АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Москватәи Аԥсуа Диаспора» анапхгараҭара ахантәаҩы Беслан Агрба Иира Амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалара атекст аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Беслан Радион-иԥа! Шәира Амш инамаданы ишәыдышәкыл сара сҟынтәи гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара.

Москватәи Аԥсуа Диаспора напхгара аҭо, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла иаҳасабала, Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ҳаҭырла  Аԥсны жәлар ркультуреи рытрадициақәеи рӡыргара мҩаԥыжәгоит.  

Шәара шәзанааҭдырра ҳаракы, шәымч-шәылша, хаҭала хра злоу шәҟазшьа аҷыдарақәа дарбанызаалак аԥсуа изы иҿырԥшыганы иҟоуп.

Агәыҳалалра, анаука, аҟазара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, уҳәа аусхкқәа рыҿиара хатәгәаԥхарала адгылара аҭареи агәыҳалалра аарԥшреи рганахьала Шәара шықәы рацәа инеиԥынкыланы инашәыгӡо аусура Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлари анапхгареи даара пату ақәырҵоит.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҟабарда-Болкариатәи аделегациа идикылеит.

Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ҟабарда-Балкариатәи арегионалтә уаажәларратә еиҿкаара «1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Ҭемыр Шарданови Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рыҭҵаара ацентр «Абаза» анапхгаҩы Владимир Пшинокови реиԥылара.

Асасцәа Аслан Бжьаниа ҳамҭас ирҭеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Коков ихьӡала  – ҷыдала Аԥсны Ахада изы инапылаҟаҵароу ахраҿа. Аслан Бжьаниа ҳаҭырла аҳамҭа иҭабуп ахҳәааны, ҞБА Ахадеи иареи реибадырреи реиԥылареи ааигәа имҩаԥысраны ишыҟоу иҳәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә унитартә Наплакы «Арго-Инвест» аҳҭнықалақь аҿы аинформациатә ҿхышәқәа хԥа шьақәнаргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аинформациатә ҿхышә ацхыраарала атуристцәа аҳҭнықалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа рбареи аԥсшьаразы аҭыԥ алхреи рзы хазхаҭала Аҟәа ақалақь ала рмаршрут ашьақәыргылара рылшоит. Аҭыԥ ԥшӡарақәа рсиеи урҭ ирызку адыррақәа рыҭареи рнаҩс еекскурсиа амҩаԥгаразы аелектронтә хархәага ақалақь аҭоурых, акультура, еиҳа изҭаауа акаҳуажәырҭақәеи акрыфарҭақәеи, иара убас ақьафурҭақәеи атуристтә базақәеи рҭыӡҭыԥқәеи рфотосахьақеи, уҳәа ирацәаны хра злоу аинформациеи рыҭаразы алшара амоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит  «Арго-Инвест».

Ахәаша, 24 Хәажәкыр 2023 10:50

АРАКЬЫЧ АҚЫҬАН ИБЛИТ АШКОЛ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 23 азы Аракьыч ақыҭан амца акит абжьаратәи ашкол.

Амашәыр шыҟалаз азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭа ахь иҟалеит 21 сааҭи 55 минуҭи рзы.   Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы ианнеиз аламҭалазы ашкол ахыбра зегьы амца акхьан, уи ахыбгьы еилабгахьан. Аҩбатәи аихагыла зегьы амца акхьан.

Амцарцаҩцәа ражәақәа рыла, амца ирласны амҽханакра зыхҟьаз иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы иргылаз ари ахыбра аҩныҵҟа амҿы иалхны иҟаз адашьмақәеи аихагылеиҩкаагақәеи роуп. Амца арцәара иалахәын Очамчыра, Гәылрыԥшь, Аҟәантәи иааз амцарцәаратә гәыԥқәа 6.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21,  2023 шықәсазы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны, Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсаррақәеи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура аиҿкаара иазку анормативтә шәҟәынҵақәа Аԥсны аԥсабарахьчаратә Закәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара азы усуратә гәыԥ аԥҵоуп.

Аусуратә гәыԥ аҿаԥхьа дҵаны иқәгылоуп амилаҭтә парки аҳәарԥсаррақәеи рзы аԥҟаррақәеи аҳәаақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы атәыла Анапхгара ашәҟәынҵақәа рыпроектқәа реиқәыршәара.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны имҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи  Урыстәылатәи Афедерациеи Рырбџьармчқәа еицынарыгӡо арра-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа. Арратә ҽазыҟаҵарақәа атәылахьчаратә ҟазшьа рымоуп, Аԥсны ашәарҭадара аиқәыршәара иазырхоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рырбџьармчқәа еицынарыгӡо арратә хысрақәа зцу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа аибашьратә хықәкы анагӡараҿы арратә дыррақәа рыҩаӡара аизырҳара иазкуп.

Иарбоу арратә ҽазыҟаҵарақәа аамҭак ала ахысырҭақәа зегьы рҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аделегациа идикылеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Нхыҵкавказтәи афедералтә Университет азиндырратә Институт адиректор Дмитри Смирнов, уи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Жукови Нхыҵкавказтәи афедералтә Университет жәларбжьаратәи аусеицура азы Аусбарҭа жәларбжьаратәи апроектқәеи апрограммақәеи рыҟәша адиректор Владимир Самоиленкои.

Инал Габлиеи уи ихаҭыԥуаҩ  Ада Кәарҷелиеи Нхыҵкавказтәи афедералтә Университет аделегациа ахаҭарнакцәа ирыҿцәажәо аҵарадырреи анаукеи Рцентр Аԥсны аартра азҵаара иалацәажәеит.

Аиԥылара аҿы Ацентр аартра азы иазԥхьагәаҭоу арыцхә алкаахеит.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аминистр иазгәеиҭеит: «Аҵарадырреи анаукеи Рцентр араҟа аартра Аԥсны аҵарадырра асистема аҿиара аҭоурых аҿы иалукааша хҭысны иҟалоит.  Уажәы ҳара ари аусура анагӡара азы аҭакԥхықәра здыло ауаа алаҳкаауеит. Иара убас ҳара ари ацентр ашьаҭала еицтәараны шәара аус шәыцызуло Урыстәылатәи аҵара Академиа аартра азԥхьагәаҳҭоит».

Аҵаррадырреи анаукеи Рцентр аспецифика атәы далацәажәо, Дмитри Смирнов иҳәеит:

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи  Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵараҟны, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рыҟны илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара ианашьазааит Лавров Сергеи Виктор-иԥа», — аҳәоит 2023 шықәса хәажәкырамза 21 азы Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаҩыз Аусԥҟа аҟны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ иԥылара мҩаԥигеит.

Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Николаи Патрушеви Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа  ирҭагӡаны ҩ-ҳәынҭқарратә рмилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.   

Иара убас, аганқәа ашәарҭадара ахеилакқәа раппаратқәа рыбжьара амчратә хылаԥшырҭақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура арӷәӷәара азы аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәазҭо 2023-2024 шш. аусеицура аплан анапаҵыҩра мҩаԥыргеит.   

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 аиҭакрақәа аларгалеит.

Изакәанымкәа, аҳақьым иабжьгарада  анаркотикатә, ма арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рхархәара (амарихуана, мамзаргьы гашиш ҳәа изышьҭоу уахь иналамҵакәа), иара убас амедицинатә еилкаара мап ацәкра азы  3-мыш ирҭагӡаны административтә хьырқәра ақәыршәара азԥхьагәаҭоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.