәырхәмал.
Атурнир ацашьа гәеиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи Афедералтә Округ ашахматқәа Рфедерациа апрезидент, жәларбжьаратәи арбитр Николаи Ширшиков.
Аԥснытәи аспорсменцәа рнаҩс атурнир рхы аладырхәуеит Урыстәыла - Москва, Татарсҭан, Чечентәыла, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп еицырдыруа агроссмеистерцәа, жәларбжьаратәи аспорт азҟазацәа.
Атурнир аартра иазкыз аофициалтә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Ныгәзар Ашәба, аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аветеранцәа рыбжьара асамбо азы изныкымкәа адунеи ачемпион Борис Багаҭелиа, Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Кубраа, акемпинг "Тамшь VILLAGE" адиректор Константин Новиков, аспорттә уаажәларра.
Атурнир алахәалацәа ирыдныҳәалеит ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.
АԤСНЫТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА КАРАТЕ КЕКУСИНКАИ АЗЫ ВОЛГОГРАДТӘИ АԤХЬАХӘГАРА «СТАЛИНГРАДСКАЯ БИТВА» АҞНЫ 15 МЕДАЛ РАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 18 – 20 рзы Волгоград ақалақь аҿы имҩаԥысуеит иаарту ачемпионати карате кекусинкаи азы Волгоградтәи аобласт аԥхьахәгареи «Сталинградская Битва» .
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Урыстәыла арегионқәа 9, иара убас Аԥсни рҟынтәи 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Аԥсны ахьӡала иқәгылоит 18-ҩык Агәыӡера аҳаблеи Очамчыра ақалақьи рҟынтәи Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа аҟәшақәа аспортсменцәа.
Аԥснытәи аспортсменцәа иранашьахеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа шааныркылаз азы 15 медал, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Агәыӡера аҳабла аҟынтәи Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа аҟәша аспортсменцәа ахьтәы медалқәа быжьбеи араӡны медалки ранашьахеит.
Актәи аҭыԥқәа ранашьахеит: Давид Аџьынџьал, Лера Џьалаӷониа, Роберт Карапетиан, Алеқсандра Павлова, Елина Глушкова, Руслан Карапетиани Арианна Мартиросиани.
АЛИК МИНАСИАН АԤСНЫ АЕРМАНЦӘА РЕИЛАЗААРА АХАНТӘАҨЫС ДАЛЫРХИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа акультура Аҩны аҿы Аԥсны аерманцәа Реилазаара аизара Ду мҩаԥысит.
Аизара Ду алагаанӡа аделегатцәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Амшхәаԥштә иалагалан азҵаарақәа ҩба: 3 шықәса ирылагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырбеи ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы иалхреи.
Аерманцәа Реилазаара аизара Ду ааиртит Ахеилак алахәыла Хачик Минасиан. Иара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы аԥхьаразы ажәа ииҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Афырхаҵа Галуст Трапизониан Аԥсны аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҿы ламысцқьала аус ауразы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҿы аерманцәа Реилазаара Аԥсны аҿиара, уи аҳәынҭқарратә шьақәгылашьеи атәылауаҩратәии амилаҭбжьаратәии аҳәоуеиқәшәареи рырӷәӷәареи аҿы алагала ду алоуп ҳәа иазгәаҭоуп.
Аԥсны аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы Галуст Трапизониан аиҿкаара аизара Дуқәа рыбжьара (2020 - 2022 шш.) аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит. Уи ҷыдала иазгәеиҭеит аиҿкаара аусура Аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәара ацхыраара аҭара раԥхьа иргыланы, есымша Аилазаара аԥҟаԥҵәа иарбоу ахыдҵақәа рынагӡара иазырхоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Уи еизаз иргәалаиршәеит аерманцәа реилазаара ахаҭарнакцәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аан аԥсуа жәлар ирывагыланы ишеибашьуаз. Аӡәырҩы аҳәынҭқарратә орденқәеи амедалқәеи ранашьоуп.
АШАХМАТТӘ ТУРНИР «АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE – 2023 Ш.» АҾЫ АҚӘРАТӘ КАТЕГОРИАҚӘА 13 ШЫҚӘСА ЗХЫМҴӠАЦИ 11 ШЫҚӘСА ЗХЫМҴӠАЦИ ИРЫҴАНАКУА РЫБЖЬАРА АИААИРА ЗГАЗ АЛКААХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар ҩымшуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМЫШ-VILLAGE – 2023» мҩаԥысуеижьҭеи.
Аҩбатәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи Татарсҭан Ареспубликеи рҟынтәи 60-ҩык инарзынаԥшуа 13-шықәса зхымҵӡац аспортсмен ҿарацәа.
13 - шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Нестор Багаҭелиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи – Арсени Пономарев (ақ. Славянск-на-Кубани), ахԥатәи – Аслан Хамидуллин (ақ. Казань).
13 – шықәса зхымҵӡац аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Алеқсандра Аҩӡба (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи – Николь Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахԥатәи – Алеқсандра Демуриа (ақ. Очамчыра).
11 – шықәса зхымҵӡац аҷкәынцәеи аӡӷабцәеиа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Актәи аҭыԥ – Дамир Ҳалуашь (ақ. Гәдоуҭа), Мадина Мабаракшина (ақ. Казань);
ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АОППОЗИЦИА АХАҬАРНАКЦӘЕИ АРАИОН АУААԤСЫРЕИ РЕИԤЫЛАРА.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь акультура Аҩны аҿы аоппозициатә паолитикатә мчрақәа рхадацәа иреиуоу, ауаажәларратә еидгылара «Аԥсны жәлар реиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынбеи араион ауааԥсыреи реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара Аԥсны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкын. Уи рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, араион анапхгара ахаҭарнакцәа, Гәдоуҭатәи араионтә Еизара адепутатцәа, атәыла ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩцәа.
Лықәгылара аҿы Леон иорден занашьоу Фениа Аҩӡба, Аԥсны апроблемақәа даара ирацәоуп, уимоу есааира ирыцлоит ҳәа иазгәалҭеит. Фениа Аҩӡба лажәақәа рыла, лара ауалафахәы ду даҳәаӡом, ианамуӡах ианаамҭоу алашареи аӡи ҟаларц ауп илҭаху.
Дәрыԥшь ақыҭа абыргцәа Рхеилак алахәыла Анатоли Тәанба, аиԥылара аҿы дықәгылауа, Аԥсны 30-шықәса раахыс ҩ-мчрак аҳра руеит – аоппозициеи атәыла анапхгареи, иаргьы урҭ еиԥшны дырзыҟәоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ахәқәа ессааира иазҳауеит. Атәыла аиҳабыра абылтәы адефицит ҟарҵеит, иара убри иахҟьаны иаалырҟьаны абылтәи ахьшьтәи рыхәқәа акыр иазҳаит. Ари уаанӡагьы имариамыз ажәлар рҭагылазаашьа акыр иаруадаҩит, еиҳа-еиҳа иӷархо иаауеит», - ҳәа иҳәеит Анатоли Тәанба.
Уи иара убас амаининг азҵаарагьы дазааҭгылеит. Иара иажәақәа рыла, амаининг «злаҽны» иҟоу аиҳарак ачынуаа роуп, иҟаз атәыла анапхгара ахаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны. Анатоли Тәанба иара убас Адгәыр Арӡынба атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс, аекономика аминистрс даныҟаз аамҭазы акриптовалиута арҳара дадгылон ҳәа иазгәеиҭеит.
Анатоли Тәанба адемографиа азҵаара далацәажәо атәыла аҿы ииз раасҭа иԥсқәаз рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара амедал занашьоу Валери Аршба абзеира аганахьала аиҭакрақәа ыҟаны ибом ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны ара еизаз шәаргьы ҳаргьы, Аԥсны инхо егьырҭ атәылауаа аӡәырҩи ҳарзыԥшын аекономика ареалтә сектор, асоциалтә усхкы уҳәа рҿы хра злоу аиҭакрақәа, истандартәым ареформақәа рыдкылара, иара убас атәыла аҩныҵҟа азинеиҿкаареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара», - ҳәа иҳәеит Валери Аршба.
Уи иажәақәа рыла иара ахаангьы аоппозициа аҿы дыҟаӡамызт.
«Сара есымша схатәы позициа сыман – уи азакәани азинеиҿкаареи роуп. Иахьа азин сымоуп схатәы гәаанагара аҳәара, избан акәзар ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дуӡӡа ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы сивагылан.
Уи еизаз иргәалаиршәеит ихьыԥшым Аԥсны даара ауадаҩрақәа ирылҵны шьаҿа-шьаҿала, еилыбгаз аекономика еиҭашьақәыргыло, асоциалтә ухкы шьҭыхуа, ихьыԥшым аполитикатә статус ахьчара алыршо ԥхьаҟа ишцоз.
Уи зегьы ахатәы мчқәеи аресурсқәеи рыла имҩаԥысуан.
СЕРГЕИ ШАМБА: УРЫСТӘЫЛА АГАНАХЬАЛА АԤСНЫ АХЬЫԤШЫМРА АЗХАҴАРА АИҬАХӘАԤШРА ЗАЛЫРШАХОМ».
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит ҳәа аинформациа ҟалеит.
«Жәабранмза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Мокваҟа дцеит. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҿы аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Уи инашьҭарххны, еиуеиԥшым иофициалтәым аинтернет-ресурқәа рҿы зхыԥхьаӡараҿы Аԥсны ыҟаз «аҳәынҭқаррақәак Урыстәылатәи Афедерациа атерриториа алалара ҟалар шалшо» азы аинформациатә дыррақәа рыларҵәара ҟалеит.
Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба «Аԥсны-иахьа» еиҭаз аинтервиу аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа ицара хықәкыс иамази аԥсны-урыстәылатәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара аперспективақәеи дрылацәажәеит.
«Арҭ адыррақәа зегьы иҟоуҵәҟьа аҭагылазаашьа акала еиԥшны иҟам. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ус ирыӡбаӡом: Аҳәынҭқарра Ахада дцан, ҳаргььы Урыстәылатәи Афедерациа аилазаара ҳалалеит. Уи аҩыза ҟалашьа аманы иҟам. Ҳара иҳамоуп ҳхатәы Конституциа, уи ари атема алацәажәарагьы алшара ҳанаҭаӡом. Уи моу, ас еиԥш азҵаара ақәыргылара азы ашьаустә хьырхәра (аҭакԥхықәра) азԥхьагәаҭоуп. Уи ҟалашьа змам усуп. Аҳәынҭқарра Ахада Москваҟа усуратә визитла дцеит, уи уаҟа иахьа Урыстәылатәи Афедерциа ашәарҭадара Ахеилак аҿы аиԥылара имоуп. Саргьы мышқәак рышьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак аҟынтәи сколлегацәа рԥылара азы уахь амҩа сықәлароуп. Ҳара еицынаҳагӡараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аплан аиқәыршәара аус адулара ҳаҿуп. Акызаҵәык, алацәажәарагьы ахаангьы ҳхы иаҳзаҭәамшьо уи ҳсуверенитет, ҳара ҳхьыԥшымра ацәыӡра атема ауп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ.
АЛХАС КӘЫҴНИА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ НИКАРАГУА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ ДЫЛԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы иҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ, аамҭак ала Аԥсны ацҳаражәҳәаҩысгьы иҟоу Альба Асусена Торрес Мехиеи еиԥылеит.
АУСУРА ИАЛАГЕИТ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ФЕСТИВАЛЬ “АԤСНЫ. ТАМШЬ-VILLAGE 2023».
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Тамшь ақыҭан 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуеит Жәларбжзьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМШЬ-VILLAGE 2023».
Афестиваль мҩаԥнагоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа. Убри аан адгылара ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Ишьақәырӷәӷәоуп Тамшь ақыҭа иалҵыз – Аԥсны Афырхацәа рыхьӡала аԥхьахәқәа.
Актәи амш азы атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи, иара убас Алада Урыстәыла арегионқәеи рҟынтәи 9-шықәса зхымҵыц 45 – ҩык ашахматасыҩ ҿарацәа.
Акемпинг «Тамыш-Village» аколлектив аицлабрақәа рымҩаԥгаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы раԥҵара алнаршеит. Ашахматасыҩцәа ахәмаррақәа рымҩаԥгаразы ирыздырхиеит иҭбааҭыцәу, иманшәалоу, аԥхара зыҩноу ауадақәа. Асоура шыҟазгьы, ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи даара ибзианы рхы рбоит, ргәалаҟазаарагьы бзиоуп.
УРЫСТӘЫЛА АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА МҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара инамаданы, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы, Москва ақалақь аҿы – мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы.
Аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аус зуа, иара убас Аԥсны аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аџьашықәс змоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазкуп, ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны.
Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.
АПРОКУРАТУРА ГЕННАДИ ГАДЕЛИА ИШЬРА АГАНАХЬАЛА АӠБАРҬА ИАДНАКЫЛАЗ АШЬАУӶАҚӘҴАРАТӘ ӠБАМҬА ИАЗАШШОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16, 2023 шықәса рзы Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбаҩ Белла Хасаиа лхантәаҩрала имҩаԥысыз аӡбарҭа аилатәара аҿы, 1968 шықәсазы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ииз, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан инхо Берулаа Альберт Сергеи-иԥа гәҭакыла ауаҩшьреи изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1, ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1) рзы ахара идҵан.
Альберт Берулаа ихарадҵа ала аусеилыргара хәыжәкырамза 11, 2022 шықәсазы ахәаԥшразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәҵахеит.
Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыхәаԥшра алҵшәақәа рыла, аӡбарҭа Альберт Берулаа ихьырхәра аҳасабала изалнахит ахараԥса ахшәаарада ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 7 шықәса ҭакрала ахгара.
Берулаа Альберт Сергеи-иԥа лаҵарамза 31, 2010 шықәсазы, 13 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Агәмаа имҩала иҟоу «Автомашьынатә маҭәахәқәа рџьармыкьа» иахьаҵанакуаз, 2007 шықәсазы ирыбжьалахьаз аимак-аиҿак иахҟьаны ииоуз амцабџьартә ахәрақәа рзы ашьоура игәы иҭакны заанаҵы еиқәиршәахьаз, зыхҭаларшә 9 мм. рҟынӡа инаӡо амцабџьар ала 1971 шықәсазы ииз атәылауаҩ Гаделиа Геннади Митиа-иԥа гәҭакыла диеихсны дахьишьыз азы иус ӡбоуп, ахарадҵагьы идҵоуп.
Геннади Гаделиа 7 ахы зылҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи ихи игәышԥи рганахьала 2 ахы злымҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи иоуит, урҭ ирыхҟьаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.
Ауаҩшьра аныҟаиҵа ашьҭахь, Берулава Альберт аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит. Уи иганахьала 11 шықәса ирылагӡаны, иаанкылара аналыршаха амш абҵарамза 12, 2021 шықәсанӡа аусԥшаара мҩаԥысуан.