АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Жәабран.2023

ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА ГӘДОУҬА АРАИОН АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА АҞНЫ АНҬЫҴТӘИ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба жәабранмза 21 рзы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟны анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.

Амилициа аиҳабы Зосма Гыцба 2022 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы аҟәша аусзуҩцәа инарыгӡаз аусура азы адырра ҟаиҵеит.

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны, Гәдоуҭа араион аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 111 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 97.  Иҳаҩсыз ашықәс азы ашәҟәы иҭагалахеит 85 цәгьоура, иаартуп 72. 2022 шықәсазы араион аҿы уаҩшьрак ҟалеит, амшлагарак, атәым мазара аӷьычра иадҳәалоу ахҭысқәа 19, атәым мазара ампыҵакра азы 3-қәыларак, ахулинганра иадҳәалоу хҭыск, изакәанымкәа абџьар аныҟәгареи аҵәахреи ирыдҳәалоу афактқәа - 22, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа - 43. Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа рыла 127 дыррақәа, урҭ рахьынтә 40 усеилыргара хацыркхеит. 2022 шықәса иалагӡаны аҭҵаара аҟәша ахь инашьҭхеит  66 дырра, урҭ рыла 48 усеилырақәа хацыркхеит.

Зосма Гыцба аоперативтә маҵзурақәа русура атәы еиҭеиҳәеит.

«Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы ҳара 38-ҩык рганахьала ашьаусԥшаара мҩаԥаагеит, урҭ рахьынтә шықәсык ала иаанкылахеит хәҩык. Хабарда ибжьаӡыз 38-ҩык рҟынтәи  7-ҩык рыԥшаара алыршахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Зосма Гыцба.  

Шықәсык ала амилициа аусзуҩцәа аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә Усбарҭа ахь инаргеит 615-ҩык,  урҭ рахьынтә 160-ҩык – анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы ишыҟаз иаанкылахеит, 89-ҩык – ацәгьора аҟаҵаразы игәҩараны иаанкылахеит.

Аминистр Вальтер Быҭәба иарбоу ахырхарҭа ала аусура рӷәӷәатәуп ҳәа иазгәеиҭеит: 

«Сара шәара шәҟынтәи еиҳаны аихьӡарақәа сырзыԥшуп. Ашьаусԥшаара иаҵанакуа ауаа маҷны иаанкылоуп. Жәаҳәарада, атәыла ааныжьны ацара иахьӡазгьы ыҟоуп, аха имаҷымкәа аҿаҩа қыҭақәеи аҳаблақәеи, аламала уаҩы иахьиҿырхасырҭам аҭыԥқәеи рҿы рцәыҵәахны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит аминистр.  

Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы Гәдоуҭа араион ауаажәларратә шәарҭадара амилициа ала ишьақәыргылахеит 268 административтә пкаанҵақәа, урҭ рахьынтә 162 апаспорттә режим аилагара азы,  16 – уи аҟара зҵазымкуа ахулиганра азы, 3 – изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара азы.

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы иҟалеит ҳәа ашәҟәы иҭагалахеит 48 амҩа-транспорттә амашыр хҭыс, урҭ рҿы иҭахеит 12-ҩык.

Шықәсык ала Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа рыла иаарԥшхеит 6 152 инарзынаԥшуа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа, урҭ рахьынтә 505 –  ижәны автомашьына аԥсҟы акра иадҳәалоуп. 340-ҩык амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рымхуп.  

Вальтер Быҭәба араион аҿы акриптовалиута арҳара азы афермақәа раарԥшра азы имҩаԥысуа аусура арӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит. Уи иара убас ауааԥсыра аҭынч ԥсҭазаараҿы ахархәаразы ирымоу рабџьар ашәҟәҭагалара аҿы ацхыраара рыҭара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.  

Иара убас, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа уажәы иҟоу хаҭалатәи аилазаара – егьырҭ амилициа араионтә ҟәшақәа рзы иҿырԥшыганы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ашьаусԥшаара – ари, амилициа зегьы злашьақәгыло ауп, шәара даара ибзианы аус зуа Ашьаусԥшаара аилазаара шәымоуп. Аха уеизгьы, урҭ иахьа иаҳдырбо алҵшәақәа ас еиԥш иҟоу хаҭалатәи аилазаара азы иазхоны иҟам. Шәара акоманда шьахә еиқәыршәаны ишәымоуп, аха аусура аиҿкаара еиҳа еиӷьзаргьы ҟалон», - ҳәа иҳәеит Вальтер Быҭәба.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәшеи русеицура ахәшьара бзиа аиҭеит.       

 

 


Read 203 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.