
pressadmin-2
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АԤСНЫ ИАЗОУНАЖЬЫЗ АКВОТАҚӘА РЫЛА АҴАРАЗЫ АЗЫҲӘАМҬАҚӘА РАЛАҴАРА АҼҲӘАРА ИАЦҴОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәсанӡа иацҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны иазоужьхаз аквотақәа рыла аҵаразы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра.
Аквота ала аҵара зҭаху акандидатцәа «аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аҵарадырра» ҳәа асаит аҿы ашәҟәҭаҩра иахысыр ауп. https://education-in-russia.com.
Аконкурс алахәхара азы анкета харҭәаатәуп, иацҵатәуп ахатәы фотосахьа, атәылауаҩшәҟәи аҵарадырра азы аршаҳаҭгеи рыскан-хкьыԥхьқәа (мамзаргьы аҵара аамҭахәҭа азы адырранҵа).
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АӠБАРАТӘИ АБЖЬАҞАЗАРАТӘИ АӠБАМҬАҚӘА РАЗХАҴАРА АЗЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аеконоикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵара азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра иақәшаҳаҭхеит, иара убас уи аратификациа азура азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь анашьҭразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идгалара азы ақәҵара аднакылеит. Уи азы аусшәҟәы кьыԥхьхеит азинтә информациа азы аофициалтә интернет-портал аҿы.
«Рашәарамза 29, 2022 шықәсазы Санкт-Петербург ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аеконоикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵара азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәареи уи аратификациа азура азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь анашьҭразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идгалареи алыршазароуп ", - ҳәа иаҳәоит иарбоу Ақәҵара атекст аҟны.
ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА АНАПХГАРАТӘ ЕИЛАЗААРА АОПЕРАТИВТӘ ЕИЗГАРА.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа ирызкын жәабранмза 13 -17 рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгаратә еилазаара аоперативтә еизгара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аоперативтә еизгара ахь адыԥхьалара роуит Аԥсны атәылахьчареи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи аоперативтә еилазаара, амчратә структурақәа, ашәарҭадара Ахеилак ахаҭарнакцәа, иара убас атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәылацәеи.
ИХЫРКӘШАХЕИТ АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА РИҴА ИМҨАԤНАГОЗ АКОМАНДАҞАҴАРА-ШТАБТӘ ҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, жәабранмза 17 рзы ихыркәшахеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асыԥса алеира ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рынагӡареи» атема ала Риҵа имҩаԥнагоз акомплекстә акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.
Ахылаԥшырҭа аҿы Аԥсныпресс акорреспондент ирҭаз адыррақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхеит Аминистрра хаҭалатәи аилазаара аҟынтәи 50-ҩык, иара убас 15 цыра инарзынаԥшуа иҷыдоу атехника.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа аиҭеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, «аусмҩаԥгатә аилыргара» Аҟәа имҩаԥгахоит.
АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-БАЗА ЖӘЛАР РКОНГРЕСС ҬЫРҚӘТӘЫЛЕИ ШЬАМТӘЫЛЕИ ИҞАЛАЗ АДГЬЫЛҴЫСРА ИАХҞЬАНЫ ААХА ЗАУЗ РЗЫ АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА ДӘЫҚӘНАҴОИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Муса Еқьзеқь ихьӡала Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан ааха зауз рзы зыхәԥса 500 000 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо агуманитартә цхыраара дәықәҵахоит.
ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘ АЛА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АУСБАРҬА ХАДЕИ АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРЕИ РДЕЛЕГАЦИАҚӘА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Краснодартәи атәылаҿацә ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусбарҭа Хадеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рделегациақәа русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара иалахәыз анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа рхархәареи реикәыршара иадҳәалоу ацәгьоурақәа рыпрофилактикеи раартреи, иара убас амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагарақәа рфотовидеофиксациа апрограммақәа рхархәара аеффективра аизырҳареи рзы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
АЖУРНАЛ «ЗОЛОТОЙ ЧЕРВОНЕЦ» АҞНЫ ИКЬЫԤХЬХЕИТ АԤСНЫ АԤАРАҾЫРПҚӘА ИРЫЗКУ АМАТЕРИАЛ.
Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла анумизматикатә ҭыжьымҭа дуӡӡа «Золотой червонец» (№4, 2022 ш.) аҵыхәтәантәи аҭыжьра аҿы ф-цәаҳәак Аԥсны Абанк аԥараҿырпқәа ирызкхеит.
Арубрика «Адунеи аԥараҿырпқәа» аҟны ианылеит Аԥсны Абанк иазку астатиа. Уи аҟәшақәа рыла ишьақәгылоуп.
Аҟәша «Аԥсны аԥараҿырпқәа: атрадициақәеи ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи» рҿы Аԥсны иахьаҵанакуа аԥаратә еикәыршара аҭоурых инарҭбааны иалацәажәоит.
Аҟәаша «Аԥсны иналукааша ауаа: аклассикеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи», аформат «пьедфорт» ала иԥҟоу аԥараҿырпқәа «Искандер ифырхацәа» иазкуп. Асериа иаҵанакуа апараҽырпқәа зегьы ртехнологиеи рыԥҟара апроцесс амҩаԥысшьеи рзы инарҭбаау аҟазшьарбара ҟаҵоуп, иара убас иарбоу аԥараҿырпқәа равтор, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иҿцәажәарагьы ануп.
АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АНАУКА АҾИАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьопуеи, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәбеи Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Виачеслав Чыркба идикылеит.
Аԥсны аминистрцәа Реилазара аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, анаукатә еилазаара ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарра аганахьала анаукатә кадрқәа разыҟаҵареи афундаменталтә ахықәкытә ҭҵаарақәеи ахшыҩзышьҭа аҭареи афинанстәреи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рзы доусы ргәаанагарақәа рҳәеит.
АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА ГАГРА ИԤШААНЫ ИРЫМЫРХИТ АКЦИЗАТӘ ДЫРГАҚӘА ЗМАМЫЗ АҬАҬЫН ААЛЫҴ.
Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аусбарҭа аусзуҩцәа жәабранмза 14 рзы Гагра ақалақь аҿы ахәаахәҭратә обиект аҿы агәаҭара мҩаԥыргеит. Урҭ араҟа ирыԥшааит аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагарала Аԥсны аҳазылхратә территориаҟа иаагаз 105 аелектронтә сигарети 75 пачка акцизатә еизгара адыргақәа змамыз аколиан азы аҭаҭыни.
АФЕДЕРАЦИА АХЕИЛАК АҾЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЏЬАШЫҚӘС АҨГАНКТӘИ АЗХАҴАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ИРЫБЖЬАРҴАЗ АИҚӘШАҲАҬРА АРАТИФИКАЦИА АЗЫРУИТ.
Аҟәа. Жабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак аҿы аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы, Москва ақалақь аҿы - мшаԥымза 5, 2021 шықәса рзы.
Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.
Уажәазы, азакәан апроект аусдулаҩцәа ишазгәарҭо ала, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьашықәс ҳасаб арабара азԥхьагәаҭаӡам.